«Атәыла иааиԥмырҟьаӡакәа фымцамчла аиқәыршәаразы ашықәс нҵәаанӡа еизгатәуп 1 млрд. мааҭ. Ари аԥара араионқәа рыбжьара иаҳшар ҳалшон. Абри атемала еснагь ақыҭақәа рхадацәа ирацәажәалатәуп, аҭыԥқәа ирҭаалатәуп, рхы иадырхәо афымцамч ахәԥса ашәара шымҩаԥысуа гәаҭалатәуп», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аизараҟны Ахада адырра иҭан аекономикатә зҵаарақәа жәпакы рынагӡашьазы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба аенергетика аусхкы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит. Уи иажәақәа рыла, мшаԥымзазы ахархәара зауз афымцамч ахәԥса аизгара процентла 48% рҟынӡа инаӡоит (мшаԥымза, 2023 шықәсазы – 27,5%).
Аиуристтә хаҿқәа рҟынтәи афымцамч ахәԥса аизгара процентла – 83% рҟынӡа инаӡоит, хазхаҭалатәи ахаҿқәа рыла – 29,8%.
Абиуџьет рбагақәа рзы аҳасабырбақәеи, араионқәа акурорттә аамҭа раазыҟаҵашьеи, ақыҭанхамҩа аҿиареи уҳәа ирыдҳәалоу аусхқәеи ирызкны араионқәеи ақалақьқәеи русбарҭақәа рхадацәа адырра ҟарҵеит.
Аиԥылара алҵшәақәа рыла аҳәынҭқарра Ахада Аиҳабыра иалкааны адҵақәа риҭеит.