АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Лаҵара.2024

Аслан Бжьаниа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза адгьылҵакыраҟны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза адгьылҵакыраҟны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа хантәаҩра ззиуаз аусуратә еилацәажәара.

Аилацәажәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атрансопрти рминистр  Џьансыхә Нанба, иара убас еиуеиԥшым амаҵзурақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, аҳаирбаӷәаза аусзуҩцәа.

Аиԥылараҟны тема хаданы иқәгылан аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа.  Аилацәажәараҟны инарҭбааны ирзааҭгылеит ареспублика атранспорттә инфраструктуразы акрызҵазкуаны иҟоу зымҽхак ҭбаау ари апроект аганқәа зегьы.

Ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа мҩаԥысуеит ашьҭԥраара-ртәарҭатә цәаҳәаҟны адҷарсҭақәеи аҳаирпланказармеи реиҭашьақәыргаларазы, аиԥшьырҭақәа агерметизациа рзуразы. Аперрон аҟны ихацыркуп ахҟьа хыхьтәи аҿыгҳара ақәхра иазку аусура.

Ихыркәшоуп аинерттә материалқәа рышьҭаҵарҭақәа реиҿкааразы абаза азырхиаразы аусура.

Иара убас имҩаԥысуеит аиҭашьақәыргылара апроцесс аан хархәара зауа ацемент-бетонтә зауадқәа реибыҭара.

Аилацәажәара ахыркәшара ашьҭахь Ахада дахәаԥшны ибеит ашьҭԥраара-ртәарҭатә цәаҳәаҟны аусурақәа шымҩаԥысуа. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аусурақәа зегьы ишьақәыргылоу аамҭеихша  иақәыршәаны ишымҩаԥысуа.

Аслан Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара иазку апроект қәҿиарала анагӡара Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономикатә ҿиаразы, хархәара зауа атранспорти апассаџьырцәа рзы амаҵзурақәа рыҩаӡара ашьҭыхреи рзы лагаламҭа дуны ишыҟало. 

 


Read 147 times - Ашәахьа, 03 Рашәара 2024 02:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.