АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Рашәара.2024

Адепутатцәа Аҳәынҭқарра Ахада изы азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Ареспублика Аԥсны Ахада изы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект рыдыркылеит.  

Ареспублика Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 51 инақәыршәаны, Ареспублика Аԥсны Ахада имаҵура данахагыло Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аԥсны Аконституциатә Ӡбарҭа аӡбаҩцәа алархәны аҭоуба шьҭаиҵоит.

Иара убри аамҭазы, «Ареспублика Аԥсны Ахада изы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ  7, ахәҭа 1 инақәыршәаны, ҿыц иалырхыз Ахада имаҵура данахагыло Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа алахәылацәа алархәны аҭоуба шьҭаиҵоит.

Ас еиԥш аиқәымшәара ҟалеит Аконституциатә Ӡбарҭа аинститут аԥҵареи,  уи  инамаданы Ареспублика Аԥсны Аконституциа аиҭакра алагалареи ирыхҟьаны.  

Уажәы Аҳәынҭқарра Ахада изы азакәан иалагалахо арҽеира ари аиқәымшәара ариашоит.


Read 218 times - Аҩаша, 04 Рашәара 2024 01:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.