АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2024

Ихыркәшахеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Рубен Дилениан игәалашәара иазкны еиҿкааз аԥкьаҭмпыл азы атурнир.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны зҽасазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз абаҩрҵәыратә культуреи аспорти русзуҩ Рубен Дилениан игәалашәара иазкыз аԥкьаҭмпыл азы атурнир хыркәшахеит Аҟәа ақалақь аҿы.

Убас, 8 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҵбууи аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Адель Папба (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Мила Матуа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит – Аилин Герхьелиа (ақ. Аҟәа).

Иарбоу ақәратә категориа иаҵанакуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Владимир Бениа (ақ. Аҟәа).

13 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҵбууи аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Меланиа Гәымба (ақ.Пицунда), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Валериа Емексузиан (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ  аанылкылеит – Алиа Ҵнариа (ақ. Аҟәа).

Иарбоу агәыԥ иаҵанакуа аҷкәынцәа рыбжьара аиааира игеит Сабри Нанба (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп Лионель Қриа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп – Лаша Шамба (ақ. Пицунда).

Зықәра наӡоу аспортсменцәа рыбжьара аиааира лгеит Лолита Хмаил, аҩбатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп Лаура Ҭаниа, ахԥатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп – Емилиа Халбад.

Ахацәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Григори Табариан, аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Дмитри Осиа, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит – Андреи Дилениан.

Аиааиреи аԥхьахәқәеи згаз зегьы Ареспублика Аԥсны аерманцәа Рхеилак ахьӡала аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.


Read 164 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.