Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 25 рзы имҩаԥысыз атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы «Абџьар азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект иалацәажәеит.
Азакәан апроект авторцәа амаҵзуратә бџьар аикәыршаразы анормақәа реиӷьтәреи рхарҭәаареи рзы ажәалагала ҟарҵоит.
«Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рмаҵурауааи аиуристтә хаҿқәа русзуҩцәеи амаҵзуратә бџьар аныҟәгара, амазаара, ахархәара амаҵзуратә уалԥшьақәа рынагӡараан мацара азы азин рыҭареи иарбоу ахаҿқәа азакәан ала ирыдҵоу аԥхықәрақәа рсиа ахарҭәаареи, иара убас Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә Банки акредиттә еиҿкаарақәеи амаҵзуратә бџьар аахәареи ахархәареи рзы азин рыҭареи рзы абжьгара ҟаҵоуп», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Адепутатцәа еицҿакны иарбоу азакәан апроект ахәаԥшреи актәи аԥхьараҿы адкылареи рзы иааиуа Апарламент асессиа аилатәара ахь ацәыргаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа имҩаԥигоз аилатәара адепутатцәа рнаҩс иара убас рхы аладырхәит Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә Банк Анапхгараҭара алахәыла Д. Салиа, Амилаҭтә Банк ашәарҭадара амаҵзура аиҳабы Д. Басариа, Акоммерциатә Банк «Гарант-Банк» ашәарҭадара амаҵзура аиҳабы М. Закараиа.