АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Лаҵара.2024

Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара еиду урыстәылатәи арратә база азы аԥсны-урыстәылатәи Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы апкаанҵа апроект иақәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара еиду урыстәылатәи арратә база азы аԥсны-урыстәылатәи аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы апкаанҵа апроект иақәшаҳаҭхеит.

«Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аӡбамҭа аднакылеит: Атәылахьчара Аминистрра зыдгалара мҩаԥнагаз, уи  иазҿлымҳау анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәа ақәыршаҳаҭны заанаҵы Аԥснытәи Аган алархәны аус зыдулаз, Аԥсны иҟоу еиду урыстәылатәи арратә база азы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи жәабранмза 17, 2010 шықәса рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа апроект (иацуп) ақәшаҳаҭра аиуроуп», - ҳәа иаҳәоит азинтә шәҟәынҵақәа официалла ркьыԥхьра асаит аҿы икьыԥхьу Ақәҵара атекст аҿы.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иахь апкаанҵа анапаҵыҩразы ажәалагала ҟаҵоуп.

Аусшәҟәы азинмчы аиуоит Аганқәа иахәҭоу аҳәынҭқарраҩныҵҟатәи апроцедурақәа зегьы шынарыгӡаз ала аҵыхәтәантәи шәҟәыла еиқәыршәоу адырра адипломаттә каналқәа рыла аиура аныҟалалак ашьҭахь.  

Апкаанҵа ацҵа еиду урстәылатәи арратә база аобиектқәа рдислокациа аҭыԥқҵәа рсиа арбоуп.


Read 94 times - Ашәахьа, 03 Рашәара 2024 00:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.