Аҟәа. Абҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи уи алҵшьазы иҟаҵатәууи рзы Аԥсныпресс азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
– Аслан Гьаргь-иԥа, Шәара шәгәаанагарала атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас иамоузеи?
– Аслан Бжьаниа: «Рҽеишьа змам ҳәа макьаназы акгьы ҟамлаӡеит. Зегьы ҳҿаанкыланы, апауза ганы цқьа ҳхәыцроуп. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас иҟоу еилкаауп, уи ыҟоуп. Араҟа шәарҭарас иҟоу, ҳара ҳҳәынҭқарра ҳцәыӡыр ахьалшо ауп.
Сара исҳәарц исҭахузеи, аҭагылазаашьа алҵшьас иҟоу еилкаауп ҳәа анысҳәо? Сара иҟасҵаз ажәалагала, даҽазныкгьы еиҭаҟасҵар сылшоит.
Ари ажәалагала ҵакыс иамоу уи ауп: апротест мҩаԥызго ауаа иааныркылаз анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанрыжьроуп, уи ашьҭахь Аҳәынҭқарра Ахадеи Жәлар Реизара-Апарламенти рыла иахәҭоу анормативтә актқәа рыдкылахоит. Ҿыц алхрақәа рымҩаԥгара рылаҳәахоит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имаҵуратә зинмчы ааныжьреи Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иаҳасабала алхрақәа рылахәхареи дазхиоуп.
Аганқәа иааҟәымҵӡакәа ажәлар ргәаанагара ахь азхьарԥш ҟаҵо иқәгылоит, ҳтәылауаа рыдгылара рымоуп ҳәа аҳәамҭақәа ҟарҵоит. Иарбоу азҵаараҿы зегьы аҭыԥ иқәзыргыло алхрақәа роуп. Алхрақәа иаҳдырбоит милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарра Ахадас ирбарц ирҭаху. Абас еиԥш ауп сара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас избогьы. Макьана уи ҳхы иаҳархәар ҟалоит.
Сара ҳтәылауаа рахь ааԥхьара ҟасҵоит ахшыҩзышьҭра арҭарц исҳәо зегьы.
Ҳаҭыр зқәу сџьынџьуаа, апровакациақәа шәыҽрылашәымгалан. Изакәаным, зинда имҩаԥырго амитингқәа шәхы рылашәмырхәын. Ҳара уажәы уи ҳҭахӡам. Уажәы ҳтәыла ҳанахӡыӡааша, Ҳаԥсадгьыл анаҳахьчаша аамҭа шьақәгыланы иҟоуп. Уи ашәарҭара иҭагылоуп. Ас еиԥш иуадаҩу аҭагылазаашьа аҿы иҟалеит ҳ-Аԥсадгьыл аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара зҽазызшәаз ауаа ирыхҟьаны. Макьаназы зегьы аҭыԥ иқәаҳҵартә еиԥш аамҭа ҳамоуп. Абас ала сара актәи азҵаара аҭак ҟасҵоит».
– Иаҳҳәап, апротекст ҟазҵо ауаа анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс ааныжьра мап ацәыркыр, усҟан атәыла анапхгара уснагӡатәқәас иҟанаҵо арбан?
– Апроблема цәырҵыр уи аӡбарагьы ҳалҳаршоит. Аусура цоит, абжьацәажәарахь иадыԥхьалоуп ауаажәларратә усзуҩцәа, аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа, аԥышәеи ақәреи змоу ауаа, Аԥсны апатриотцәа. Ҳара ахычҳара ҳамоуп, ҳааԥшып. Макьаназы аус ааулоит иарбоу ахырхарҭа ала.
– Иҟоу аҭагылазаашьа аҿы раԥхьа иргыланы иарбан хыдҵақәоу атәыла анапхгара аҿаԥхьа иқәыргылоу?
– Ишыжәдыруа еиԥш, уажәы ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа ҳҭагылоуп. Зегьы аштаттә режим ала аус аулароуп – азеиԥшҵараиурҭатә усбарҭақәеи амедицинатә усбарҭақәеи, арбџьармчқәа рҭагылазаашьа ахылаԥшра амазароуп, ауааԥсыра афымцамч ала реиқәыршәара алыршазароуп. Арҭи егьырҭ азҵаарақәеи атәыла анапхгара иаӡбалароуп, уи иарбоу ахырхарҭала аус ауеит. Аха, анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанызкылаз ауаа ирыхҟьаны, иарбоу азҵаарақәа рыӡбара еиҳа иуадаҩхашт.
Ас ишцо ицар, хара имгакәа ҳтәыла ауааԥсыра афымцамч ада иаанхар алшоит. Уи ибзианы еилаҳкаауазароуп. Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, абри еилышәкаарц аҳәара ҟасҵоит. Ҳтәылаҿы иахьа алашара 4 сааҭк идырцәоит. Ҳара иарбоу аграфик ҳачҳаратәы ҳаҟоуп. Уаҵәы, иарбоу аҭагылазаашьақәа рыла аграфик ашьҭыхра акыр иуадаҩхар алшоит. Убри аҟнытә даҽазныкгьы аҳәара ҟасҵоит шәара шәахь, апровакациақәа шәыҽрылашәымгалан.
– Иҟалаз ахҭыс ишԥаныԥшуеи ҳаԥхьаҟа Аԥсны Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа?
– Сара Аԥсны атәылауаа рахь схы рханы исҳәарц сҭахуп, сыбжьы заҳауа зегьы шәахь, урыстәылатәи аган апозициа хшызышьҭрала иҭышәҵаа. Иарбоу азҵааразы урыстәылатәи амассатә информациа ахархәагақәа рҿы ирыҩуазеи?
Жәаҳәарада, аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара зҽазызшәаз ауаа руснагӡатәқәа Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа иацхраауа иҟам, аиашазы. Иаҳгәалаҳаршәап иҟалаз зегьы хыҵхырҭас иамаз. Иаҳгәалаҳаршәап Урыстәыла уаҳа зда ҳамам ҳастратегиатә партниорны ишыҟоу. Иаҳхамышҭуазароуп Урыстәылантәи иҳауа ацхыраара атәы.
Ауаа урыстәылатәи абираҟқәа кны амитинг ахь иааит, уи анаҩс массала аилаҩынтрахь ииасит. Ари гьангьашроуп. Шәахәаԥш урҭ рахьынтә џьоукы-џьоукы Урыстәылеи уи анапхгареи ишрыхцәажәо. Ари аҩыза аиезуиттә знеишьа ҟалашьа амамзароуп, аӡәгьы идикыларангьы дыҟам.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, сара даара сақәгәыӷуеит шәара аиашеи аиашамреи шеилшәырго. Ҳара Урыстәылеи ҳареи ҳаидгылара ҳацныҟәалароуп. Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарада, уи агәрагарада ҳхатәы ҳәынҭқарра аргылара даараӡа иуадаҩхоит. Ҳара арегион аҿы аҭынчра ашьақәыргылара алҳаршароуп. Ишәдыруама Қырҭтәылеи ҳареи иахьа уажәраанӡа аҭынчразы аиқәшаҳаҭра ҳшабжьам. Ҳара даараӡа ирацәаны апроблемақәа ҳамоуп, урҭ рыӡбарагьы ҳалагоит, иагьыҳаӡбоит Урыстәылатәи Афедерациа адгыларала мацара. Иахьа имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳара даараӡа иаҳԥырхагоуп, Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа ирԥырхагоуп. Уи аҩыза ҟамлароуп. Сара исҭахуп ҳтәылауаа убри атәы рдыруазарц.
Ҳаҭыр зқәу аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, аруаа, аҵаҩцәа, астудентцәа, ҳаҭыр зқәу аинтеллигенциа ахаҭарнкацәа, аҳәара ҟасҵоит шәара шәахь, хыхь исҳәаз зегьы шәхаҿы иаажәгарц. Ҳара ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп. Ҳара ауаа бзиақәеи урыстәылатәи аҳәынҭқарреи рыдгылара ҳҭахуп. Ари зда ԥсыхәа ыҟам усуп.