АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Лаҵара.2024

Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәылантәи ихынҳәыз аделегациа идикылеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада иара инапынҵала Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш инамаданы Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз аделегациа идикылеит.

Аԥснытәи аделегациа напхгара азызуаз Вадим Ҳаразиа Ахада изеиҭеиҳәеит имҩаԥысыз аусуратә ныҟәара атәы. «Сҭамԥыл имҩаԥысит Аԥсуа культуратә центрқәа р-Федерациеи Абыргцәа рхеилаки рылахәцәа рԥылара.

Ҳрылацәажәеит ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә Ԥсадгьыли дареи реимадара иазкыз азҵаарақәа», - иҳәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы. 

Аделегациа алахәцәа – Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы   Вадим Ҳаразиа, Ауаажәларратә палата ахаҭарнак Давид Ԥлиа, Гәдоуҭа араион Администрациа ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба Аслана Бжьаниа иарҳәеит аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Аԥсны аус ацура, ахынҳәра азҵаара азҿлымҳара ду шарҭо. 

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит адиаспора аус ацура азҵаара ихадароу хырхарҭаны ишыҟоу, иазгәеиҭеит 30 шықәса раахыс аԥсуа диаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәаразы, зыҩныҟа ихынҳәыз арепатриантцәа адгылара рыҭаразы аусура шымҩаԥысуа.

«Иҟаҵоу рацәоуп, аха уи аҿы ҳзаангылаӡом, Аԥсни ҳџьынџьуааи реимадара арҿиаразы иҵегьы аус утәуп. Урҭ ирдыруазароуп Аԥсны даргьы ҳаргьы ҳаԥсадгьыл шакәу, Аԥсадгьыл ахь рыхынҳәра аус зҿлымҳара ду шаҳҭо. Ҳаидгыланы аус аауроуп ҳаԥсадгьыл  аизҳазыӷьаразы», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аиԥылара далахәын иара убас Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.

 

 


Read 106 times - Ашәахьа, 03 Рашәара 2024 01:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.