АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Лаҵара.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Аҟәа. Лаҵарамза 29,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа,  Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба,  Аԥсны Жәлар Реизара – Аапарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Ахада Иусбарҭа  Анапхгаҩы   Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаа, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ   Михаил Шургалин Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь Џьгьарда ақыҭан иԥсыжырҭаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҩбатәи Ахада игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас Аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь (хәажәкырамза 4, 1949ш. – лапҵарамза 29, 2011 шықәса) иԥсҭазаара далҵит 13 шықәса раԥхьа,  2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы Москва, Урыстәыла амедицина-биологиатә усбарҭа 83-тәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟны ирԥҳаҿы иҟаҵаз аԥҟара анаҩс мчыбжьык ашьҭахь.

Ихыҵуан 62 шықәса.

 


Read 100 times - Ашәахьа, 03 Рашәара 2024 11:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.