АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Рашәара.2024

Гәылрыԥшь араион Ахадара Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аус ацура иазхиоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиеи уи ихаҭыԥуаҩцәа – Беслан Ҵнариеи Ливтина Ажьибеи дырԥылеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп аомбудсмен лофициалтә саит аҿы. Аиԥылара иалахәын иара убас араион Ахадара аструктуратә ҟәшеиҵақәа рхаҭарнакцәа, Гәылрыԥшь араионтә Еизара ахантәаҩы, араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи араион апрокуратуреи рнапхгара.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати араион Ахадареи реимадара, русеицура аԥышәа, араион аҿы ицәырҵуа актуалра злоу, Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат алахәхара зҭаху азҵаарақәа, араион ауааԥсыра Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат ахь адҵаалара шрылшо азы адырра рыларҵәара, араион иҷыдоу амаҵзурақәа русура, Ауаҩы изиқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати араион Ахадареи астатистикатә дыррақәа рыла аимадара рыбжьаҵара, аҭаацәа-бзазаратә амч ахархәара, уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.  

Араион ахада Саид Ҳаразиа аусеицура дшазхиоу иҳәеит, иара убас ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу  ҳәа изышьҭоу аинститут Аԥсны аҟазаара аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Иахьа ус еиԥш иҟоу аинститут ҳамоуп, уи, ҳәарада ҳаззыԥшыз, акыр хра злоу усуп. Шьҭа ҳара ауааԥсыра рзинқәа реилагара аҿагыларазы иахьадҵаалаша аусбарҭа атәы раҳҳәар ауеит.».

Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ливтина Ажьиба араион ауааԥсыра ирымоу ауадаҩрақәа ртәы далацәажәеит, иара убас Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу аппарат ахаҭарнакцәа ирыдылгалеит зықәра наӡам рзы акомиссиа аҿы аусеицура рыбжьарҵарц азы.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз уи иалахәыз араион ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭреи ахьчаразы аусеицура ишазхиоу азгәарҭеит.

Ари шьҭа аомбудсмен Аԥсны иахьаҵанакуа лусуратә ҭаарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуаз аԥшьбатәи еиԥыларан.


Read 234 times - Аҩаша, 04 Рашәара 2024 01:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.