Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 25 рзы Аԥсны раԥхьаӡа акәны иазгәарҭоит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа Рымш. Ари аныҳәа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ила ишьақәырӷәӷәоуп.
Аныҳәатә еизара алагара аламҭалазы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахатәы еилазаара 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашраҿы иҭахази рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахази рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аветеранцәа ирыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура Дмитри Дбар, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа рбираҟ ацәыргареи Аҳәынҭқарратә гимн арҳәаралеи иалагеит.
Аныҳәатә еизара иалахәыз иддырбеит ҷыдала уи азы иҭыхыз аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәеи урҭ Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы рлагалеи иазкын.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аветеранцәа аныҳәа рыдиныҳәалеит.
«Ҳара ҳветеранцәа – иуадаҩу аԥсҭазааратә маҩа ианысыз зымчи зылшареи зегьы ацәгьоура аҿагылара иазызкыз ауаа роуп. Иахьа ҳара ҳаиҳабацәа, ҳколлегацәа еиҵагыло аусзуҩцәа рабиԥара реиҵааӡара аҿы рлагала дууп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы ирацәоуп афырхацәа, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз, иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭа азы акыр зааԥсара дуу амилициа аусзуҩцәа. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам зыԥсадгьыл ахҭынҵаны ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш зыхьчаз», – ҳәа иҳәеит Роберт Киут.
Иҭахаз рҩызцәа игыланы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.
Роберт Киут аԥсуа милициа 100 шықәса инареиҳаны иахыҵуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аус руеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа, урҭ русуратә ԥышәа апрофессионализми афицартә ахьӡ-аԥшеи рҿырԥшны иҟоуп, – ҳәа иҳәеит аминистр. – Ҳара аветеранцәа рыла ишьаҭаркыз хра злоу атрадициақәа наҳагӡоит, уи иаҳуалԥшьаны иҳаԥхьаӡоит».
Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аҩныҵҟатәи асқәа русбарҭақәа аветеранцәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжанаиа иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.
«Ари аныҳәа аԥҵара акы зҵазкуа, аамҭа иақәшәо усны исыԥхаӡоит. Ҳара иаҳуалԥшьоуп зыԥсҭазаара зегьы ацәгьоура аҿагылареи азакәанра ашьақәырӷәӷәареи ирзызкыз аветеранцәа ҳаҭырқәҵарала рызныҟәара», – ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәа Рхеилак ахантәаҩы, ԥхьатәара иҟоу амилициа аполковник Владимир Џьынџьал Аԥсны раԥхьаӡа акәны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа Рамш азгәарҭоит ҳәа гәахәарыла иазгәеиҭеит. Иара аветеранцәа зегьы аныҳәа рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, ашықәснҵыра ду, аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
Владимир Џьынџьал Аԥсны амилициа ашьақәгылара аҭоурых ихадоу апеириодқәа дырзааҭгылеит, иара убас Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветерантә еиҿкаара аусура далацәажәеит.
Иахьа Аԥсны иҟоуп 1500-ҩык инареиҳаны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа.
Аԥснытәи аветеранцәа адныҳәаларатә цҳамҭа рзааишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ-астатс-маӡаныҟәгаҩ Игорь Зубов.
«Ишәыдышәкыл Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа Рымш инамаданы сара сҟынтәи гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара. Ари азанааҭтә ныҳәа ажәлар ргәалашәареи ацәгьоура иаҿагыланы азинеиҿкаара ашьақәыргылара иазааԥсоз ҳаиҳабацәа рабиԥара ҳаҭырқәҵарала рызныҟәареи урҭ рылшамҭақәеи рџьабааи аилкаареи иасимволны иҟоуп.
Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа ирзеиӷьасшьоит раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, ашықәснҵыра ду, аизҳазыӷьара», – ҳәа иазгәаҭоуп Игорь Зубов иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәа – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра алахәылацәа Рассоциациа ахантәаҩы, ԥхьатәара иҟоу амилициа аполковник Аслан Дгьебиа аибашьра аан аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчаразы зхы иамеигӡаз аветеранцәа дрыхцәажәеит.
«Аибашьраҿы иҭахеит 41-ҩык, 72-ҩык аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахеит. 28-ҩык аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аусзуҩцәа «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵан, урҭ рахьынтә 8-ҩык аибашьраҿы иҭахеит, 7-ҩык рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан. 62-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 113-ҩык – «Агәамшәаразы» аорден ранашьоуп. 392-ҩык аибашьра иалахәыз амилициа аусзуҩцәа рҟынтәи 203-ҩык аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп», – ҳәа иҳәеит Аслан Дгьебиа.
Аԥснытәи рколлегацәа рзанааҭтә ныҳәа рыдырныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветерантә еиҿаарақәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы. Ахәҭакахьала, дара «Аԥснытәи амилициа 100 шықәса ахыҵра» ранашьахеит.