
pressadmin-2
Пицунда акриптовалиута арҳара иазкыз 20 аппарат рыла ишьақәгылаз амаининг-ферма рыԥшааит.
Аҟәа. Мшаԥымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амаининг-ферма рыԥшааит Пицунда ақалақь, ацитрустә совхоз иахьаҵанакуа Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи Русбарҭеи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иаҿуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб напхгара зиҭо Ахылаԥшырҭа аҿы аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа азы адырра ииҭеит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амаҵзурақәа атуристцәа ахьаанкыло аобиектқәа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа – абылрацәыхьчара, аевакуациатә еиқәыршәара, уҳәа разыхиара гәарҭоит.
Атәылахьчара Аминистрра аҿы аплантә акомандаҟаҵара-штабтә мобилизациатә ҽазыҟаҵара мҩаԥысит.
Аҟәа. Мшаԥымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аибашьра аамҭазтәи арезерв хәҭақәеи урҭ шьақәзыргыло арратә комиссариатқәеи алархәны еиҿкааз акомандаҟаҵара-штабтә мобилизациатә ҽазыҟаҵара мҩаԥысит атәлахьчара Аминистрра аҟны.
Ари аусмҩаԥгатә инарҭбаау изаамҭанытәиу арратә зыҟаҵарақәа ретап ауп. Уи рхы аладырхәуеит Арбџьармчқәа арратә напхгараҭара аусбарҭақәа, арезерв хәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи атерриториалтә хьчара агәыԥқәа, арратә комиссариатқәа.
Акомандаҟаҵара-штабтә мобилизациатә ҽазыҟаҵара аҿы арезервтә хәҭақәеи арратә хәҭақәеи Арбџьармчқәа рыҟәшеиҵақәеи ркомандаҟаҵаратә напхгараҭареиарратә комиссариатқәеи русеицура азҵаарақәа аус рыдулара мҩаԥган.
Аӡиа Риҵа ааигәа-сигәа иҟоу аӷбашахатә лбаашьҭрақәа быжьба рҟынтәи акоуп ашәарҭадара анормақәа ирықәшәо.
Аҟәа. Мшаԥымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм Аминистрреи Аҳәынҭстандарти рыспециалистцәа планла иазԥхьагәаҭаз «зиплайн» ҳәа изышьҭоу аӷбашахатә лбаашьҭрақәа раттракционқәа ргәаҭара мҩаԥыргеит.
Аԥсуа телехәаԥшра иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу аобиектқәа ргәаҭараан хыԥхьаӡара рацәала ашәарҭадара атехника аилагарақәа аарԥшхеит. Азиплаинқәа реиҳарак ашәарҭадара анормақәа ирықәшәаӡом.
Аӡиа Риҵа ахь инагоу амҩала игылоу раԥхьатәи азиплаинқәа руак аусура аанкылоуп. Агәаҭараан аргыларазы азин зырҵабырго аусшәҟәқәеи реиԥш апроект ахаҭагьы шыҟам еилкаахеит. Иара аобиект ахаҭагьы аԥсҭазаара азы ишәарҭадам ҳәа алкаа ҟаҵан. Аттракцион зтәу ироуз азԥхьанҵақәа зегьы нарыгӡароуп.
4-тәи акилометр аҿы игылоу азиплаин макьана аус ауӡом, избан акәзар атуристтә сезон аламгаӡацт, аха уаанӡа игәарҭаз аттракцион аҿы еиԥш араагьы аӷбашахатә лбаашьҭырҭа аԥсҭазаара азы ашәарҭара аҵоуп ҳәа алкаа ҟаҵан. Араҟа ашәарҭадара анормақәа зегьы еилагоуп.
Аҳәынҭстандарт атехникатәи аенергетикатәи хылаԥшра адепартамент аҳәынҭинспектор Сергеи Потиомкин, иарбоу аобиект азы иҳаҩсыз ашықәс азгьы азԥхьанҵақәа ҟаҵан ҳәа иазгәеиҭеит.
Сергеи Потиомкин ишазгәеиҭаз ала, аилагарақәа раарԥшраан аттракцион аԥшәмацәа мызкы аҽҳәара аҭаны аилагарақәа рырҽеира азы азԥхьанҵа рырҭоит, аилагарақәа ӷәӷәазар, усҟан жәмш рыҩныҵҟа зегьы арҽеира алыршазароуп хымԥада.
Аӡиа Риҵа ахь инагоу амҩаду 6-тәи – 7-тәи акилометр аҿы игылоу аттракцион «зиплаин» убасҵәҟьа аҭагылазаашьа иахьеиӷьу ҳәа акгьы ыҟам. Аӷбашахатә лбашьҭыга амҿы иалху аӷәы мацарала иакуп.
Ҟарачы-Черқесстәи Ареспублика аҟынтәи хҩык аҵарауаа Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылацәас иалхуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 17 рзы Аԥсны анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум аилатәара мҩаԥысит. Араҟа Анаукақәа Ракадемиа хҩык ҳаҭыр зқәу алахәылацәа ралхра мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Академиа аофициалтә саит аҿы.
Нхыҵ Кавказ аҵарауаа ркандидатурақәа рыдгалара мҩаԥыргеит академикцәа Ианварби Екба, Валентин Коӷониа, Лили Ҳагба.
Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент, академик Зураб Џьапуа аиашьаратә Ҟарачы-Черқесстә Республика аҟынтәи аҵарауаа Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылацәас ралхра акыр зҵазкуа хҭысны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Акандидатцәа Пиотр Чекалов, Сергеи Пазов, Муминаҭ Гонова доусы рнаукатә усхкқәа рҿы еицырдыруа аспециалист дуқәаны иҟоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Зураб Џьапуа.
Ашьапылампылтә клуб «Риҵа» Гәдоуҭа – 30 шықәса ахыҵит.
Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 10 рзы 30 шықәса ҵит гәдоуҭатәи ашьапылампылтә Клуб «Риҵа» аԥҵеижьҭеи.
Ашьапылампылтә Клуб «Риҵа» раԥхьатәи аофициалтә матч рашәарамза 10, 1994 шықәса рзы 1994 шықәсазтәи ашьапылампылтә сезон азы Аԥсны ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.
Гәдоуҭатәи ашьапылампылтә Клуб усҟан акоманда «Аҟәа» (ВМС) акоманда иацхәмаруан. Ахәмарра асчиот 8:1 ала акоманда «Риҵа» аиааирала ихыркәшахеит.
Акоманда «Риҵа» 2001/2002, 2022 шш. рзы Аԥсны иачемпионуп, 2015, 2022 шш. Аԥсны Ахраҿа анашьан, 2019 ш. Аиааира Ахраҿа анашьан.
Аклуб Апрезидент – Беслан Гәыблиа, азыҟаҵаҩ Хада – Рафаель Багаҭелиа, амбахьчаҩцәа разыҟаҵаҩ – Баграҭ Ахба, азыҟаҵаҩ – Вадим Ҳагәышь.
Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы акоманда иадҳәалоу зегьы – анапхгараҭара, азыҟаҵаҩцәа рыштаб, административтә еилазаара, аветеранцәа, ашьпылампыласыҩцәа, аклуб апартниорцәа, иара убас, жәаҳәарада ари аспорт абзиабаҩцәа – аклуб 30-шықәса ахыҵра арыцхә инамаданы ирыдныҳәалоит.
Аҳҭнықалақьтәи аԥсеиқәырхаҩцәа абылрацәыхьчаратә спорт азы аицлабрақәа рҿы аиааира ргеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абылра-цәыхьчаратә спорт-2024 азы ареспублика иачемпионхеит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рҿы аԥшаара-еиқәырхаратә отриад акоманда.
Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра араионтә ҟәшеиҵақәа зегьы рхаҭарнакра зуаз акомандақәа икнарҳауа амардуан ала ахалара, амцарцәаразы ауснагӡатәқәа рынагӡара азыхиара, иара убас амцарцәараан ицәырҵыр зылшо аԥынгылақәа рахысра аҿы еицлабуан.
Ԥсоу аӡиас ала Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иааныркылеит здекларациа мҩаԥгамыз аҭаҭын аалыҵ ыиазгоз автомашьына БМВ.
Аҟәа. Мшаԥымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы 1992 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына BMW 5201 ааныркылеит.
Амашьынарныҟәцаҩ иазҵараан ихымԥадатәиу ашәҟәҭагалара зыхәҭоу, Евразиатәи Аекономикатә Еидгыла аҳәаа зыхгара ҟамло, мамзаргьы уи азы аԥкрақәа иаҵанакуа атауарқәа шимам азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Игәҩарахаз амашьына Амобилтә инспекциа-гәаҭаратә Комплекс ахгаразы идәықәырҵеит. Имҩаԥгаз агәаҭарала автомашьына BMW 5201 аҩнуҵҟа азауадтә былтәыҭгагақәа ирызку аҭыԥ аҿы аконтрабанда аарԥшын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура. «Аҳазалхратә гәаҭараан автомашьына аҩныҵҟа иаарԥшын аҳазалхратә хылаԥшра аҟынтәи иҵәахыз аҭаҭын аалыҵ», - ҳәа иазгәеиҭеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаатә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Алеқсеи Быков. – Автомашьына BMW 5201 аҩнуҵҟа азауадтә былтәыҭгагақәа ирызку аҭыԥ аҿы аконтрабанда аарԥшын. Аҳазалхыҩцәа «Morion Crystal Gold Slims» амарка иеиуоу 11 800 акцизтә дыргада иҟаз асигарет ҭыргеит. Аԥсны атәылауаҩ 600 ҭоԥ инарзынаԥшуа асигарет Урыстәылаҟа аиагара иҽазишәеит.
Басла аӡиас аҿы аҟәарарӷәӷәаратә усурақәа мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 17,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Басла аӡиас аҿы ааигәа-сигәа иҟоу анхарҭақәа, иара убас аҭыԥантәи анхацәа рымхәырсҭақәа аӡы рыҵалара аҟынтәи рыхьчара азы аӡышьҭра арыцқьареи ариашареи ирызку аусурақәа мҩаԥысуеит.
Мшаԥымза алагамҭазы аусуцәа Басла аӡиас арҵаулареи аамҭак ала уаҟа адамбақәа рыргылареи иазку аусурақәа ирылагеит. Анардкыларатә еиҿкаара ахаҭарнак, апрораб Едуард Цаава аӡиас ҵаулаӡам, уи ҭыԥқәак рҿы ӡӷаррала арра ҟалоит, аха ашхарахь аҵаақәа рыӡыҭраан уи ахыҵра адыруеит, убри ала ааигәа-сигәа инхо рзы ишәарҭахар алшоит ҳәа еиҭеиҳәеит. Едуард Цаава иажәақәа рыла, Басла аӡиас анхыҵлак уи иаԥну анхарҭақәа акыр азарал рнаҭоит. «Ҳара аусурақәа рынагӡараҿы ҳхы иаҳархәоит ҩ-КамАЗки екскаваторкгьы. Ари атехника ацхыраарала ҳара аусурақәа зегьы иазыԥҵәоу аҽҳәара иҭагӡаны ҳалгароуп», - ҳәа иҳәеит иара.
Аусурақәа ахьымҩаԥысуа 1,5 нызықь метра рҟынӡа инаӡо аҟәаратә цәаҳәа хә-хәҭакны ишоуп, урҭ зегьы ишәарҭоу аӡхыԥақәа ахьыҟоу ҭыԥқәоуп. Аусуцәа аӡиас иҭоу ахаҳәқәа адамба аргыларазы амаҭәахә аҳасабала рхы иадырхәоит. Убас ала иаразнак ҩ-зҵаарак рыӡбара алыршахоит: аӡиас аӡышьҭра арҵаулареи аҟәаратә цәаҳәа арӷәӷәареи. «Актәи аучастак аҿы, иаагозар, ҩ-нызықь кубометр рҟынӡа аԥслымӡ-бӷанҷтә еилаԥса ықәҳаԥсахьеит», - ҳәа иазгәеиҭеит апрораб Едуард Цаава.
89-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит аԥснытәи абызшәаҭҵааҩы Сариа Амҷԥҳа.
Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 89-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит зыхьӡ нагаз аԥснытәи аҵарауаҩ-абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет адоцент Сариа Алеқсандр-иԥҳа Амҷба.
Аректорат, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи зыԥсҭазаара иалҵыз аҵарауаҩ лҭаацәеи лҭынхацәеи гәалсра дула ирыдышшылоит.
Сариа Амҷԥҳа лыԥсҭазаареи лнаука-рҵаҩратә усура зегьи А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институти, анаҩс 1964 шықәса инаркны аус ахьылуаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети ирыдҳәалан. Уи лыԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырреи аҿар рааӡареи ирызкын, даҽа ԥсҭазаарак лымаӡамызт.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы лара абызшәадырра, абсуа бызшәеи абаза бызшәеи рҭоурых, абаза бызшәа адиалектологиа, ҳаамҭазтәи аԥсуа бызшәа, уҳәа рзы алекциақәа ркурсқәа дрыԥхьон. Арҭ адисциплинақәа зегьы рыла уи инагӡаны алекциақәа ркурсқәа еиқәыршәаны илыман.
Сариа Алеқсандр-иԥҳа иара убас Махачкала, Карачаевск, Анкара, Сҭампыл, Инегел, Лондон ақалақьқәа рҿы аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи ирызкны аԥсышәала, абаза бызшәала, аурыс бызшәала аԥсуа-базеи кавказтәи адиаспора азы алекциақәа рцикл даԥхьон.