АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Лаҵара.2024

Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа Аиҳабы Андреи Кудимови Аҳәаахьчаратә усбарҭа хаҭалатәи аилазаара зегьи Аҳәаахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа  Аиҳабы Андреи Кудимови Аҳәаахьчаратә усбарҭа хаҭалатәи аилазаара зегьи Аҳәаахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалара аҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Андреи Иури-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит, иара убас Урыстәыла Аҳәаахьчаратә усбарҭа хаҭалатәи аилазаара зегьы ирыдысныҳәалоит Аҳәаахьчаҩ Имш!

Урыстәыла Афедератә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура аиашазы ҳаҭыр змоу, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы аҭакԥхықәра зцу, иарбантәылазаалак аԥсҭазаараҟны аҭыԥ ҷыда аанызкыло маҵзуроуп.

Иарбан аамҭазаалак, уахынла акәыз аҽынла акәыз, аҳәаахьчаҩцәа Аԥсадгьыл ахьчаразы игылоуп. Аҭоурых ишаҳнарбо ала, Урыстәыла аҳәаақәа рыхьчаҩцәа аамҭақәа зегьы раан ҷыдала агәымшәара, ахачҳара, аԥсадгьыл абзиабара змаз ракәын. 

2009 шықәса мшаԥымза 30 рзы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа иаҵарҩыз «Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараҟны аицхырааразы» Аиқәшаҳаҭра аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҟны акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит.  Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура аусзуҩцәа аԥсуа коллегацәа рыцырхырааны Ҳаԥсадгьыл аҳәаақәа рыхьчаразы игылоуп.

Урҭ аҭынчреи ҳаԥсадгьыл аҳәаақәа ршәарҭадареи хылаԥшра арҭоит. Аԥсны жәлар гәыкала иҭабуп ҳәа рарҳәоит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа  инарыгӡо амаҵзуразы. 

Ҳаҭыр зқәу Андреи Иури-иԥа, абри аныҳәамш аҽны Шәаргьы, иара убас Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура аррамаҵурауаа зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, инашәыгӡо амаҵзураҟны аихьӡарақәа, аҭынчра, аманшәалара». 

 

 


Read 117 times - Ашәахьа, 03 Рашәара 2024 01:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.