АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Лаҵара.2024

35 цыра амаининг-аппаратқәа ԥшааны ирымырхит Очамыра араион аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аоперативтә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәеи Очамчыра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи, Очамчыра араион Аҭара ақыҭан ирыԥшааит 35 цыра акриптовалиута арҳара иазку амаининг-аппаратқәа.  Амаининг ферма ахатәы ҩны иаҵанакуа адгьылҵакыра аҿы игылоу аԥхьакырҭа хыбра аҿы иҩнагылан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла, иарбоу аппаратқәа иадырхәоз афымцамч азеиԥш мчхара 122 кВт/м рҟынӡа инаӡоит.  

 Аппаратқәа рконфискациа мҩаԥыргеит. Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аусеилыргареи рыҟәша ахь идәықәырҵеит.   


Read 107 times - Ашәахьа, 03 Рашәара 2024 02:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.