Аҟәа. Абҵарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мызқәак рыҩныҵҟа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа апрофильтә структурақәа рахь Ԥсоуи-Егри еимаздо ареспубликатә амашьына мҩаду иахьаҵанакуа, аиҳарак Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭахь узлабжьало амҩа аҿы иԥсабаратәым амҩатә ԥынгылақәа рышьақәыргыларазы изныкымкәа аҳәара ҟанаҵахьан. Аха, Автоҳәынҭинспекциа ахада иҟаиҵаз адыррақәа рыла, урҭ зхьаԥшрада иаанханы иҟоуп иахьа уажәраанӡа.
«Ҳара иацы еиҭа амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс иахҟьаны иҟалаз атрагедиа ҳбеит. Уаҟа иҭахеит ҩыџьа арԥарцәа. Ари иарбоу амҩа ахәҭа аҿы ҩы-шықәса рыла шьҭа 12-тәи амҩатә машәыр ауп. Урҭ рҿы иҭахахьеит жәҩык ҳара ҳтәылауаа.
Ҳара ас еиԥш иҟоу астатистика аҽарнаалара, гәхьаас амкра азин ҳамаӡам. Ас еиԥш иҟоу амҩа ахәҭа аҿы амашьынарныҟәцаҩцәа хра злоу анырра рызҭо иҟоу акызаҵәык ауп – «ишьҭоу полицеиски» ҳәа изышьҭоу иԥсабаратәым амҩатә ԥынгылақәа рышьҭаҵара.
Ҳара изныкымкәа Аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥснымҩа» ахь амҩа аҩганк рыла иԥсабаратәым аԥынгылақәа рышьақәыргылара ахымԥадатәра азы ашәҟәқәа ҩны идәықәаҳҵахьеит.
Сара иисзеилкаауам уи зызку, аха иарбоу азҵаараҿы аилкаара ҳмоуӡеит. Иазгәасҭарц сҭахуп, иарбоу аҭагылазаашьа аҽарнаалара ҟалашьа аманы иҟаӡам. Хара имгакәа ҳара Аацытәи аихаҵәырҭа аҿы аҩганк рыла иԥсабаратәым амҩатә ԥынгылақәа шьақәҳаргылараны ҳаҟоуп. Ҳара ҳзы ари азҵаара аԥсреи аԥсҭазаареи ирыдҳәалоу акыр зҵазкуа зҵаароуп!
Иарбоу аусмҩаԥгатә абиуџьет азы изакәызаалак уадаҩра аҵаны иҟам. Сара аҭыԥантәи абизнесуаҩ сиацәажәеит, уи иарбоу аус афинансыркра дақәшаҳаҭхеит», - ҳәа иҳәеит Дамеи Аҩӡба.