pressadmin-2
Марина Аршба «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аспециалист хада Марина Аршба «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп. Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыли Аусбарҭа аколлективи Марина Коллоди-иԥҳа Аршба иҳараку ахьӡ лыхҵара лыдырныҳәалоит, илзеиӷьаршьоит агәабзиареи аизҳазыӷьареи.
Атәылахьчара аминистр, Мрагыларатәи афронт 1-тәи аполк акомандаҟаҵаҩы, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-полковник Владимир Ануа инапы зҵаиҩыз анашьамҭатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала, абаталион «Каҭран» агәыԥ «Стрелец» адәытә медиаҳәшьа Марина Каллоди-иԥҳа Аршба 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны аԥсадгьыл ахьчаҩцәа дрылагыланы апартизантә қәԥара активла лхы алалырхәуан ҳәа иазгәаҭоуп.
Мшаԥымза 13 рзы аҵарауаҩ-афольклорист Римма Ҳашба лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵуан 90 шықәса.
Аҟәа. Мшаԥымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 13 рзы аҵарауаҩ-афольклорист Римма Ҳашба лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵуан 90 шықәса. Лара лоуп аԥсуа хәыҷтәы фольклор раԥхьатәи амонографиатә ҭҵаара мҩаԥызгаз.
Римма Арсени-иԥҳа Ҳашба (13.04.1934 – 17.07.2007шш.) аԥсуа филологиа ашьаҭаркҩцәа иреиуаз, Аԥсуа бызшәеи алитературеи аҭоурыхи рыҭҵааратә Институт раԥхьатәи адиректор Арсени Ҳашба иҭаацәараҿы диит.
1960 шықәсазы лара далгеит М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә Институт «Аурыс бызшәеи алитературеи» азанааҭ ала, ҟәҿиарала лҵара азы илоуит адиплом ҟаԥшь. Лусуратә мҩа лара далагеит К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат №1 аҿы рҵаҩыс аусурала, араҟа лара 1961 шықәса инаркны 1969 шықәсанӡа аус луан.
1969 -1971шш. рзы лара аҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс аус луан. 1971 шықәса инаркны уи лыԥсҭазаара адылҳәалоит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи аҭоурыхи абызшәеи алитературеи Ринститут (уажәы Аԥснытәи агуманитартә Ҭҵаарақәа Ринститут), араҟа уи алаборант еиҳабы иҟынтәи афольклор аҟәша анаукатә усзуҩ еиҳабы иҟынӡа днаӡеит. 1981 шықәсазы лара «Аԥснытәи ахәыҷтәы фольклор» ҳәа атема ала акандидаттә диссертациа лыхьчеит.
Римма Ҳашба аԥснытәи ахәыҷтәы фольклор аҭҵаара адагьы аԥсуаа рлафтә культура, аҭҳәаратә традициақәа, аԥсуа жәаԥҟақәеи ажәарццакқәеи ажәаԥҵәақәеи ржанрқәа, адгьыл арԥсылара акульт, уҳәа рыҭҵаара аҿы ллагала ду ыҟоуп.
Аҵарауаҩ дшыргәалашәо атәы Аԥсныпресс акорреспондент иҿцәажәо еиҭарҳәеит уи лколлегацәа, афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагбеи Аԥснытәи агуманитартә Ҭҵаарақәа Ринститут адиректор, афилологиатә наукақәа ркандидат Арда Ашәбеи.
«Римма Арсени-иԥҳа лыхцәажәара уахи-ҽни инеиԥынкыланы уаҿызаргьы иуҳәаша уԥшаауеит. Ус еиԥш иҟоу ауаа сара сыԥсҭазаараҿы ирацәаӡамызт. Уи лыӡбахә аҳәара уаналаго угәы мыԥшаар ауам. Исҭахуп ас еиԥш иҟоу ауаа излауа ала гәалсрак, хьаа дук рымамкәа, гәырҩада акыр шықәса иҳацзарц. Сара насыԥ сыман ҳәа исыԥхьаӡоит Анцәа иахьсаҭәеишьаз сыԥсҭазааратә мҩа, снаукатә усура аҿы ас еиԥш иҟаз ауаҩы хазына, ауаҩы шьахә дахьсықәшәаз», – ҳәа илҳәеит Лили Ҳагба.
Аҵарауаҩ иазгәалҭеит, Римма Арсени-иԥҳа иҷыдоу ахәыҷқәа рызнеишьа шлымаз, уи зегьы рацәажәара шлылшоз. Дара изныкымкәа анаукатә експедициақәа раҳасабала Аԥсны ахи-аҵыхәеи рахь еиццахьан.
Римма Арсени-иԥҳа лыԥсҭазааа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы реиҳа иуадаҩыз аамҭан лара лзы. Уи длыԥхеит лыԥҳа.
«Ҳара ари апериод азы даара лассы-лассы ҳалҭаауан. Зыхәҷы дызцәыԥсыз ан лгәы зҟажыша ажәақәас иуԥшаари? Ҳара излаҳалшоз ала адгылара лыҭара ҳәазаҳшәон. Аха лыԥҳа лыԥсра акыр лшьара дықәнаҟьеит лара, лгәабзиара акыр ишьақәҟьеит», - ҳәа гәалсрала иазгәалҭеит Лили Ҳагба.
Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор Арда Ашәба изы Римма Арсени-иԥҳа арҵаҩы, ааӡаҩы, аҵарауаҩ лаҳасабала адагьы, акыр ауаҩреи аԥхарреи зҵаз ауаҩы, ан леиԥш игәалашәараҿы даанхеит.

Мшаԥымза 11 рзы – афашистцәа рконцлагерқәа рбаандаҩцәа рхақәиҭтәра Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 11 рзы афашистцәа рконцлагерқәа рбаандаҩцәа рхақәиҭтәра Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит. Ауаатәыҩса рҭоурых аҿы иҟоуп акырӡа игәымбылџьбароу, ихьанҭоу арыцхәқәа, урҭ рӷьырак адунеизегьтәи аибашьрақәа ҩба зҭагӡаз XX ашәышықәса азы иҟалеит. Ауаатәыҩса рҭоурых адаҟьақәа ирнылаз адаҟьа еиқәаҵәақәа иреиуоуп афашисттә концлагерқәа рҭоурых.
Аконцлагерқәа рҿы ааӡаб зыхганы иҭадырхази зыԥсы аиқәхара зылшази ргәалашәара иазкны есышықәса, мшаԥымза
Ашәахтә усзуҩцәа ашәахтә усбарҭақәа раԥҵара 30-шықәса ахыҵра азгәарҭоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы Ареспублика Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа раԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала ашәахтә усбарҭақәа русзуҩцәа рахь адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
«Ииасыз ашықәсқәа рыҩнуҵҟа шәара зыхәшьара ҳараку алагала ду ҟашәҵеит ҳтәыла ашьақәгылареи аекономикатә шәарҭадара аиҿкаареи рзы. Аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараз иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы шәара ламысцқьала шәнапынҵақәа нашәыгӡон, абиуџьет хашәырҭәаауан, асоциалтә программақәа рԥаразоужьра алшәыршон», – ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Атәыла Ахада Аусбарҭа аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиара, азанааҭтә еихьӡара ҳаракы.
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиа ареспублика ашәахтә усбарҭақәа рышьақәгылара аҭоурыхтә етапқәеи иахьатәи амш азы аусура аиҿкаареи дырзааҭгылеит. Уи ҷыдала иазгәеиҭеит аминистрра аусура аинновациатә технологиақәа шаланагало.
«Уаҵәтәи амш ацифратә технологиақәа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Ашәахтә усхкы аҿы административтә процессқәа рцифравизациеи равтоматизациеи ахырхарҭақәа рыла иҟаҵоу маҷӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.
Апаламент аиҳабы Лаша Ашәба Жәлар Реизара-Апрламент ахьӡала атәыла ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиеи Аминистрра аусзуҩцәеи Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа русбарҭақәа раԥҵара 30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
«Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа рсистема аҩаӡарақәа зегьы рҿы абиуџьет ашьақәыргылареи аҳәынҭқарреи атәылауааи асоциалтә интересқәа рыхьчареи азҵаара аӡбараҿы аҳәыҭқарра ихадоу ашьаҭаны иҟалеит.
Алеопард Бриксик Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рталисман аҳасабала ишьақәырӷәӷәахеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Алеопард Бриксик Казань ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рталисман аҳасабала ишьақәырӷәӷәахеит. Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз астол гьежь «Мы вместе. Спорт. Развитие многополярного спортивного мира» афорум аҿы дықәгыло абри азы адырра ҟаиҵеит Ҭаҭарсҭан аспорт аминистр Владимир Леонов.
Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа мҩаԥгахоит рашәарамза 12 инаркны 23-нӡа Казань ақалақь аҿы. Ахәмаррақәа рхы аладырхәраны иҟоуп 5000-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Атурнир апрограмма аҿы иҟоуп 29 дисциплина ала аицлабрақәа.
Аурыс драматә театр Москва имҩаԥнагоз агастрольқәа хыркәшахеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ф.Искандер ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр мшаԥымза 6 - 9 рзы Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь аҿы есышықәса имҩаԥысуа агастроль дуқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи ахәаԥшцәа ф-спектакльк днарбеит.
Ԥшьымш ирылагӡаны москватәи апублика еиуеиԥшым ажанрқәа рыла ишьақәгылоу атемақәа, авторцәа, арежиссиор-ақәыргылаҩцәа рыла инеибеиԥшым ақәыргыламҭақәа дырбахеит.
Даниил Харчлаа XXVI Жәларбжьаратәи аицлабра «BAIKAL OPEN» аҿы араӡнытә аԥхьахә игеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Даниил Харчлаа зхы иақәиҭу аиқәԥара азы ахацәа рыбжьара XXVI Жәларбжьаратәи аицлабра «BAIKAL OPEN» аҿы араӡнытә аԥхьахә игеит.
Афинал аҿы Даниил Харчлаа асчиот 4:3 ҳәа диҵахеит Красноиарсктәи аспортсмен Кежик Чымба, ҳәа адыра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Даниил Харчлаа 65 кьыла иҟоу рыбжьара Калининград акоманда ахьӡала дықәгылон.
Абаҩхатәра злоу аҿар ралкаареи урҭ алитература ахь абзиабара дыркреи: Очамчыратәи ашкол-интернат аҿы Дырмит Гәлиа изкны апоезиатә хәылԥазы мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьаша, мшаԥымза 11 рзы, С. П. Басариа ихьӡ зхоу Очамчыратәи ашкол-интернат аҿы араион алитератор ҿарацәа рсеминари апоезиатә хәылԥази еиҿнакааит.
Алитературатә хәылԥазы аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.
Ашкол-интернат аҿы еизеит еицырдыруа аԥсуа поетцәа, Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аусзуҩцәеи аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гиндиеи, арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи, аԥсуа поезиа абзибаҩцәа.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны абыргцәа Реидгыла ахантәыҩы Аполлон Думааи ари аиҿкаара араионтә ҟәша ахантәаҩы Иури Лагәлааи.
«Ҳарҿиаратә еиҿкаара аусура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп ашколхәыҷқәа рԥылара, урҭ алархәны алитературатә семинарқәа, астол гьежьқәа, аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи. Ҳара ҳзы акыр аҵанакуеит абаҩхатәра злоу аҿар ралкаара, урҭ алитературеи асахьаркыратә ԥхьареи рахь абзиабара дыркра. Ҳазҭоу ашықәс Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп. Иахьа ҳара Дырмит Гәлиа изку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны араион алитератор ҿарацәа рсеминари апоезиатә хәылԥази мҩаԥаагоит», – ҳәа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу.
Мшаԥымза 14 рзы Аԥсны ашәахтә Маҵзура аԥҵара 30 шықәса ахыҵуеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 14 рзы Ареспублика Аԥсны ашәахтә Маҵзура аԥҵара 30 шықәса ахыҵуеит.
Мшаԥымза 14, 1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григории-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аус аруразы аиҿкаатә «Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рҳәынҭқарратә маҵзура азы». Ари арыцхә Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура анапҵахаз мшуп. Анаҩс, ԥхынҷкәынмза 2002 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ари амаҵзура Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аҳасабала ишьақәыргылахеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра шьақәгылоуп аппарат Хадеи, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыҧшь, Очамчыра, Гал араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы иаԥҵоу ашәахтә инспекциақәа рыла.
Аппарат Хада аилазаара иалоуп анаҩстәи аусбарҭақәа: азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; хазхаҭалатиә ахаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; аоперативтә усбарҭа; анализи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; азинқәҵаразы аусбарҭа; акадрқәеи аусеилыргареи рзы аусбарҭа; афинансқәеи аԥхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; аинформатизациазы аусбарҭа.
Раԥхьаӡа иргыланы, хықәкынагӡарак аҳасабала Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿаԥхьа иқәгылоуп атәыла аекономика иаҵанакуа асубиектқәа зегьы рыбжьара ашәахтә закәанԥҵара аусура ахылаԥшра аҭара, иԥҵәоу ашәахтқәеи, егьырҭ аизгақәеи рыгжьра амҭакәа, ианаамҭоу аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ралагаларазы.
Аппарат Хада аусбарҭақәа рпрактикатә усура ҵаҵҕәыс иамоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ауснагӡара хра злоу ахырхарҭақәа рыла, «Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтә маҵзуразы» захьӡу Азакәани, аминистрра аусбарҭақәа рықәҵарақәеи рыла.
Уажәтәи аамҭазы ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра асистема аҿы аус руеит 200-ҩык инареиҳаны аусзуҩцәа. 53-ҩык аусзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа роуп, урҭ рахьынтә 9-ҩык иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп.
Мшаԥымза 15, 1994 шықәса рзы ирыдыркылеит «Аҳәынҭқарратә шәахтә Маҵзура азы» азакәан, цәыббрамза 8, 1994 шықәса рзы – «Ашәахтә Маҵзура ашьаҭақәа рзы» азакәан рыдыркылеит. Уи Ареспублика Аԥсны аҿы ашәахтә система ашьақәгылара апринципқәа ҳәаақәнаҵоит, ареспублика абиуџьеттә система ахь иалагалахо ашәахтәқәа, аизгақәа, абаџьқәеи егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәеи рыхкқәа шьақәнаргылоит. Азакәан иара убас ашәахәтәқәа, аизгақәа, абаџьқәеи егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәеи зшәо ахаҿқәеи ашәахтә агентқәеи рҭакԥхықәрақәа, рзинқәа шьақәнаргылоит.
Мшаԥымза 1994 шықәсазы ашәахтқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура раԥхьатәи анапхгаҩыс дҟалеит Беслан Константин-иԥа Кәыбраа.
1998 шықәса инаркны 1999 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Григори Ражьден-иԥа Еныкь.
1999 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс дыҟан Константин Константин-иҧа Озган.
2002-2005 шықәсқәа рзы ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан А.Н. Лышәба.
2005-2010 шықәсқәа рзы ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Вахтанг Ахра-иҧа Ԥиԥиа.
2010 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Рауф Аслан-иԥа Цымцба.
Жьҭаарамза 2016 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Даур Лионти-иԥа Кәырмазиа.
Лаҵарамза 2021 шықәса инаркны аминистрра напхагара изиуеит Нанба Џьансыхә Едуард-иԥа.
2022 шықәса инаркны Аминистрра дахагылоуп Габелиа Михаил Валери-иԥа.
Аминистрра ашьақәгылара аамҭа азы еиԥш уажәгьы аусура ихадоу аспектқәа иреиуоуп ашәахтәшәаҩцәеи ашәахтә усбарҭеи реизыҟазаашьақәа ииашаны ашьақәыргылара.
Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа ҳаамҭа иақәшәо аинформациатә технологиақәа рхархәарала аусура еиҿнакаауеит.
Убас Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аусура иҿыцу аинформациатә технологиақәа ралагалара иазкны раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵан 2011-2012 шш. рзы. Актәи аетап аҿы анорма-зинтә база аԥҵан, иаахәан ихымԥадатәиу амаругақәа, раԥхьатәи апрограмматә аалыҵ ҭыжьын. Иарбоу аԥшьгара хықәкыс иаман ашәахтәшәаҩцәеи абиуџьети рыбжьара аицхшәаарақәа рзы аоперативтә база ашьақәыргылара.