АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Лаҵара.2024

Беслан Ешба Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара азы Адҵа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ақалақь аҿы Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара азы Адҵа инапы аҵаиҩит.

Адҵа инақәыршәаны, рашәарамза 1-2, 2024 шықәса рзы аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы. Урҭ реиҿкааразы иаԥҵоуп аусуратә гәыԥ, иахәҭоу амаҵзурақәа зегьы урҭ рымҩаԥгаразы аплошьадкақәа реиқәыршәаразы адҵа рыҭоуп.   

Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра абылрацәыхьчаратә маҵзуреи ауаажәларратә зинеиҿкаареи абылрацәыхьчаратә бригада аԥыԥшра аиҿкаареи рзы иназыцҵоу ауснагӡатәқәа рынагӡаразы абжьгарақәа ҟаҵоуп. Агәабзиарахьчара Аусбарҭа – ирласу амедицинатә цхыраара амашьана аргыларазы. 

Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш Аҟәа ақалақь аҿы азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатә хадақәа рыплан.  

Рашәарамза 1, 2024 шықәса рзы:

Асааҭ 11:00 инаркны асааҭ 12:00 рҟынӡа  Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы имҩаԥгахоит згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы аниматорцәа злаху арлахҿыхратә усмҩаԥгатә. 

Асааҭ 11:00 инаркны асааҭ  16:00 рҟынӡа  Т. Шамба ихьӡ зху апарк аҿы имҩаԥгахоит аинтерес зҵоу абарҭ аусмҩаԥгатәқәа:

– амузыкатә спектакль «Ӡызлан дзықәшәаз-дзынԥаз  ахҭысқәа» («Приключение Русалочки»);

– акәашарақәеи ахәмаррақәеи зцу арлахҿыхратә интерактивтә программа, уаҩышәара иҟоу акьанџьақәа ирыдгыланы афотосессиа амҩаԥгара;

– аныҳәатә концерт;

–Аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа рықәгыларақәа. Ақалақь ауааԥсыра рыдныҳәаларақәа, ахәыҷқәа асценаҿы рықәгыларақәа;

– арԥшьшьара, асахьаҭыхра, аспорттә хәмаррақәа, ахәыҷтәы дәыӷба ақәтәара.

Асааҭ  16:00 инаркны асааҭ 19:00 рҟынӡа Т. Шамба ихьӡ зху апарк аҿы:

– Аҟәатәи Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ агимнастцәа аныҳәатә рықәгылара;

– уаҩышәара иҟоу акьанџьақәа ирыдгыланы афотосессиа амҩаԥгара;

– амузыкатә спектакль «Ӡызлан дзықәшәаз-дзынԥаз  ахҭысқәа» («Приключение Русалочки»);  

– акәашарақәеи ахәмаррақәеи зцу арлахҿыхратә интерактивтә программа;

– арԥшьшьара, асахьаҭыхра, аспорттә хәмаррақәа, ахәыҷтәы дәыӷба ақәтәара.

Асааҭ 16:00 рзы Б. Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҿы:

– аниматорцәа алархәны ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программа (уаҩышәара иҟоу акьанџьақәа, ашәахтә гәырҿыхара, ашьақартә бамба, узықәтәар ҟало акьанџьақәа); аквагрим, акаҭран аҿы асахьақәа рҭыхра аконкурс;

– аҳамҭақәа рыҭара;

– анышәаԥшь ала арԥшьшьара азы аҟаза-икласс;

– идуу, аӷәраҿы идыргылоу ашахматқәа  рыла ахәмарра.

Асааҭ 16:30 инаркны асааҭ 23:00 рҟынӡа ирласны акрыфара аресторан «А-бургер» (Леон имҩаду, ахыбра №1) аҿы агәыҳалалратә акциа «Ахәыҷра аныҳәа. Иразу акартош» мҩаԥыслоит.  

Асааҭ 18:00 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа иҟоу аплошьадь аҿы иалагоит аныҳәатә концерт  «Ахәыҷра». Араҟа иқәгылоит ахәыҷтәы хореографиатәи авокалтәи аколлективқәа.

Рашәарамза 2, асааҭ 11:00 инаркны асааҭ  15:00 рҟынӡа Т. Шамба ихьӡ зху апарк аҿы аныҳәа иацҵахоит:

– арԥшьшьара, асахьаҭыхра, аспорттә хәмаррақәа;

– уаҩышәара инеиуа акьанџьақәа аплархәны адискотека мҩаԥгахоит;

– афотосессиа мҩаԥысуеит.

 

 

 

 

 


Read 94 times - Ашәахьа, 03 Рашәара 2024 00:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.