Абесалом Кәарҷиа атәыла анапхгара ахьӡара адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит. Иара иахьа ажәлар ракзара иашьаҭаны иҟоу атрадициатә беиарақәа ӷәӷәала аԥышәарақәа ирхысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Апринципқәеи атрадициақәеи рышьаҭа ашьақәҟьара мрагыаратәи апоп-культура анырра ала имҩаԥысуеит», – ҳәа иԥхьаӡоит иара.
Абесалом Кәаарҷиа, аԥснытәии урыстәылатәии аекспертцәа еицхырааны аҭаацәа ринститут арӷәӷәара азы аӡбамҭақәа рыԥшаара рҽазыршәалоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиҭеит атәылақәа рыбжьара аусеицура Урыстәылеи Аԥсни руааԥсыра еицырзеиԥшу атрадициатә беиарақәа шьаҭаны ишрымоу.
«Ари даара акраҵанакуеит, иахьатәи ҳаамҭаз, зегь раԥхьа иргыланы, Мраҭашәара ҳажәларқәа зынӡа ирыцәтәыму адоуҳатәи аморалтәи абеиарақәа ианрыднагало. Аԥсны ауааԥсыра реиҳараҩык қьырсианцәоуп, иҟоуп аԥсылмантә дин ныҟәызгогьы, аха арҭ аҩ-динкгьы рҿы ӷәӷәала абарҭ аҿыцлагаларақәа мап рцәыркуеит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба аконференциа атема актуалра аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит, еиҳаракгьы уи Урыстәыла «аҭаацәара ашықәс» ҳәа иԥхьаӡоу 2024 шықәсазы иахьымҩаԥысуа.
«Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин атрадициатәи адоуҳатәи малқәа реиқәырхаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уа иарбоуп 17 рҟынӡа урыстәылатәи амилаҭтә традициақәеи, аетноси, ацивилизациеи реиқәырхаразы ихадоу апринципқәа. Ари акраҵанакуеит Урыстәыла мацараз акәымкәа, адунеи ажәларқәа зегьы рызгьы, избан акәзар ҳара абарҭ амалқәа, абеиарақәа ӷәӷәала аԥышәара ианаҵадыргыло аамҭазы ҳанхоит» - ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.
Аусмҩаԥгатә аҟны иалацәажәеит аԥсуаа ауаажәларра ашьаҭа аҳасабала рыцхраараҿы иҟоу ауадаҩрақәа – аҭаацәара рырӷәӷәара, рыхьчара.
Аконференциа алахәылацәа ирылацәажәеит абарҭ азҵаарақәа:
– аԥсуаа ауаажәларра ашьаҭа аҳасабала иҟоу ауадаҩрақәа – аҭаацәара ацхыраара рыҭара, рырӷәӷәара, рыхьчара.
– атрадициатә ҭаацәаратә малқәа рыхьчара, ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы рроль аизырҳара, аҭаацәараҿи ауаажәларраҿи анреи абреи раҳаҭыр аизырҳара.
– аҭаацәаратә бзабаа ахьчара, ахшаараиура аизырҳара, аилыҵрақәа рырмаҷра.
Аконференциа алахәылацәа «итрадициатәу аҭаацәаратә беиарақәа» ралкаарала аҳәынҭқарратә демографиатә политика ашьақәыргылара, ахәыҷқәа змоу аҭаацәа адгылара рыҭара аганахьала егьырҭ атәылақәа рԥышәа аҭҵаара афункциарацәа змоу аҭаацәаратә центр аԥҵареи асоциалтә ҳақәа рҿы аҭаацәара иаԥырхагоу аконтент аларҵәара аҿагылареи рзы ажәалагала ҟарҵеит.
Ҩымш имҩаԥысло аконференциа рхы аладырхәуеит Шьамтәыла Белоруссиа, Узбекьысҭан, Аахыҵ Уԥстәыла Ҟазахсҭан Бырзентәыла Ермантәыла, Нхыҵ Кавказ ареспублиақәа, уҳәа Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рҟынтәи асоциал-культуратә проектқәа реиҿкааҩцәа.
«Москва Аҩны» аҿы имҩаԥысыз апленартә еилатәара ашьҭахь аконференциа алахәылацәа ишьҭыхыз азҵаарақәа инарҭбааны рылацәажәара азы асекциақәа рыла рҽеихыршеит.