АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Рашәара.2024

Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш инарҭбааны иазгәарҭоит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 1 азы традициала ишаԥу еиԥш иазгәарҭоит Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш.  Аха сынтәа иҟаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны ари аныҳәа азгәаҭара рашәарамза 3 ахь ииаган.  

Ари амш аҽны Аҟәа ақалақь, Ареспублика Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рыҟны еиԥш, ахәыҷқәа рзы еиҿкаан арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа жәпакы.  Аҟәа ақалақь, Т. Шамба ихьӡ зху апарк аҿы азеиԥшҵараиурҭақәа рааӡамҭацәа злаху аныҳәатә концерт еиҿкаахеит.

Изҭаху зегьы акәашарақәеи ашәаҳәарақәеи зцу аинтерактивтә хәмаррақәа, иара убас уаҩышәара иҟоу акьанџьақәа злаху афотоссесиа рхы аладырхәыр алшоит, убасҵәҟьа арԥшьшьара, асахьаҭхра, мамзаргьы ахәыҷтәы дәыӷба иақәтәаны анеиааира рылшоит.  

Т. Шамба ихьӡ зху апарк аҿы еиҿкаау аныҳәатә усмҩаԥгаптәқәа мҩаԥыслоит асааҭ  16:00 рҟынӡа. 

 

 

 


Read 165 times - Аҩаша, 04 Рашәара 2024 01:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.