Аҟәа. Абҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны амсылманцәа Иаку рдоуҳатә Напхгараҭара ахантәаҩы, амыфҭы Ҭемыр Ӡыба ауаажәларра рыҩныҵҟа иҟалаз аполитикатә еиҿагылара аибарххара инамаданы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
«Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, Аԥсны жәлар зегьы! Зегь зымчу Аллаҳ илԥха игәыԥха шәымазааит зегьы!
Иахьа аполитикатә еиҿагылара акабинетқәа рҟынтәи адәахьы ииасит, уи ауаажәларра рҿы асоциалтә еибарххара цәырнагеит. Жәаҳәарада ари ахҭыс агәҭынчымра узцәырнамгар залшом.
Еиҿагылоу аганқәа рнапхгаҩцәа рахь схы рханы ихадоу азҵаарақәа зегьы рыла иҿыцу аиҿцәажәаратә процесс хацдыркырц, ахарахәыцра аарԥшны адәахьтәи аидысларақәеи аилаҩынтреи рҟынӡа инарымгарц, иааизакны Ареспублика аҿы аҭагылазаашьа аибарххарахь ицәырырымгарц азы аҳәара ҟасҵоит.
Акциа алахәылацәа рахь схы рханы исҳәарц сҭахуп – ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳара жәларык ҳауп, тәылак ҳатәуп, ҳҭоурых акоуп, ҳазҭагылоу аамҭеи ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥши акоуп, Зегь иаҳхылаԥшуа, Зегь зымчу Анцәа заҵәык дҳамоуп. Ҳтәылаҿы дарбанызаалак атәылауаҩ, динс иныҟәиго, милаҭла дзеиуоу, аполитикатә хырхарҭа имоу иадҳәаламкәа иҭагылазаашьа маншәалазароуп, изинқәеи ишәарҭадареи хьчазароуп.
Иаашәырԥшы ахачҳара, ахарахәыцра, аҟәыӷара, иҟоу азҵаарақәа зегьы ҭынчмҩала рыӡбара алыршахартә еиԥш.
Зегьзымчу сиҳәоит ҳажәлар аилаҩынтреи ахьаацәгьеи иацәыихьчарц, ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәирхара алиршарц.