pressadmin-2
ААУ астудентцәа Сҭампылтәи ауниверситет Медениет аҿы рыпрактика хыркәшахеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ркафедра астудентцәа Сҭампылтәи ауниверситет Медениет аҿы рыпрактика хыркәшахеит.
Ауниверситет Медениет аҿы аҽазыҟаҵарақәа ААУ астудентцәа рзы акыр зҵазкуа академиатә ԥышәа адагьы, егьи акультура аилкаара, аԥсуа диаспора амадара, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рганахьала аспециалистцәа рабадырра, уҳәа рзы иуникалу лшараны иҟалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ а-Telegram-канал.
Ауниверситетқәа рыбжьара ас еиԥш апартниорра аусеицуразы, академиатә ԥышәа арҳаразы аҩ-ганк ирзыманшәалоу аусеицуразы аплатформа аԥҵарала аимадара арӷәӷәоит, акультурабжьаратәи адиалог, адунеи аҿы акультуратә ҭынха аиқәырхареи аилибакаареи иаҵоу аҵакы ахадара шьақәнарӷәӷәоит.
Иахьа Сҭеԥан Занҭариа иԥсы ҭазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан.
Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Афырхаҵа, 1992 шықәсазы раԥхьатәи ахыхьчаратә отриадқәа реиҿкааҩцәа иреиуаз Сҭеԥан Занҭариа (21.10.1959 - 03.12.1992 шш.) иԥсы ҭазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан.
Зантариа Стеԥан Самсон-иԥа диит жьҭарамза 21 1959 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. 1976 шықәсазы Сҭеԥан Занҭариа, Тамшьтəи абжьаратəи ашкол далгеит. Даара аҵара бзианы иҵон дыҷкəына еилҟьан, аиҩызаразы дхазынан.
Сҭеԥан Занҭариа 1981 шықәсазы иара убасҵəҟьа қəҿиарала далгоит Аҟəатəи арҵаҩратə институт, анаҩс 1981 – 1985 шш. рзы ашкол аҿы аус иуан, иаԥиҵоит аҭаацəара. Аԥсыуа ҭаацəарак ишраҭəаз еиԥш инхон-инҵуан, аха аибашьра хлымӡаах дара рзы акыр аҽарџьбареит.
1985 - 1989 шш. – Ҟындыӷтәи аԥсааҭааӡарҭа афабрика аҿы аус иуан. Ԥхынгәымза, 1989 шықәса рзы иҟалаз ахҭысқәа раан Сҭеԥан Занҭариа иҩызцәеи иареи Аалӡга аӡиас аҿы Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла аҟынтәи иаауаз аибашьцәа раанкылара рылшеит. Анаҩс иара ахыхьчара аотриадқәа активла еиҿызкаауаз рхыԥхьаӡараҿы дҟалеит. Аҩныҵҟатәи архәҭақәа рырхәҭа аиҿкаара ашьҭахь Сҭеԥан Занҭариа изныкымкәа Аԥсны аҳәаақәа рыхьчаразы дцон. Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны иара Тамшьтәи агәыԥ даланы хацәнымырха ампыҵахалаҩ диҿагылеит.
«Аибашьра аԥхьатəи амшқəа инадыркны Сҭеԥан иашьа Семионгьы иаргьы, иҩызцəагьы аҕа хəымга иҿагылоит. Иара убас рыԥсадгьыл рыхьчон иаб иашьа иԥацəа Аслан, Заза, Асҭамыр Занҭариаа. Аибашьра раԥхьатəи амшқəа рзы, Очамчыреи Аҟəеи еимаздо Тамшь иагəылсуа амҩаду аҿы аҕа иҭархара, иаанкылара, ааха иҭара аус аҟны иҩызцəагьы иаргьы даара аџьабаа рбеит. Уи ашьҭахь, Ануаа рхəы ахырҕəҕəарҭаҿы аҭыԥқəа аанкыланы ҳаҟан, ҳаицын», - ҳәа игəалаиршəоит аинрал-полковник, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.
Аԥсны еизгоу акоманда Сириус имҩаԥысуа аекологиа азы латәаралатәи Жәларбжьаратәи аолимпиада ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 20 инаркны 24 аҟынӡа афедералтә ҵакыра Сириус аҿы имҩаԥыслоит аклимат аҽаԥсахреи аекологиа апроблемақәеи ирызку Жәларбжьаратәи аолимпиада (International Olympiad on Climate Change and Environmental Issues, IOCE 2024). Уи рхы аладырхәуеит быжь-ҳәынҭқаррак: Урыстәыла, Ареспублика Белорусь, Индонезиа, Тадџьыкьысҭан, Пакисҭан, Сеишелтәи адгьылбжьахақәа, Аԥсны рҟынтәи 30-ҩык аҵаҩцәа.
Аолимпиада аекологиеи аклимат аҽаԥсахреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыла афедералтә ҵакыра Сириус имҩаԥысуа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) Анаука-ҵарадырратә конгресс ихадоу аусмҩаԥгатәқәа иреиуахеит.
Аолимпиада аҷыдаҟазшьаны иҟоуп уи иаразнак ҩ-форматк – атеориатәи аԥышәатәи ахьеиднакыло. Апрактикатә тур ахыдҵақәа рыӡбаразы ашколхәыҷқәа Кавказтәи абиосфератә ҳәарԥсарра амаршрутқәа рахь идәықәлоит. Араҟа урҭ рхала аҭҵааратә усура мҩаԥыргоит, аусуразы иахәҭоу аматериал еизыргоит. Алахәылацәа аекосистематә хыдҵақәа, аҳәарԥсаррақәа ирымоу антропогентә қәыӷәӷәара аилкаара, атуристтә усура анапхгараҭара, уҳәа рыла азҵаарақәа рыӡбар акәхоит.
Сергеи Шамба адоктор Халед Уалид Абаза Латакиа ақалақь ахадас иҟалара идиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Халед Уалид Абаза ақалақь Латакиа ахадас официалла имаҵура аанкылара идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп, ҷыдала:
«Шәара шәзанааҭтә еихьӡара дуқәеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика реиҳабыраҿы аҭакԥхықәра ду зцу шәусуратә ԥышәа дуи акыр ирацәоуп.
Сара даара агәрагара сымоуп, Абазаа рҭаацәара ирымоу атрадициа дуқәеи аҳәынҭқарратә ԥышәеи Латакиа ақалақь ауааԥсыра рзы ишәымоу апланқәеи агәҭакқәеи рынагӡараҿы ишшәыцхраауа».
Жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» аамҭала иаркхоит.
Аҟәа. Жьҭааармза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» ауааԥсыра рыиасразы аамҭала иаркхоит. Уи азы Ақәҵара ахәаша, жьҭаарамза 18 рзы инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Убри аан аҷыдалкаақәак шьақәыргылоуп:
– Уаанӡа закәаншьаҭала Қырҭтәылаҟа ицаны иҟаз Ареспублика Аԥсны атәылауааи анхаразы азин аршаҳаҭга змоу ахаҿқәеи рыхынҳәразы;
30 тонна инареиҳаны агуманитартә еидара Аԥснынтәи Курсктәи аобласть ахь амҩа иқәлеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 30 тонна инареиҳаны агуманитартә еидара Аԥснынтәи Курсктәи аобласть ахь инаргоит. Арегион ауааԥсыра рзы еизгоу агуманитартә еидара зқу амашьынақәа рколонна иахьа Аҟәа ақалақь аҟынтәи амҩа иқәлеит, ҳәа адырра ҟанаҵеоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аколонна агуманитартә еидара ацны Донбасҟа амҩа иқәлеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аколонна агуманитартә еидара ацны Донбасҟа амҩа иқәлеит.
100 тоннк инарзынаԥшуа ацитрустә шәырқәа Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра ҿыцқәа –ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рахь инагахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрреи рхаҭарнакцәа аусеицуразы Амеморандум анагӡара иадҳәлоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистреи Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи рыбжьара иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рмедика-санитартә ахҟьаԥҟьақәа рықәгара аганахьала русеицуразы Амеморандум анагӡара азҵаарақәа ирызкын иҳаҩсыз амчыбжь азы авидеоконференциа аформат ала имҩаԥысыз аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Еилкаахеит XVII ашахматтә турнир «Аҟәафон - 2024» аҿы аиааира згаз.
Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 19 – 20 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан XVII Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәафон 2024».
Актәи амш азы аицлабрақәа ахәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуан. Зынӡа урҭ рхы аладырхәит 115 ашахматқәа рыбзиабаҩцәа қәыԥшқәа. Аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи хазы-хазы еицлабуан.
Аԥхьахәтә ҭыԥқәа абас ала еихшахеит:
– 6 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Симонов Сократ (ақ. Аҟәа), Черқьезиа Наала (ақ. Аҟәа),
– аҩбатәи аҭыԥқәа – Назаренко Марк (ақ. Аҟәа), Шамба Софиа (ақ. Аҟәа),
– ахԥатәи – Бениа Владимир (ақ. Аҟәа); – 8 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара Кәыҵниа Георги (ақ. Аҟәа), Гәылариа Емили (Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥқәа – Ҭҟьебучаа Давид (ақ. Аҟәа), Гәыргәылиа Алеқсандра (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа – Хуснутдинов Димир (ақ. Аҟәа), Лашәриа Леон (ақ. Аҟәа);
– 10 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааныркылеит Мықәба Стиллиан (ақ. Пицунда), Сақаниа Саниа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Тос-оглы Кемаль (ақ. Гагра), Џьениа Амели (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа – Игноиан Леонид (ақ. Аҟәа), Агрба Амира (Гәдоуҭа), Бганба Нила (ақ.Гагра);
– 12 шықәса зхымҵыц аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара аиааира ргеит Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла), иара убас Марченко Полина (Сухум), вторые места заняли Мукба Руслан (ақ.Пицунда), Лакоба Сариа (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа Халуашь Дамир ( ақ.Гәдоуҭа), Смыр Мирра (Афон Ҿыц).
Амобилтә Еилазаара «Аҟәафон-GSM» аҟынтәи аџьшьаратә ҳамҭақәа ранашьахеит зегьы раасҭа еиҵбу алахәылацәа.
Жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» ала ауааԥсыра рыиасра аамҭала иаанкылахоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспублика ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы уаҩ дызҭам аԥырратә аппаратқәа рыԥырра азы иҟоу аинформациа ҳасаб азуны, ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» ала ауааԥсыра рыиасра аамҭала аанкыларазы иҟанаҵаз ажәалагала иахәаԥшит. Уи зыдҳәалоу жьҭаарамза 26 рзы Қырҭтәыла имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа раан арадикалтә мчрақәа рганахьала иҟалар зылшо апровакациақәа роуп.
Ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ажәалагала иақәшаҳаҭхеит. Убас ала, жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» ала ауааԥсыра рыиасра аамҭала иаанкылахоит. Убри аан аҷыдалкаақәак шьақәыргылоуп:








