Апалата аиҳабы Ҭемыр Сангәлиа урҭ автоматизациа зызу еиҭамҵуа амазара акадастр-информациатә система аусушьа дирбеит ҳәа аанацҳауеит аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.
Еиҭамҵуа амазара акадастр аԥҵаразы аусура хацыркын 2010 шықәсазы, уи аетапқәа рыла ишьақәгылан, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа ахарџь ала имҩаԥган.
Уажәы ари асистема ааглыхратә усура иазхиоуп, аусура иалагоит актәи аԥхьарала ирыдыркылахьоу «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» азакәан адкылара ашьҭахь.
Ари аамҭа илагӡаны еиҿкаан аспутниктә геодезиатә ҳа, аус адулан анормативтә база, ацифратә хсаалагаз аҳаиртә фотоҭыхрақәеи аҳаиртә лазертә ҭыхрақәеи мҩаԥган, апалата ахыбра еиҭашьақәыргылан, иахәҭоу ахархәагақәа аахәан.
Аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аҳәынҭқарратә кадастртә Палата» еиҭамҵуа амазара аобиектқәа (ахыбрақәа, аргыламҭақәа, еиҭамҵуа амазаралеи адгьылхәҭақәеи рыла аилаӡарақәа) рышәҟәҭагалара, Ареспублика Аԥсны аҳәаақәа рыиасра, араионқәа, ақалақьқәа, ақыҭақәа, ҷыдала ахылаԥшра змоу аԥсабаратә ҵакырақәа (амилаҭтә паркқәеи аҳәарԥсаррақәеи), аҳәынҭқарратә абнатә фонд адгьылқәа рҳәаақәа аделимитациа (акартографиатә алкаара) азы атехникатә усурақәа рымҩаԥгара азы иаԥҵоуп.