16 шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Топчиан Армен, аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Багаҭелиа Нестор, ахԥатәи аҭыԥ – Георгиан Георги.
16 шықәса зхымҵыц аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Лакоба Сариа, аҩбатәи аҭыԥ – Гәынба Лана, ахԥатәи аҭыԥ – Смыр Мирра.
Аветеранцәа рыбжьара аиааира игеит Миносиан Сергеи, аҩбатәи аҭыԥ – Пак Леонид, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит– Ҭыжәба Константин.
Атурнир аиҿкаара рхахьы иргеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны ашахматқәа Рфедерациеи.
Аицлабрақәа рыӡбаҩ хада – Хәырхәмал Оҭар.