АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 16:36

ААУ астудентцәа Сҭампылтәи ауниверситет Медениет аҿы рыпрактика хыркәшахеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ркафедра астудентцәа Сҭампылтәи ауниверситет Медениет аҿы рыпрактика хыркәшахеит.    

Ауниверситет Медениет аҿы аҽазыҟаҵарақәа ААУ астудентцәа рзы акыр зҵазкуа академиатә ԥышәа адагьы, егьи акультура аилкаара, аԥсуа диаспора амадара, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рганахьала аспециалистцәа рабадырра, уҳәа рзы  иуникалу лшараны иҟалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ а-Telegram-канал.

Ауниверситетқәа рыбжьара ас еиԥш апартниорра аусеицуразы, академиатә ԥышәа арҳаразы аҩ-ганк ирзыманшәалоу аусеицуразы аплатформа аԥҵарала аимадара арӷәӷәоит, акультурабжьаратәи адиалог, адунеи аҿы акультуратә ҭынха аиқәырхареи аилибакаареи иаҵоу аҵакы ахадара шьақәнарӷәӷәоит.

Ахыркәшаратә лекциақәа рҿы астудентцәа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, урҭ ихадоу аҷыдарақәеи иҟарҵо анырреи аазырԥшуа еиуеиԥшым асистемақәа ҭырҵаауан. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан жәларбжьаратәи ашәарҭадара аконцепциа, уи адгылара аҭара иазырхоу астратегиақәа уахь иналаҵаны.

Академиатә ҽазыҟаҵарақәа рнаҩс, ААУ астудентцәеи арҵаҩцәеи Сҭампыл иҟоу Аԥснытәи акультуратә Центр аҿы аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рԥыларазы иуникалу алшара роуит.  Аиԥылара рхы аладырхәит Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҿы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, ахаҭарнак иабжьгаҩцәа  Кавказ Атрышбеи Џьансыхә Лазбеи. Ари Ацентр атәым дгьыл аҿы аԥсуа культура алашарбага ҳасабла Аԥсны ибеиоу атрадициақәеи аҭынхеи аазырԥшуа ауп.  Астудентцәа аҳәаанырцә инхо рџьынџьуаа ирыҿцәажәеит, ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Аиԥылара аԥхарра аҵаны, аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит. Аҵыхәтәаны, традицала ишышьақәгылахьоу еиԥш, кавказтәи акәашарақәа еицынарыгӡеит.


Read 19 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.