АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Рашәара.2024

Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Ачымазара ҿыкқәа рыларҵәара аԥхьырҟәҟәаара иазку апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Ачымазара ҿыкқәа рыларҵәара аԥхьырҟәҟәаара иазку апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы» азакәан апроекти уи иадҳәалоу «Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроекти рыдыркылеит.

«Ачымазара ҿыкқәа рыларҵәара аԥхьырҟәҟәаара иазку апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы» азакәан апроект ачымазара ҿыкқәа  рзы аиммунопрофилактика амҩаԥгара аганахьала аҳәынҭқарратә политика ашьаҭақәа шьақәнаргылоит.

Иарбоу азакәан апроект, уи авторцәа ргәаанагарала, алаҵақәа рыҟаҵаралеи егьырҭ апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәеи реиҿкааралеи ачымазара ҿыкқәа раԥыхреи рыларҵәара аанкылареи азаардырреи   иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа еффективла рынагӡара иацхраауеит.

«Ауааԥсыра ачымазара ҿыкқәа рылаҵәара рацәыхьчара адунеи зегьы аҿы зегь реиҳа актуалра злоу проблеманы иҟоуп. Ачымазара ҿыкқәа азаардырра аҳасабала иҟоу аиммунопрофилактика ауп. Ачымазара ҿыкқәа рҿагылара азы аиммунопрофилактика амҩаԥгара ауаҩы изинқәа рыхьчара, аҳәынҭқарратә политика, аҭакԥхықәра, уҳәа реиԥш иҟоу аспектқәа ирыдҳәалоуп, насгьы уи азинтә еиҿкаареи аҭышәынтәалареи аҭахны иҟоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп азакәан апроект иацу аилыркаагатә шәҟәы. 

Аиммунопрофилактика аусхкы аҿы анормативтә база ашьақәыргылара азы азԥхьаҭагылазаашьқәас иҟоу аҵыхәтәантәи аамҭазы иусбар залымшо ачымазара ҿыкқәа зыхьуа рхыԥхьаӡара аизҳара иадҳәалоу аобиективтә мзызсқәа.

Иарбоу азакәан апроект аиммунопрофилактика аганахьала аусура аиҿкаара ашьаҭақәа шьақәнаргылоит:

– Аминистрцәа Реилазаара аҿы апрофилактикатә лаҵақәа рымзар ашьақәырӷәӷәара;  

– аауааԥсыра аепидемиологиатә рбагақәа рыла апрофилактикатә лаҵақәа анырзыҟарҵо аҭагылазаашьақәа;

– апрофилактикатә лаҵақәа рымҩаԥгаразы ахымԥадатәра шыҟоу аазырԥшуа аҭагылазаашьақәа;

– аиммунопрофилактиа амҩаԥгаразы ахархәара зауа аиммунобиологиатә маҭәашьарқәа рзы аԥҟарақәа, аиммунопрофилактиа азы рхы иадырхәо аиммуннобиологиатә хәшәытә маҭәашьарқәа раагареи рыҵәахреи рзы аԥҟарақәа.

Азакәхан апроект иара убас алаҵашьҭахьтәи агәабзиара аҭагылазаашьа ауадаҩхараан ауааԥсра асоциалтә дгылара рыҭара шьақәзыргыло анормақәа арбоуп.

Убас, алаҵашьҭахьтәи агәабзиара аҭагылазаашьа ауадаҩхараан ауааԥсыра аҳәынҭқарратә ԥаразоужьреи есымзатәи амцхәратә шәатәқәа раиуреи рзы азин рымоуп.

 

 


Read 144 times - Аҩаша, 04 Рашәара 2024 02:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.