АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жьҭаара.2024

Иахьа Сҭеԥан Занҭариа иԥсы ҭазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Афырхаҵа, 1992 шықәсазы раԥхьатәи ахыхьчаратә отриадқәа реиҿкааҩцәа иреиуаз Сҭеԥан Занҭариа (21.10.1959 - 03.12.1992 шш.) иԥсы ҭазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан.   

Зантариа Стеԥан Самсон-иԥа диит жьҭарамза 21 1959 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. 1976 шықәсазы Сҭеԥан Занҭариа, Тамшьтəи абжьаратəи ашкол далгеит. Даара аҵара бзианы иҵон дыҷкəына еилҟьан, аиҩызаразы дхазынан.

Сҭеԥан Занҭариа 1981 шықәсазы иара убасҵəҟьа қəҿиарала далгоит Аҟəатəи арҵаҩратə институт, анаҩс 1981 – 1985 шш. рзы ашкол аҿы аус иуан, иаԥиҵоит аҭаацəара. Аԥсыуа ҭаацəарак ишраҭəаз еиԥш инхон-инҵуан, аха аибашьра хлымӡаах дара рзы акыр аҽарџьбареит.

1985 - 1989 шш. – Ҟындыӷтәи аԥсааҭааӡарҭа афабрика аҿы аус иуан. Ԥхынгәымза, 1989 шықәса рзы иҟалаз ахҭысқәа раан Сҭеԥан Занҭариа иҩызцәеи иареи Аалӡга аӡиас аҿы Мраҭашәаратәи  Қырҭтәыла аҟынтәи иаауаз аибашьцәа раанкылара рылшеит. Анаҩс иара ахыхьчара аотриадқәа активла еиҿызкаауаз рхыԥхьаӡараҿы дҟалеит.  Аҩныҵҟатәи архәҭақәа рырхәҭа аиҿкаара ашьҭахь Сҭеԥан Занҭариа изныкымкәа Аԥсны аҳәаақәа рыхьчаразы дцон.  Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны иара  Тамшьтәи агәыԥ даланы хацәнымырха ампыҵахалаҩ диҿагылеит.

«Аибашьра аԥхьатəи амшқəа инадыркны Сҭеԥан иашьа Семионгьы иаргьы, иҩызцəагьы аҕа хəымга иҿагылоит. Иара убас рыԥсадгьыл рыхьчон иаб иашьа иԥацəа Аслан, Заза, Асҭамыр Занҭариаа. Аибашьра раԥхьатəи амшқəа рзы, Очамчыреи Аҟəеи еимаздо Тамшь иагəылсуа амҩаду аҿы аҕа иҭархара, иаанкылара, ааха иҭара аус аҟны иҩызцəагьы иаргьы даара аџьабаа рбеит. Уи ашьҭахь, Ануаа рхəы ахырҕəҕəарҭаҿы аҭыԥқəа аанкыланы ҳаҟан, ҳаицын», - ҳәа игəалаиршəоит аинрал-полковник, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

Нанҳәамза 14, 1992 шықәса рзы иара игәыԥ аӷа итанкқәа ҩба ҭанархеит. Тамшьтәи агәыԥ аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы 12 цыра  мацара иҭҟьо амцабџьар акәын иамаз, аха усгьы уи  Мрагыларатәи Аԥсны апартизантә ҵысра иашьаҭаны иҟалеит.  1992 шықәса, цәыббрамза анҵәамҭазы ажәлар рыхьчара аштаб ала иара абџьари аџьаԥҳани раагаразы Гәдоутаҟа ддәықәҵан.  Уаҟа иара Гагра ахақәиҭтәра далахәын. Жьҭаарамза 15, 1992 шықәсазы  Сҭеԥан Занҭариа 15 цыра амцабџьар, агранатаршәгақәа хԥа, хыԥхьаӡара рацәала аџьаԥҳани аминақәеи иманы Мрагыларатәи афронт ахь дхынҳәуеит. Сҭеԥан ԥшьҩык аибашьцәа ицны Тамшь ақыҭан Уашԥан ацҳа азааигәара атрасса аминақәа аҵарҵеит. Убри иахҟьаны иҭархан аӷа икәалӡтәы еибашьыга машьына, автомашьынақәа «Татра», «Урал», иара убас жәаҩыла аӷа еибашьцәа.  Сҭеԥан Занҭариа изныкымкәа игәыԥ аибашьцәа ицны аӷа итәарҭа азааигәара инаӡон, аӷа игәиҽанӡамкәа ижәылон, акыр ааха ӷәӷәа рырҭон.  Арратә ҟәшеиҵа «Каҭран» иара убас Сҭеԥан дызлаз, Даур (Дым) Занҭариа напхгара зиҭоз аԥшыхәратә гәыԥ  егьырҭ агәыԥқәа ирыцны 22 уахи-ҽни инеиԥынкыланы амҩаду аанкыланы иркын, аӷа Аҟәаҟа абџьар, аџьаԥҳаны аиагаразы алшара имҭакәа.   Ԥхынҷкәынмза 1 – 2, 1992 шықәса рзы аӷа Ануаа рхәы иахьаҵанакуа ажәылара рҽазыршәеит. Аԥсуа архәҭа хыԥхьаӡарала акыр иреиҳаз ақырҭуа гәыԥқәа ари аҳаракыра аанкылара акырыртә рҽазыршәеит: 20-ҩык аԥсуа еибашьцәа ирыжәлон шәҩыла ақырҭуа еибашьцәа.  Убри аҟнытәи ари амҩаду ааныжьра азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Сҭепани Даури Занҭариаа аԥсуа еибашьцәа ргәыԥи амчқәа реиҳарак рхьаҵра арманшәалара мҩаԥго иҭахеит. 

Сҭеԥан Занҭария 1993 шықәсазы ԥсрашьҭахь «Агәымшәаразы» амедал ианашьахеит, 1995 шықәсазы ԥсрашьҭахь «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵан.

 ***

Аибашьра адəаҿы ауаҩытəыҩса аԥсреи абзареи данҭагылоу аамҭазы, иааирԥшуа ахымҩаԥгара иалукаауеит иара иҟазшьа аҷыдарақəа. Зыламыси зыуаҩреи цқьаз иакəын Сҭеԥан, ус азгəарҭоит иара лымкаала дыздыруаз, аибашьратə мҩа ицанысыз иҩызцəа.

«Аибашьраҿы ахысра анаҩс, ауаҩра улазароуп, аҩызарагьы аҭахуп, апатуеиқəҵарагьы аарԥштəуп. Аибашьраҿгьы аԥсҭазаараҿы ухы шымҩаԥуго еиԥш азнеишьа аҭахуп. Сҭеԥан иҩызцəа даара бзиа дырбон, пату иқəырҵон. Ивагылаз иҩызцəеи иареи еизхəыцны, имҩаԥыргоз аус аҵыхəанӡа иҭҵааны иҳəаақəырҵон. Аибашьра рхыргахьоушəа, мамзаргьы иара аганахь ала аҵарақəа ирылгахьоушəа абасала рхы аадырԥшуан», - ҳәа иҳəеит Аԥсны Афырхаҵа Владимир Ануа.

«Мрагыларатəи афронт амца акуан, 1992 шықəса, ԥхынҷкəынмза 2 рзы ақырҭқəа Ануаа рхəы ампыҵахаларазы ажəыларақəа мҩаԥыргон, аҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩын, убас еиҧшҵəҟьа иагьшəарҭан. Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы аԥсуа еибашьцәа мчыбжьык еиҳаны иаанкылаз амҩаду ус ишамуаз ҳаргьы иаҳдыруан, аха ҳхьаҵуамызт. Акыр аҧсҭбарақəа ҟалеит амза 2 рзы, ауха, адырҩаҽны. Ҳаӷацəеи ҳареи ҳамчқəа еиҟарамызт, ҳамхьаҵыр ада ԥсыхəа ҟамлеит. Сҭеԥангьы Семионгьы еицын, Сҭеԥан зегь рышьҭахьӡа даанхоит, аҕацəа рахь ихы рханы аахақəа шриҭоз фырхаҵарыла дҭахоит. Данҭаха ачқəынцəа хынҳəит, аха Ануаа рхəы аҟынтəи иалгара уадаҩын. Иашьа Семион убас еиԥш иҟаз ақəҵара идикылеит, убра џьара бнарак аҿы дааныжьны ицарц, избанзар егьырҭгьы ҭахар алшон. Ауха иалгара рылдыршеит Сҭеԥан, ари ахҭыс ҟалеит ԥхынҷкəынымза 3 рзы», - ихəыцрақəа ҳацеиҩишон аинрал-полковник Владимир Ануа.

Сҭеҧан Занҭариа иашьеиҳаб Семион убас еиԥш Аԥсадгьыл ахьчаразы дҭахоит аибашьра ашьҭахь, 2001 шықəса рзы, жьҭаарамзазы, Гəылрыԥшь араион аҟны. Сҭеԥан иԥацəа аҩыџьагьы, иара убас аибашьра ашьҭахь рыԥсҭазаара ҿахҵəоит.

Аԥсны Афырхаҵа Сҭеԥан Занҭариа иашьцəагьы иаргьы рыхьӡ ахуп Тамшь амҩадуқəа руак. Урҭ рфырхаҵареи ргəымшəареи еизҳауа абиԥарақəа рзы иҿырԥшыгахап.

 

 

 

 

 

 


Read 177 times - Ашәахьа, 21 Жьҭаара 2024 18:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.