Ԥхынҷкәынмза, 1993 шықәса инаркны рашәарамза 27, 1996 шықәса рҟынӡа Ареспублика Аԥсны апрокуратура Хада аусеилыргаратә Усбарҭа амаҵураҭыԥ аҿы аус иуан. Ареспублика Аԥсны 27.06.1996 шықәса аҟынтәи Идҵа №44 инақәыршәаны Гәылрыԥшь араион апрокурорс дҟаҵоуп. Жәабранмза, 1998 шықәса рзы иара ианашьахеит «аиустициа абжьгаҩ еиҳабы» ҳәа акласстә чын.
Рашәарамза, 2001 шықәса рзы аҩбатәи Аконституциатә ҽҳәарала Гәылрыԥшь араион апрокурорс дҟаҵан. Рашәарамза 28, 2005 шықәса рзы Беслан Колбаиа Аҟәа ақалақь Аусӡбарҭа ахантәаҩыс дҟаҵан.
Мшаԥымза 1, 2011 шықәса рзы Беслан Алеқсандр-иԥа Колбаиа ҳаҭыр зқәу ԥхьатәара дцеит.
Беслан Алеқсандр-иԥа дҭаацәаран, иԥҳацәа хҩык рҟынтәи ҩыџьа раб ишьҭрақәланы қәҿиарала азиндырҩцәас аус руеит.
Рашәарамза 8, 2012 шықәса рзы Беслан Алеқсандр-иԥа иԥсҭазаара далҵит, аха уи иколлегацәа ргәалашәара аҿы згәы ҳалалу, ацхыраара аҭара есымша иазхиоу, аиаша иадгыло, аламыс змоу уаҩны даанхеит. Уи игәалашәара лаша изааигәоу ауаа, иуацәеи иҭынхацәеи аус ицызуаз иколлегацәеи наунагӡа ргәаҵаҿы иаанхоит.