«Апациентцәа иахәҭоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп, дара уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа иахәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭахоит. Амедицинатә усбарҭақәа зегьы абжьааԥнытәи арежим ала аус руеит. Иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра хаҭала Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа иҟынӡа иназгоит», – ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
16.Абҵара.2024
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Жәлар Реизара-Апарламент ахыбра аҿаԥхьа иҟалаз аидысларақәа раан ааха зауз дырҭааит.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьыжь, абҵарамза 16 рзы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едурд Быҭәба абҵарамза 15 рзы анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҿаԥхьа иҟалаз аидысларақәа раан ааха зауз дырҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аминистр апациентцәа ргәабзиара аҭагылазаашьа азы адырра ирҭеит. Зынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа рыманы ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада иадҵаалеит 14-ҩык атәылауаа. Зегьы иахәҭоу амбулатортә еиԥш астационартә медицинатә цхыраара роуит.