АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Рашәара.2024

Ахәыҷқәа рыхьчара Амш азгәарҭеит Очамчыра ақалақь аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш инарҭбааны иазгәарҭеит Очамчыра ақалақь аҿы.

Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш Очамчыра ақалақь аҿы азгәаҭара иалагеит «илахҿыху астартқәа» рыла. Анаҩс ахәыҷқәа ирзыԥшын акатер иақәтәаны амшын ала аныҟәара, иара убас  шаҟа узыфо аршәы.

Амш аҩбатәи азыбжазы ақалақь Ахадара ахыбра аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы аныҳәа зызкыз зегьы ирзеиҿкаахеит аинтерес зҵоу аконкурсқәеи аҟаза иклассқәеи.  Ахәылбыҽханӡа изҭахыз зегьы ахыци ахәымпали рыла ахысразы алшара рзаԥҵан.  

Аныҳәа рхы аладырхәит ақалақь ауааԥсыра рыдагьы уи иаҭааз асасцәагьы. Аныҳәатә гәалаҟазаара ахәыҷқәа рҟынтәи адуцәагьы рахь ииасит.

Аныҳәатә программа хдыркәшеит аниматорцәа рықәгыларақәа рыла — ахәыҷтәы фильмқәа рфырхацәа рықәгыларақәа, иԥшӡаны еиҿкааз ашоу, иара убас ашәахтә гәырҿыхара.

Ахәылбыҽха,  анылашьца, Очамчыратәи ажәҩан арлашеит аныҳәатә феиерверк.

 


Read 143 times - Ашәахьа, 03 Рашәара 2024 23:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.