АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жьҭаара.2024

Геннади Аламиа: агазеҭ «Аидгылара» ианылоз аҟынтәи ирацәаны иахьагьы актуалра аҵоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Аманда Касланӡиа, Манана Гәыргәылиа/.  35 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза  25, 1989 шықәса рзы ҩ-бызшәак рыла, аԥсышәалеи аурыс бызшәалеи иҭыҵуа иалагеит Аԥсны Жәлар Рфорум агазеҭқәа – «Аидгылара», «Единение». Агазеҭ «Аидгылара» аредактор хадас дҟалеит Геннади Аламиа, агазеҭ «Единение» аредактор хадас – Николаи Џьонуа. Урҭ ркандидатурақәа шьақәырӷәӷәахеит жәабранмза 3, 1990 шықәса рзы имҩаԥысыз Афорум  II Аизара Ду аҿы. Агазеҭқәа рҭыжьры шымҩаԥысуаз атәы Аԥсныпресс акорреспондентцәа дрыҿцәажәо еиҭеиҳәеит апоет, Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет – Апарламент актәи ааԥхьара адепутут, еицырдыруа ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара аорден акавалер Геннади Аламиа. Иара иазгәеиҭеит ари амш Аԥсны Жәлар Рфорум «Аидгылара» џьара акала иадҳәалаз зегьы рзы акыр зҵазкуаз мны ишыҟалаз.

«1988 шықәса рзы еиҿкаан жәлар рфорум "Аидгылара". Анаҩс ацәажәарақәа цон афорум иҭнажьуа акьыԥхьтә хархәагақәа ыҟамзар ада ԥсыхәа ыҟам ҳәа. Уажәы аинтернет ала иҟауҵалак ауеит, ахақәиҭра ыҟоуп, аха усҟантәи аамҭазы аофицалтә ҭыжьымҭақәас иҟаз зегьы ҳара иаҳҿагылан. Аԥсны иҭыҵуаз акьыԥхь, аԥсуаа ишаҳҭахызҵәҟьа, иахәҭаны иаҳаԥхьаӡоз инҭкааны ианаҳзымҳәоз аамҭан усҟан. «Аидгылара» ажәлар ҳәаақәызҵоз, хырхарҭак рыманы рхықәкахьы инеирцаз еидызкылоз акакәны еиҿкаан. Афорум ахаҭа ус иҟан, уи аҭыжьымҭагьы ус иҟалар акәын. Усҟантәи аамҭазы акьыԥхь абжьы мгар иаҳҳәоз зегьы аофициалла изеԥштә усны изыҟалаӡомызт… Усҟан даара имариамыз аамҭан, Аԥсны ҩаԥхьа аԥҭа еиқәаԥәақәа ахаԥо иалагеит. Аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы изныкымкәа убас еиԥш аҭагылазаашьақәа шьақәгылон, ажәлар рҽеидкыланы, рымчкәа зегьы ааизганы, аӡәк еиԥш еидгыланы мацара арыцҳара ацәцара анрылшоз. Убас, 70-тəи ашықəсқəа ранҵəамҭазы, 80-тəи ашықəсқəа рылагамҭазы аҭагылазаашьа даара ихьанҭан. 1977-1978 шықәсқәа рзы Асовет Еидгыла маҷк иаҳхаҵгылан, ажурналқəа роума, ателехəаԥшра аума, ауниверситет аума иҟарҵаз рацəоуп, аха «ҳашьцəа» иҳанарыжьуамызт, иааҟəымҵӡакəа аҳəынҵəа ҳақəҭəара иаҿын. Иҭыҵуаз дара ргазеҭқəа ирнылоз иаԥхьоз рхы еиланагон, изамыԥхьоз ртəы хазуп», - ҳəа иазгəеиҭоит Геннади Аламиа.

Усҟантəи аамҭазы аизарақəа мҩаԥысуан, афорум «Аидгылара» аус ауан, иҟазар акəын иара аҿахəы зҳəоз акьыԥхьтə ҭыжьымҭақəа, ус азырыӡбеит Афорум апрезидиум аҟны. Убри инақəыршəаны ҩ-газеҭк аԥсышəалеи урысшəалеи иҭыҵуа рыӡбеит. Агазеҭ аԥсуа варианти аурыс варианти аамҭакала иҭыҵуан, аха урҭ ирнылоз аматериалқәа акакәӡамызт. «Ҳара зны-зынла «Единение» аҟынтә аматериалк еиҭаганы ҳгазеҭ адаҟьақәа рҿы ианаҳкьыԥхьуазгьы ыҟан. Даргьы убасҵәҟьа аԥсышәала иҩыз  аматериал аурысшәахь еиҭаганы ианырҵар алшон. Ҳара ҳаибахарҭәаауан, избан акәзар ҳнапы злакыз уск акәын, ҳусура ҳәажәлар рымаҵ аура, урҭ ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азықәԥара иазкын. Ҳхықәкы хаданы иҟаз аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчара ауп. Уи ахьынӡаҳалшаз ахәшьара азҭаша ҳара ҳакәӡам, уи ажәлар роуп изылшо», – ҳәа иҳәеит Геннади Аламиа.

«Иаагозар, ҳара агазеҭ аномерқәа Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет аҿы ирзаҳшон, даара ирацәаны азхьаԥшрагьы аиуит уи.  Исҳәар сылшоит уи аредакциа аколлектив зегьы шаку изыбзоуроу. Агазеҭ даара ароль ду нанагӡеит иҟоу аҭагылазаашьа аилыркаареи ажәлар реидкылареи рҿы. Ҳара имаҷымкәа аҭоурыхтә материалқәа ҳкьыԥхьуан, ҳҭоурых «имаӡаз» адаҟьақәагьы уахь иналаҵаны.  Ауаа аиаша рызнагатәын. Аофициоз араҟа хәарҭа аманы иҟамызт», – ҳәа иҳәеит Геннади Аламиа.

Геннади Аламиа иажәақәа рыла, аԥсуаа ирхарахазеи дара ианаамҭаз гәаартыла Мраҭашәарантәи Қырҭтәыла аҟынтәи ахҵәацәа здызкылаз, рчеиџьыка рнапы иқәыргыланы ирԥылазар, ирылшоз ала ирыцхраауазҭгьы, иҟалазеи нас аамҭақәак рышьҭахь асасцәа аԥшәымара аанкыланы, Аԥсны аԥсуара иаҵанакуа зегьы мап рцәыркуа, уимоу, аԥсуа идгьыл имаркуа  изалагазеи ҳәа азҵаарақәа рызцәырҵуа иалагеит. Ҳара арҭ азҵаарақәеи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак аԥшаара ҳҽазаҳшәон. Уи аҭоурых азы адагьы, еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәа рызгьы акырӡа аанагон», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Геннади  Аламиа.

Иара ишазгәеиҭаз ала, Аԥсны Жәлар рфоруми уи акьыԥхьтә органқәеи Аԥсны жәлар риааира идеологиала иазыҟарҵеит. «Ҳара иара убас идеологиала  Нхыҵ Кавказ ажәларқәа – арыцҳара ду ҳанақәшәа ацхырааразы иаҳзааз ҳашьцәа реидгылара азы иҳалҳаршаз маҷӡам.  Сара есныгь исҳәоит, уи зыбзоуроу Нхыҵ Кавказҟа ицаны аиашьаратә жәларқәа рахь Аԥсны ацхырааразы ааԥхьара ҟазҵаз аӡәы, ҩыџьа хҩык ракәӡам изыбзоуроу. Уи жәаҳәарада, аидеологиатә усура иалҵшәоуп, аха раԥхьа иргыланы ишырҳәо еиԥш «ашьа амала аҽанардыруаеит», ҳашьцәа шьала-дала ҳаидызкыло еилкааны рыжәҩахыр еибыҭа иҳавагылеит. Уи ауп зегьы ирыцку.  Нхыҵ Кавказ ажәларқәа аиашьаратә жәларқәоуп, аха доусы рхатәы ҭоурых, иҷыдоу атрадициақәа, аҵасқәа рымоуп. Иԥшаатәын убас акы зегьы еидызкылоз, Аԥсныҟа ацхырааразы иаартә еиԥш агәазыҳәара рызҭашаз. Уи даара иуадаҩын, араҟа ароль ду нарыгӡеит афорумтәи агазеҭқәа рҿы апубликациақәа, аиҳарак урысшәала иҭыҵуаз акьыԥхьә ҭыжьымҭақәа», –  ҳәа иҳәеит Геннади Аламиа. Жәаҳәарада, урысшәала иҭыҵуаз агазеҭ «Единение» аԥхьаратә аудиториа ду аман, иара Нхыҵ Кавказгьы, Москвеи. Жәлар рфорум агазеҭқәа рҿы икьыԥхьыз аматериалқәа Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы иҟаз егьырҭ аҭыжьымҭақәа рҿы еиҭаркьыԥхуан.

«Иахьа ҳажәлар Жәлар рфоруми аџьынџьтәылатәи еибашьра аамҭақәа рзы еиԥшҵәҟьа аидгылара рҭахуп. Аҳәынҭқарра аргылара — ари аибашьра аасҭа акала имариам, акыр аҵак ду зҵоу усуп. Аиҳарак уажәы, адунеи аҿы аиҭакра ӷәӷәақәа анымҩаԥсыуа аамҭазы, ӷәӷәала амчқәа реиҭаҽеихшара анымҩаԥысуа аамҭазы. Аидгылара аҭахуп ари уажәы-уажәы зҽеиҭазкуа адунеи аҿы уаламӡырц азы. Сара агәра ганы сыҟоуп иахьагьы ҳара «Аидгылара», «Единение» реиԥш иҟоу агазеҭқәа шаҳҭаху», – ҳәа иҳәеит Геннади Аламиа. Иара дрықәшаҳаҭӡам иахьа аинтернет аҟазаара инамаданы акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа уи аҟара азхьаԥшра рыҭатәӡам ҳәа зҳәо. Агазеҭтә публикациақәа равторцәа игәаларшәо, Геннади Аламиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, «ихадоу авторцәаны иҳаман иналукааша аҵарауаа, аполитикцәа,  зыуаажәлар ираҳәатәу атәы шахәла  издыруаз ауаа, загәра ргоз, згәаанагара иазыӡырҩуаз, Аԥсны иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи – 90-тәи ашықәсқәа рзы аҭыԥ змаз иуадаҩыз, ԥсыхәа змам аҭагылазаашьақәа ралҵшьазы авариантқәа рыдгалара зылшоз ауаа».

Аԥсны Жәлар рфорум агазеҭқәа ирнылоз апубликациақәа хшыҩзышьҭрала иацклаԥшуан Қырҭтәыла. «Иҵару азҵаара ала, иаагозар аҭоурыхтә тема шьҭаҳхуазар, иаразнак ақырҭуа пресса аҿы аҵарауаҩык игәаанагара ркьыԥхьуан, акритикатә ақәҿыҭрақәа цәырҵуан.  Ҳара ҳакәзар, ақырҭуа публикациақәа цәахыхрала аҭак аҟаҵара ҳхы иаҭәаҳшьаӡомызт, ҳара анаукатә аргументациа ала ишьаҭарку апубликациақәа ҟаҳҵон. Ҳара ҳпубликациақәа агәра ргон Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет аҿгьы. Афорум «Аидгылара» ала икьыԥхьхоз апубликациақәа рҟынтәи аматериалқәа жәпакы Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет аԥснытәи адепутатцәа рықәгыларақәа, аиҳарак Владислав Арӡынба иҭоурыхтә қәгыларақәа ирныԥшит», – ҳәа иҳәеит Геннади Аламиа. Аибашра аналага Жәлар рфорум «Аидгылара» аусура иаҟәыҵит, уи инамаданы агазеҭ аҭыжьрагьы аанкылеит.

«Аибашьра анцоз иҭыҵуа иалагеит егьырҭ агазеҭқәа, еиҿкаан арадиодырраҭарақәа, ателедырраҭарақәа. Урыстәылатәи амассатә информациа ахархәагақәа рҿы апубликациақәа рацәан. Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра атәы рыҩуан иара убас аҳәаанырцәтәи амассатә информациа ахархәагақәа.  Аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспора иамаз алшарақәа зегьы рхархәарала  адунеизегьтәи ауаажәларратә еилазаара аҟынӡа иҟоу-шыҟоу азы адырра анагара азы аҽазышәарақәа ҟанаҵон.  Жьҭаарамза 22, 1992 шықәсазы иҟалаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архиви Аҭҵаарадыррақәа  Ракадемиеи рбылра мацара афакт абанӡанеиуеи.  Сара агәра ганы сыҟоуп Афорумгьы уи агазеҭқәеи ахықәкы – ашәарҭара аҿаԥхьа ажәлар реидкылара анагӡара шрылшаз», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Геннади Аламиа.  Иара убасҵҟьа уи иазгәеиҭеит аӡәгьы Жәлар рфорум «Аидгылара» шаимыркыз, аӡәгьы уи шаԥиимхыз.  Аибашьра ашьҭахь Афорум аамҭақәак аус ауан. «Ари аиҿкаара аҭоурыхтә миссиа нанагӡеит. Абҵарамза, 1994 шықәса рзы ирыдыркылеит – исуверентәу, адемократиатә, зинтә ҳәынҭқарра Ареспублика Аԥсны Аконститкциа. Уи, Ареспублика Аԥсны асуверенитет ныҟәызго, амчра змоу ажәлар заҵәык – ареспублика атәылауаа  роуп ҳәа иарбоуп. Аибашьраҿы аиааира згаз, зхақәиҭреи зхьыԥшымреи зыхьчаз ажәлар анаҩс анхашьас азы аҵаҳәара рҭахны иҟамызт. Убри аан, аидеологиатә усура аӡәгьы мап ацәимкӡеит, аха уажәы зхы иақәиҭу Аԥсны уи нарыгӡон аибашьра ашьҭахь атәылаҿы иҭрыжьуаз агазеҭқәа зегьы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аинформациатә Маҵзура «Аԥныпресс» аҿцәажәаҩ.

  ___

Агазеҭқәа «Аидгылара», «Единение» иҭыҵуан аԥхынра 1989 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа мызкахьы знык.  Агазеҭ «Единения» атираж –  10 нызықь екземплиар рҟынӡа инаӡон,  «Аидгылара» – 5 нызықь.

Адемократиатә ауаажәларра-политикатә ҵысра аҳасабала аҭоурых ианылаз  Жәлар рфорум «Аидгылара» аԥҵан 1988 шықәса рзы. Аԥсны апатриоттә мчрақәа реидгыла ҿыц аԥҵара апроцесс акыр анырра анаҭеит еицырдыруа аинтеллигенциеи ауаажәларреи рхаҭарнакцәа рнапы зҵарҩыз ашәҟәы. Уи XIX Асоветеидгылазегьтәи апартиатә конференциа ахьӡала идәықәҵан. Жәлар рфорум «Аидгылара» аԥҵара нахыс Аԥсны жәлар рмилаҭтә  ҳәынҭқарра аиҭашақәыргылара азықәԥара иҿыцу астадиа иҭагылеит.  Жәлар рфорум «Аидгылара» аԥҵара ауаажәларра реидгылара аконцепциа ала ишьаҭаркын, иара убри иарбоуп иара ахьӡ  аҿгьы, иара убри аамҭазы уи ихадоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи рыгәҭасреи рыларҟәреи ақәшаҳаҭымра, апротест  аидеиа аӡыргара хықәкы хадас иаман.

 

 

 


Read 214 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.