Аиԥылара рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа: Л. Ашәба, А. Аршба, Ф. Аҩӡба, А. Миносиан, Р. Аиба, Д. Гогиа, Ауаажәларратә Палата алахәылацәа: С. Џьынџьал, Р. Ҳашыг, Т. Қецба, Е. Агәмаа, Н. Хапат.
17.Абҵара.2024
Ауаажәларратә Палата аусуратә гәыԥ атәыла анапхгареи аоппозициеи рыбжьара абжьаҟазара мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 17 рзы Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟаз гәыԥҩык адепутутцәа Сократ Џьынџьал напхгара зиҭо Ацуаажәларратә Палата аусуратә гәыԥ алахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара аҿы ауаажәларра-политикатә кризис аҭышәынтәалара азы абжьаҟазаратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны еицынагӡахо ауснагӡатәқәа ркоординациа амҩаԥгара азҵаарақәа ирылацәажәеит.