Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адҵаҟаҵаҩ Хада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа ала, Қырҭтәыла Апарламент ахь имҩаԥысуа алхрақәа инарымаданы, аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы ашәарҭадара ауснагӡатәқәа рӷәӷәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.
Гал араион ахь инашьҭуп Аԥсны амчратә структурақәа иҷыдоу аҟәшеиҵақәа.
Аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ахылаԥшра арҭоит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Кәычбериа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Рашь Ҵәыџьба.