pressadmin-2
“Аҟәатәи амарафон” 600-ҩык рҟынӡа рхы аладырхәраны иҟоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 26 – 27 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы раԥхьаӡа акәны имҩаԥгахоит «Аҟәатәи амарафон». Уи рхы аладырхәраны иҟоуп Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахсҭан рҟынтәи 600 - ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.
Аҟәатәи амарафон ахәыҷтәы еиԥхныҩлара жьҭаарамза 26, 2024 шықәса рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы имҩаԥысуеит.
Аҩрақәа реихшанҵа:
Асааҭ 15:40 рзы – абаҩрҵәыра аҟаҵара;
Асааҭ 16:00 – 16:10 рзы – 5 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа уахь иналаҵаны рзы 500 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа ала аҩра;
Асааҭ 16:10 – 16:20 рзы – 6 – 9 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы 1 км. рҟынӡа инаӡо адистанциа ала аҩра;
Асааҭ 16:20 – 16:30 рзы – 10 - 13 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы 1 км. рҟынӡа инаӡо адистанциа ала аҩра;
Асааҭ 16:45 рзы – 6-9, 10-13 шықәса зхыҵуа акатегориа иаҵанакуа рыбжьара аиааирақәеи аԥхьахәқәеи згаз аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥгахоит.
Здистанциа ала қәҿиарала афиниш аҟынӡа инаӡаз ахәыҷқәа зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьахоит.
6-9, 10-13 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааирақәеи аԥхьахәқәеи згаз иҷыдоу аҳамҭақәа ранашьахоит.
Аиҳабацәа реиԥхныҩлара мҩаԥгахоит жьҭаарамза 27 рзы.
Аҩрақәа реихшанҵа:
Асааҭ 07:00 рзы – астарт-фиништә қалақь аартра, аҽыԥсахырҭақәеи аҵәахырҭа акамерақәеи русура алагара;
Асааҭ 08:30 рзы – 5 км. рҟынӡа инаӡо адистанциа ахь астарт;
Асааҭ 09:10 рзы – 42,2 км., 21,1 км. рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рахь аҩрақәа рыстарт.
Адистанциақәа рымҩасра азы иазоужьу аамҭа алимитқәа:
42,2 км. – 6 сааҭ;
21,1 км. – 3 сааҭки 50 минуҭи;
5 км. – 50 минуҭ.
Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа:
Асааҭ 09:40 рзы – 5 км. рҟынӡа инаӡо адистанциа ала абсолиуттә аԥхьахәгара аҿы аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара;
Асааҭ 12:30 рзы – 42.2 км., 21 км. рҟынӡа инаӡо адистанциа ала абсолиуттә аԥхьахәгара аҿы аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара;
Аспорттә еиԥхныҩларақәа рнаҩс амарафон алахәылацәеи асасцәеи ирзыԥшуп инарҭбаау акультуратә программа: амузыка, акәашарақәа, амилаҭтә крыфареи аҩыҟаҵареи ирызку афестивальқәа. Амарафон уи алахәылацәа атрасса аҿы аспорттә мчқәа рԥышәара адагьы ибеиоу Аԥсны атрадициақәеи акультуреи рдунеи аҽагәылахалара азы алшарақәа рзаԥнаҵоит.
Аҩрақәа рлахәылацәа астарттә номерқәа рызшара:
Ахәаша, жьҭаарамза 25 рзы – асааҭ 11:00 инаркны асааҭ 20:00 рҟынӡа;
асабша, жьҭаарамза 26 рзы – асааҭ 10:00 инаркны асааҭ 19:00 рҟынӡа;
амҽыша, жьҭаарамза 27 рзы – асааҭ 07:00 инаркны асааҭ 08:00 рҟынӡа.
Амарафон амҩаԥгара аҭыԥ: Пушкин имҩа №1, Б. Шьынқәба ихьӡ зху апарк.
Абџьар азы азакәан аиҭакрақәа ралагалара азҵаара иахәаԥшхоит ааигәа имҩаысраны иҟоу Апарламент асессиа аиатәараҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 25 рзы имҩаԥысыз атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы «Абџьар азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект иалацәажәеит.
Азакәан апроект авторцәа амаҵзуратә бџьар аикәыршаразы анормақәа реиӷьтәреи рхарҭәаареи рзы ажәалагала ҟарҵоит.
«Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рмаҵурауааи аиуристтә хаҿқәа русзуҩцәеи амаҵзуратә бџьар аныҟәгара, амазаара, ахархәара амаҵзуратә уалԥшьақәа рынагӡараан мацара азы азин рыҭареи иарбоу ахаҿқәа азакәан ала ирыдҵоу аԥхықәрақәа рсиа ахарҭәаареи, иара убас Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә Банки акредиттә еиҿкаарақәеи амаҵзуратә бџьар аахәареи ахархәареи рзы азин рыҭареи рзы абжьгара ҟаҵоуп», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Адепутатцәа еицҿакны иарбоу азакәан апроект ахәаԥшреи актәи аԥхьараҿы адкылареи рзы иааиуа Апарламент асессиа аилатәара ахь ацәыргаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Геннади Аламиа: агазеҭ «Аидгылара» ианылоз аҟынтәи ирацәаны иахьагьы актуалра аҵоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Аманда Касланӡиа, Манана Гәыргәылиа/. 35 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза 25, 1989 шықәса рзы ҩ-бызшәак рыла, аԥсышәалеи аурыс бызшәалеи иҭыҵуа иалагеит Аԥсны Жәлар Рфорум агазеҭқәа – «Аидгылара», «Единение». Агазеҭ «Аидгылара» аредактор хадас дҟалеит Геннади Аламиа, агазеҭ «Единение» аредактор хадас – Николаи Џьонуа. Урҭ ркандидатурақәа шьақәырӷәӷәахеит жәабранмза 3, 1990 шықәса рзы имҩаԥысыз Афорум II Аизара Ду аҿы. Агазеҭқәа рҭыжьры шымҩаԥысуаз атәы Аԥсныпресс акорреспондентцәа дрыҿцәажәо еиҭеиҳәеит апоет, Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет – Апарламент актәи ааԥхьара адепутут, еицырдыруа ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара аорден акавалер Геннади Аламиа. Иара иазгәеиҭеит ари амш Аԥсны Жәлар Рфорум «Аидгылара» џьара акала иадҳәалаз зегьы рзы акыр зҵазкуаз мны ишыҟалаз.
«1988 шықәса рзы еиҿкаан жәлар рфорум "Аидгылара". Анаҩс ацәажәарақәа цон афорум иҭнажьуа акьыԥхьтә хархәагақәа ыҟамзар ада ԥсыхәа ыҟам ҳәа. Уажәы аинтернет ала иҟауҵалак ауеит, ахақәиҭра ыҟоуп, аха усҟантәи аамҭазы аофицалтә ҭыжьымҭақәас иҟаз зегьы ҳара иаҳҿагылан. Аԥсны иҭыҵуаз акьыԥхь, аԥсуаа ишаҳҭахызҵәҟьа, иахәҭаны иаҳаԥхьаӡоз инҭкааны ианаҳзымҳәоз аамҭан усҟан. «Аидгылара» ажәлар ҳәаақәызҵоз, хырхарҭак рыманы рхықәкахьы инеирцаз еидызкылоз акакәны еиҿкаан. Афорум ахаҭа ус иҟан, уи аҭыжьымҭагьы ус иҟалар акәын. Усҟантәи аамҭазы акьыԥхь абжьы мгар иаҳҳәоз зегьы аофициалла изеԥштә усны изыҟалаӡомызт… Усҟан даара имариамыз аамҭан, Аԥсны ҩаԥхьа аԥҭа еиқәаԥәақәа ахаԥо иалагеит. Аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы изныкымкәа убас еиԥш аҭагылазаашьақәа шьақәгылон, ажәлар рҽеидкыланы, рымчкәа зегьы ааизганы, аӡәк еиԥш еидгыланы мацара арыцҳара ацәцара анрылшоз. Убас, 70-тəи ашықəсқəа ранҵəамҭазы, 80-тəи ашықəсқəа рылагамҭазы аҭагылазаашьа даара ихьанҭан. 1977-1978 шықәсқәа рзы Асовет Еидгыла маҷк иаҳхаҵгылан, ажурналқəа роума, ателехəаԥшра аума, ауниверситет аума иҟарҵаз рацəоуп, аха «ҳашьцəа» иҳанарыжьуамызт, иааҟəымҵӡакəа аҳəынҵəа ҳақəҭəара иаҿын. Иҭыҵуаз дара ргазеҭқəа ирнылоз иаԥхьоз рхы еиланагон, изамыԥхьоз ртəы хазуп», - ҳəа иазгəеиҭоит Геннади Аламиа.
Усҟантəи аамҭазы аизарақəа мҩаԥысуан, афорум «Аидгылара» аус ауан, иҟазар акəын иара аҿахəы зҳəоз акьыԥхьтə ҭыжьымҭақəа, ус азырыӡбеит Афорум апрезидиум аҟны. Убри инақəыршəаны ҩ-газеҭк аԥсышəалеи урысшəалеи иҭыҵуа рыӡбеит. Агазеҭ аԥсуа варианти аурыс варианти аамҭакала иҭыҵуан, аха урҭ ирнылоз аматериалқәа акакәӡамызт. «Ҳара зны-зынла «Единение» аҟынтә аматериалк еиҭаганы ҳгазеҭ адаҟьақәа рҿы ианаҳкьыԥхьуазгьы ыҟан. Даргьы убасҵәҟьа аԥсышәала иҩыз аматериал аурысшәахь еиҭаганы ианырҵар алшон. Ҳара ҳаибахарҭәаауан, избан акәзар ҳнапы злакыз уск акәын, ҳусура ҳәажәлар рымаҵ аура, урҭ ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азықәԥара иазкын. Ҳхықәкы хаданы иҟаз аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчара ауп. Уи ахьынӡаҳалшаз ахәшьара азҭаша ҳара ҳакәӡам, уи ажәлар роуп изылшо», – ҳәа иҳәеит Геннади Аламиа.
«Иаагозар, ҳара агазеҭ аномерқәа Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет аҿы ирзаҳшон, даара ирацәаны азхьаԥшрагьы аиуит уи. Исҳәар сылшоит уи аредакциа аколлектив зегьы шаку изыбзоуроу. Агазеҭ даара ароль ду нанагӡеит иҟоу аҭагылазаашьа аилыркаареи ажәлар реидкылареи рҿы. Ҳара имаҷымкәа аҭоурыхтә материалқәа ҳкьыԥхьуан, ҳҭоурых «имаӡаз» адаҟьақәагьы уахь иналаҵаны. Ауаа аиаша рызнагатәын. Аофициоз араҟа хәарҭа аманы иҟамызт», – ҳәа иҳәеит Геннади Аламиа.
Геннади Аламиа иажәақәа рыла, аԥсуаа ирхарахазеи дара ианаамҭаз гәаартыла Мраҭашәарантәи Қырҭтәыла аҟынтәи ахҵәацәа здызкылаз, рчеиџьыка рнапы иқәыргыланы ирԥылазар, ирылшоз ала ирыцхраауазҭгьы, иҟалазеи нас аамҭақәак рышьҭахь асасцәа аԥшәымара аанкыланы, Аԥсны аԥсуара иаҵанакуа зегьы мап рцәыркуа, уимоу, аԥсуа идгьыл имаркуа изалагазеи ҳәа азҵаарақәа рызцәырҵуа иалагеит. Ҳара арҭ азҵаарақәеи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак аԥшаара ҳҽазаҳшәон. Уи аҭоурых азы адагьы, еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәа рызгьы акырӡа аанагон», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Геннади Аламиа.
Иара ишазгәеиҭаз ала, Аԥсны Жәлар рфоруми уи акьыԥхьтә органқәеи Аԥсны жәлар риааира идеологиала иазыҟарҵеит. «Ҳара иара убас идеологиала Нхыҵ Кавказ ажәларқәа – арыцҳара ду ҳанақәшәа ацхырааразы иаҳзааз ҳашьцәа реидгылара азы иҳалҳаршаз маҷӡам. Сара есныгь исҳәоит, уи зыбзоуроу Нхыҵ Кавказҟа ицаны аиашьаратә жәларқәа рахь Аԥсны ацхырааразы ааԥхьара ҟазҵаз аӡәы, ҩыџьа хҩык ракәӡам изыбзоуроу. Уи жәаҳәарада, аидеологиатә усура иалҵшәоуп, аха раԥхьа иргыланы ишырҳәо еиԥш «ашьа амала аҽанардыруаеит», ҳашьцәа шьала-дала ҳаидызкыло еилкааны рыжәҩахыр еибыҭа иҳавагылеит. Уи ауп зегьы ирыцку. Нхыҵ Кавказ ажәларқәа аиашьаратә жәларқәоуп, аха доусы рхатәы ҭоурых, иҷыдоу атрадициақәа, аҵасқәа рымоуп. Иԥшаатәын убас акы зегьы еидызкылоз, Аԥсныҟа ацхырааразы иаартә еиԥш агәазыҳәара рызҭашаз. Уи даара иуадаҩын, араҟа ароль ду нарыгӡеит афорумтәи агазеҭқәа рҿы апубликациақәа, аиҳарак урысшәала иҭыҵуаз акьыԥхьә ҭыжьымҭақәа», – ҳәа иҳәеит Геннади Аламиа. Жәаҳәарада, урысшәала иҭыҵуаз агазеҭ «Единение» аԥхьаратә аудиториа ду аман, иара Нхыҵ Кавказгьы, Москвеи. Жәлар рфорум агазеҭқәа рҿы икьыԥхьыз аматериалқәа Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы иҟаз егьырҭ аҭыжьымҭақәа рҿы еиҭаркьыԥхуан.
«Иахьа ҳажәлар Жәлар рфоруми аџьынџьтәылатәи еибашьра аамҭақәа рзы еиԥшҵәҟьа аидгылара рҭахуп. Аҳәынҭқарра аргылара — ари аибашьра аасҭа акала имариам, акыр аҵак ду зҵоу усуп. Аиҳарак уажәы, адунеи аҿы аиҭакра ӷәӷәақәа анымҩаԥсыуа аамҭазы, ӷәӷәала амчқәа реиҭаҽеихшара анымҩаԥысуа аамҭазы. Аидгылара аҭахуп ари уажәы-уажәы зҽеиҭазкуа адунеи аҿы уаламӡырц азы. Сара агәра ганы сыҟоуп иахьагьы ҳара «Аидгылара», «Единение» реиԥш иҟоу агазеҭқәа шаҳҭаху», – ҳәа иҳәеит Геннади Аламиа. Иара дрықәшаҳаҭӡам иахьа аинтернет аҟазаара инамаданы акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа уи аҟара азхьаԥшра рыҭатәӡам ҳәа зҳәо. Агазеҭтә публикациақәа равторцәа игәаларшәо, Геннади Аламиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, «ихадоу авторцәаны иҳаман иналукааша аҵарауаа, аполитикцәа, зыуаажәлар ираҳәатәу атәы шахәла издыруаз ауаа, загәра ргоз, згәаанагара иазыӡырҩуаз, Аԥсны иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи – 90-тәи ашықәсқәа рзы аҭыԥ змаз иуадаҩыз, ԥсыхәа змам аҭагылазаашьақәа ралҵшьазы авариантқәа рыдгалара зылшоз ауаа».
Аԥсны аҵарауаа ҿарацәа аҩбатәи рфорум аатит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ақыҭанхамҩатә Институти Аботаникатә баҳчеи рконференц-зал аҟны имҩаԥысит Аԥсны аҵарауаа ҿарацәа аҩбатәи рфорум аартра иадҳәалаз аныҳәатә церемониа.
Афорум аартра ацеремониа ихы алаирхәыит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.
Афорум аҿы аҵарауаа ҿарацәеи аспирантцәеи агуманитартә, асоциалтә, ауаажәларратә, афизика-математикатә, амедицина-биологиатә ҭҵаарадыррақәа рганахь ала русумҭақәа цәырыргоит.
Афорум аартра ацеремониа аҿы раԥхьа ажәа иҭан Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа. Уи ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа атәыла анаукатә потенциал аҿиаразы иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Автоматизациа зызу еиҭамҵуа амазара акадастр-информациатә система ахархәаразы ихиоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла аекономикатә ҿиара Аминистрра ахаҭарнакцәа Аҳәынҭқарратә кадастртә Палата иаҭааит. Урыстәылатәи аделегациа ахада, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач дицын Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Аԥснынтәи Курсктәи аобласть ахь инеит 30 тонн агуманиатртә цхыраара.
Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснынтәи Курсктәи аобласть ахь идәықәҵаз агуманитартә цхыраара иарбоу урыстәылатәи арегион ахаҭарнакцәа ирыҭоуп. 30 тонна рҟынӡа инаӡо афатә аалыҵқәа, аԥатлыкақәа ирҭоу аӡрыжәтә, ахатәы гигиена ахархәагақәа, уҳәа рыла еилоу агуманитартә цхыраара украинатәи арбџьармчқәа рқәылара аҟынтәи ааха зауз Курсктәи аобласть ауааԥсыра рзы еизыргеит хазхаҭалатәи ауааи аиуристтә хаҿқәеи, иара убас ареспублика аҿы аус зуа еиуеиԥшым анаплакқәеи аиҿкаарақәеи.
Агуманитартә еидара иацны ицаз Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминстр Лев Кәыҵниа аобласть Анапхгараҭара ахаҭарнакцәа дырԥылеит, ахәҭакахьала, аобласть Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Горбунов. Иара Курсктәи аобласть агубернатор Алеқсеи Смирнови арегион ауааԥсыреи рыхьӡала Аԥсны анапхгареи ауааԥсыреи иҟарҵаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
Жьҭаарамза 24 рзы – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, жьҭаарамза 24 рзы иазгәарҭоит Еиду Амилаҭқәа Реиҿаара Амш.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН – аԥс. ЕАР) – жәларбжьаратәи аиҿкаара, иаԥҵан жәларбжьаратәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәареи рыдгылареи, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аҿиареи аусеицуреи рзы. Аҵыхәтәантәи адунеитә еибашьреи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥҵареи ашықәс еиқәшәоит, арҭ аҩхҭыск ҟалеит Жьҭаарамза 24, 1945 шықәсазы. Усҟан Сан-Франциско еизеит ҩынҩажәи жәаба тәыла рхаҭарнакцәа, иҷыдоу аиҿкаара аԥырҵарц хықәкыс иҟаҵаны. Ари аконференциа Думбартон-Окс имҩаԥысыз аиԥылара иалҵшәахеит – усҟан Британиаду, Китаи, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Асовет Еидгыла рхаҭарнакцәа ажәалагалақәа ҟарҵеит ари аиҿкаара Аԥҟаԥҵәазы. Думбартон-Окс аиԥылара мҩаԥысуан 1944 шықәса мшаԥымза инаркны жьҭаарамзанӡа, рашәарамза 26 рзы аԥҟаԥҵәа рнапы аҵарҩит 50 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа. Ари амш иагьыԥхьаӡоуп Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥҵара иамшны. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥҵара мзызс иаман даҽа адунеизегьтәи еибашьрак алмыршара, актәии аҩбатәии адунеизегьтәи аибашьрақәа раан еиԥш ауаарацәа рҭархара алмыршаразы.
Усҟан Аконференциа аҿы иалахәымыз Польша уи анапаҵаҩра мҩаԥнагеит ԥыҭраамҭак ашьҭахь, иара убри ала Аиҿкаара 51-тәи алахәыла-ҳәынҭқарраны иҟалеит.
32 шықәса раԥхьа ақырҭуа гвардеиццәы аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аԥсуаҭҵааратә Инситути рыблит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 32 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза 22 рзы, ақырҭуа гвардеиццәа Аԥснытәи архив Хадеи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи анаука-ҭҵааратә Институти рыблит. Аԥсны архив Хада ацәыӡқәа акыр идуун. XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжа инаркны Аԥсны иҭыҵуаз агазеҭқәа, ашәҟәқәа, афондқәеи архивтә материалқәеи зегьы аиҭашьақәыргылара алымшо иблит.
Атуристтә дәыӷба «Риҵа» Аҟәаҟа иааит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә дәыӷба «Риҵа» ашьыжь шаанӡа, жьҭаараза 22 рзы Аҟәатәи авокзал ахь инеит. Асасцәа ирԥылеит амилаҭтә кәашарақәеи ачеиџыкеи рыла.
Адәыӷба иацуп ҳаамҭа иақәшәо 19 вагон, аресторан-вагони, аҽыкәабарҭа вагони уахь иналаҵаны. Иара убас апассаџьырцәа ргәы иаамыхәар залымшеит араҟа иҟоу асауна зцу СПА-вагонгьы. Апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара – 150-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Атуристтә дәыӷба Москва – Новороссиск – Ростов-на-Дону – Шәача – Гагра – Аҟәа амаршрут ала жьҭаараза 18 рзы амҩа иқәлеит.








