АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жьҭаара.2024

Аԥсны еизгоу акоманда Сириус имҩаԥысуа аекологиа азы латәаралатәи Жәларбжьаратәи аолимпиада ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Жьҭаарамза 20  инаркны 24 аҟынӡа афедералтә ҵакыра Сириус аҿы имҩаԥыслоит аклимат аҽаԥсахреи аекологиа апроблемақәеи ирызку Жәларбжьаратәи аолимпиада (International Olympiad on Climate Change and Environmental Issues, IOCE 2024). Уи рхы аладырхәуеит быжь-ҳәынҭқаррак: Урыстәыла, Ареспублика Белорусь, Индонезиа, Тадџьыкьысҭан, Пакисҭан, Сеишелтәи адгьылбжьахақәа, Аԥсны рҟынтәи 30-ҩык аҵаҩцәа.

Аолимпиада аекологиеи аклимат аҽаԥсахреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыла афедералтә ҵакыра Сириус имҩаԥысуа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) Анаука-ҵарадырратә конгресс ихадоу аусмҩаԥгатәқәа иреиуахеит.

Аолимпиада аҷыдаҟазшьаны иҟоуп уи иаразнак ҩ-форматк  – атеориатәи аԥышәатәи ахьеиднакыло. Апрактикатә тур ахыдҵақәа рыӡбаразы ашколхәыҷқәа Кавказтәи абиосфератә ҳәарԥсарра амаршрутқәа рахь идәықәлоит. Араҟа урҭ рхала аҭҵааратә усура мҩаԥыргоит, аусуразы иахәҭоу аматериал еизыргоит. Алахәылацәа аекосистематә хыдҵақәа, аҳәарԥсаррақәа ирымоу антропогентә қәыӷәӷәара аилкаара, атуристтә усура анапхгараҭара, уҳәа рыла азҵаарақәа рыӡбар акәхоит.

Ашколхәыҷқәа рдыррақәа ахәшьара арҭалоит акомандатәи еиԥш хаҭалатәи азшьа ала. Аолимпиада аҿы аиааирақәеи аԥхьахәқәеи згаз амедалқәеи адипломқәеи рыда аекологиеи аклиматологиеи русхкы аҿы анаҩс рҵара ацҵаразы иуникалу алшарақәа рзаԥҵахоит.   

Аолимпиада раԥхьатәи амш азы акомандақәа реибадырра мҩаԥысит.  Амилаҭтә костиумқәа рышәҵаны доусы рҳәынҭқаррақәа рбираҟқәа кны дара зхаҭарнакра нарыгӡо аҳәынҭқаррақәа ирыхцәажәеит, рҵакырақәа рзы еиҳа актуалра зҵоу аекологатә зҵаарақәа ирзааҭгылеит, урҭ рыӡбара азы иҟаҵатәу аганахьала ргәаанагара рҳәеит.

Адҵақәа рнаҩс ашколхәыҷқәа рзы Сириус еиқәыршәахеит инарҭбаау акультуратәи аспорттәи апрограмма: аолимпиатә ҭынха аобиектқәа рбара, Анаука-технологиатә Университет «Сириус» аҿы аԥсҭазаара иазку анаукақәа рзы алабораториатә комплекс аҭаара, хыԥхьаӡара рацәала аҟазара-аклассқәа, алекциақәа, аспортә усмҩаԥгатәқәа, аквестқәа.

 


Read 172 times - Ашәахьа, 21 Жьҭаара 2024 16:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.