АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Жьҭаара.2024

Раԥхьатәи аиԥхныҩларатә марафон «Аҟәа-Амарафон» мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, аспонсор хада – аспорттә тауарқәа рзы урыстәылатәи агипермаркет «Деспорт», иара убас хаҭала амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил» адиректор хада Борис Барцыц иҟарҵаз адгыларала жьҭаарамза 25-27 рзы имҩаԥысуеит «Аҟәа-Амарафон».

Аиԥхныҩлара рхы аладырхәраны иҟоуп 1000-ҩык инарзынаԥшуа зықәра наӡоу аспортсменцәеи аҩра абзиабаҩцәеи, иара убас  500-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.

«Аҟәа-Амарафон» ажәытә қалақь амҩақәа рҿы, зинтересқәа еиқәшәо ауаа рыбжьара умчқәа рԥышәареи илыԥшааху аспорттә хҭыс ду агәылахалареи рзы алшара аԥнаҵоит.  Аҩҩцәа дара-дара еибадырырц, акы иаламҩашьо Аҟәа ақалақь аԥшӡарақәа рбара азы алшара роуеит.  

«Доусы иара инаало, имч-илша зықәхо адистанциа алихыр ҟалоит – ҿыц ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа зхы алазырхәагьы аԥышәа змоу аҩҩцәагьы», - ҳәа иазгәаҭоуп амарафон апресс-релиз аҿы.   

«Аҟәа-Амарафон» уалахәхар ҟалоит активла азгәыбылҩы иаҳасабалагьы, иара убри ала аспортсменцәа ргәалаҟазаара ашьҭыхра.

««Аҟәа-Амарафон» амҩаԥгара – ари акыр зҵазкуа хҭысуп Аԥсны азы. Ҳара амассатә спорт аҿиара амилаҭ ргәабзиара арӷәӷәара аҿы ихадоу фактор аҳасабала ҳахәаԥшуеит. Ас еиԥш аԥшьгарақәа адгылара рыҭо, ҳара ҳтәыла аԥеиԥш ахь, дарбанызаалак атәылауаҩ еизҳазыӷьара, игәабзиара азы  хра злоу алагала ҟаҳҵоит. Агәра ганы ҳаҟоуп, «Аҟәа-Амарафон» аспорт ауаа шеиднакыло ҳзырбо, зеиӷьаҟам ҳтәыла аҿиара ишацхраауа шьақәзырӷәӷәо акакәны ишыҟоу», – ҳәа иазгәарҭоит ари аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа.

Урыстәылатәи абренд «Деспорт» аиԥхныҩлара алахәылацәа амарафон зегьы иалагӡаны ирыцзаауеит.

«Агипермаркет ари аусмҩаԥгатә алахәхара – ауаа реидкылара, урҭ рпотенциал аартра аҿы аспорт амч азхаҵара иазырхоу аилазаара афилософиа аанарԥшуеит. «Деспорт» амассатә спорт адгылара аҭара адагьы уи дарбанызаалак ауаҩы иԥсҭазаара иузаҟәымҭхо хәҭаны аҟаҵара азы аҽазышәарақәа ҟанаҵоит. Ари амиссиа аилазаара анагӡара мҩаԥнагоит ахатә дәқьанқәа рҿы  хкы рацәала еилоу аспорттә тауарқәа рыдгаларала, аилазаара ахатә тауартә дырга змоу атауарқәагьы уахь иналаҵаны.  Ас еиԥш аус азнеишьа аспорт ала аҽазыҟаҵара еиҳа иманшәаланы, аинтерес аҵаны иҟанаҵоит», – ҳәа иазгәарҭеит «Деспорт» аҿы.

13 шықәса зхымҵӡац ахәыҷқәа рзы ҷыдала еиҿкаауп ахәыҷтәы еиԥхныҩлара.

Ахәыҷтәы еиԥхныҩлара мҩаԥгахоит жьҭаарамза 26 рзы: 6 шықәса зхымҵӡац атлетцәа 500 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы еицлабуеит, 6 -13 шықәса зхыҵуа –  1 км. рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы.

Аиҳабацәа жьҭаарамза 27 рзы ирзыԥшуп  аиԥхныҩларақәа 3: доусы еиҳа имч зықәхо, изыманшәалоу адистациа алихырц азы 42,2 км, 21,1 км, 5 км иҟоу адистанциақәа рҿы.

Амарафон амҩаԥгараан жьҭаарамза 25 - 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы егьырҭ аусмҩаԥгатәқәагьы мҩаԥысуеит. Убас:

Жьҭаарамза 26, асааҭ 10:00 инаркны асааҭ 19:00 рҟынӡа –  агастрономиатә фестивали амузыкатә фестивали;

Жьҭаарамза 27 рзы,  асааҭ 10:00 инаркны асааҭ 19:00 рҟынӡа  – амузыкатәии аҩытә фестивали.

 

 

 

 


Read 76 times - Ахаша, 16 Жьҭаара 2024 17:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.