Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 32 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза 11, 1992 шықәса рзы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аԥсны атәылахьчара Аминистрреи Арбџьармчқәа Рыштаб Хадеи раԥҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Ари арыцхә официалла – Аԥсуа ар аира Амш ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара мҩаԥысуан иуадаҩыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьақәа раан, ареспублика ахьыԥшымра азы ишьаарҵәыраз аибашьра анцоз аамҭазы.
Жьҭаарамза 11 Аԥсны Арбџьармчқәа анаԥҵаз амш ауп, аха уаанӡа, ԥхынҷкәын 29, 1991 шықәсазы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи архәҭақәа Хазы игоу рполк еиҿкаан. Уи еиҿкаан Аԥсны иҟаз Асовет Еидгыла архәҭақәа рбазала. Уи напхгара арҭон аподполковник Гиви Агрбеи амилициа амаиор Вахтанг Цыгәбеи. Ари аполк аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз иреиуоуп афициарцәа Владимир Аршба, Денвар Асланӡиа, Иури Романов, Баҭал Џьопуа, Беслан Ҵәыџьба, Валери Делба, Рауль Муцба, Сергеи Аршба, Нури Багаҭелиа, Вианор Ашба, уҳәа аԥсуа ҵеицәа иашақәа аӡәырҩы.
Нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы ақырҭуа арбџьармчқәа аҳәаа еилаганы Аԥсны иақәлеит. Урҭ хықәы хадас ирыман Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет аԥыхра. Раԥхьатәи аидыслара ҟалеит август 14 аҽны, Охәреи ақыҭан. Уакәын аԥсуаа рырхәҭақәа ахьгылаз, Егры акәмызт. Аибашьра ианалага зыԥсадгьыл ахьчаразы хатәгәаԥхарала абџьар иаҵагылаз ауаа еидызкылашаз мчрак ыҟазар акәын. Убри аҟнытә Нанҳәамза 18, 1992 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет аиҿкаара азы Ақәҵара аднакылеит.
Убри аамҭазгьы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵара инақәыршәаны, Аҩныҵҟатәи арбџьармчқәа хазы игоу рполк акомандаҟаҵаҩ идҵан хәышә-хәышә ҩык злоу ҩ-батальонк раԥҵара. Аха аполк алшарақәа рымацара азхаӡомызт аҟнытә ар аиҿкаара напы аркын.
Цәыббрамза 3, 1992 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Кавказ ареспубликақәа рхадацәа реиԥылара, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи, Аԥсныи рхадацәа алархәны, иара убас Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәылатәи атәылаҿацәи рнапхгаҩцәа алархәны.
Цәыббрамза 5 рзы – аамҭала аибашьра аанкылара алагара ашьҭахь 10 минуҭк ааҵуаны еиԥш, (асааҭ 12:00 рзы) уи ақырҭуа архәҭақәа рганахьала Алада Ешыра иҟаз аԥсуа архәҭақәа рхырӷәӷәарҭақәа рылахысрала еилаган. Иара уааҵәҟьа, қырҭтәылатәи архәҭақәа асааҭ 22:30 рзы атанкқәа рыла ажәылара рҽазыршәеит. Цәыббрамза 9 рзы – Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рҿы цәыббрамза 10, 00 сааҭ инаркны аиҿахысра аанкылара азы аиқәшаҳаҭра бжьаҵан. Аиқәшаҳаҭра ҩаԥхьа еилагоуп. Анаҩс, цәыббрамза 15, 17 рзы ирыбжьарҵаз аиқшаҳаҭрақәагьы анагӡара залмыршахеит, ақырҭуа ган ала иахьеилагаз инамадан.
Жьҭаарамза 1 - 6 рзы – аԥсуаа Гагра ақалақьи Гагра араиони Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы ақәиҭтәра азы ажәылара аԥшьыргеит. Жьҭаарамза 1 – асааҭ 17:00 рзы аԥснытәи архәҭақәа ажәылара иалагоит, Колхьыда аҳабла (уажәы Ԥсахара) ааныркылоит; жьҭаарамза 2 – ахы иақәиҭтәхеит Гагра ақалақь; жьҭаарамза 3 – Қырҭтәыла Арбџьармчқәа ақалақь абомбақәа аларыжьуа иалагеит, уи иахҟьаны хыԥхьаӡара рацәала аҭыԥантәи аҭынч уааԥсыра ҭахеит. Гагра ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларатә роперациа раԥхьатәи иааирахеит ари аибашьра аҿы.
Жьҭаарамза 11 рзы – Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Ари арыцхә официалла Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп. Атәылахьчара аминистрра анеиҿыркаа, аминистрс дҟаҵан Владимир Аршба, иара Москватәи аиқәшаҳаҭра ашьҭахь Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩыс дарҭеит, Аштаб хада аиҳабыс – Сулҭан Сосналиев.
Аштаб хада аиԥш реиҿкаара иалагеит анапхгараҭарақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа. 1992 шықәса жьҭаара 28 рзы иаԥҵан Арбџьармчқәа рҟны атыл амаҵзура, абџьари атехникеи рнапхгараҭара, амедицинатә маҵзура.
Аибашьраан Атәылахьчара аминистрра аилазараҿы иаԥҵан аррамаҵзурауаа аус рыдызуло аинститут, нас уи акомиссарцәа ринститут ҳәа еиҭакын. Аԥсны Арбџьармчқәа ркомиссарс дҟаҵан аполковник Сергеи Шамба.
Ажьырныҳәа 8, 1993 шықәсазы Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум аҿы — Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба — Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хадас иҟаҵаразы Ақәҵара рыдыркылеит.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иахагылан ззанааҭдырра ҳараыз арратә напхгаҩцәа: Владимир Аршба, Султан Сосналиев, Владимир Миканба, Рауль Ҳаџьымба, Виачеслав Ешба, Мираб Кьышьмариа. Дара зегьы атәылахьчаралшара арӷәӷәаразы ирылдыршаз рацәоуп. Уажәы атәылахьчара аминистрс дыҟоуп ар аинрал-половник Владимир Ануа.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иааубаратәы иазҳаит арратә зыҟаҵара аҩаӡара, еиҳа-еиҳа еиӷьхо иаауеит аматериал-техникатә база. Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа рырратә ҟазареи разыҟаҵареи аҩаӡара шьҭырхуеит. Иааиԥмырҟьаӡакәа иҩаԥысуеит атактикатәи иҷыдоу-ататикатәи акоманда-штабтәи амобилизациатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа. Урҭ аиҳара алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит.
Аԥсны атәылахьчара аминистр Владиир Ануа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2020 шықәса инаркны 2024 шықәсанӡа атәылахьчара Аминистрра арратә биуџьет ҩынтә иазҳаит.
2024 шықәсазы, Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа инақәыршәаны, аиҿкаара-штаттә структура аиӷьтәра, ар аибашьратә еилазаара аизырҳара, иҿыцу аибашьратә методқәа ралагалареи архәҭақәа ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа раршьцылареи иазырханы ауснагӡатәқәа жәпакы мҩаԥган.
Аԥсны Арбџьармчқәа Рымш аҽны Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭақара ацеремониа мҩаԥысит.