23.Лаҵара.2024

Лаҵарамза 23 рзы – Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ (Апостол) Симон Канттәи Имш азгәарҭоит. анита. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ (Апостол)  Симон Канттәи Имш азгәарҭоит. Ари амш 2013 шықәса раахыс ареспублика аҿы аныҳәатә иусуратәым мшны ирылаҳәахоит.  Симон Канттәи Ацқьа Симон Кантәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп. Иҟоу адыррақәа рыла, I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы.

Симон Канттәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы.

Абри аамҭоуп Аԥсны ақьырсианра алаҵәара ианалагаз ҳәа иԥхьаӡоу.

Ари амш Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго зегьы рзы аҵак ду амоуп, избан акәзар Симон Канттәи араҟа ҳера 1 ашәышықәса азы ақьырсаинра алаирҵәон, араҟа иҟоуп уи ибаҩ-ашаҩ. Ицқьоу Ацҳаражәҳәаҩ ихьӡала Афон Ҿыц уи иԥсыжырҭа аҭыԥ аҿы игылоуп IХ-Х ашә. рзы идыргылаз аныхабаа. Ари амш аҽны ақьырсиан дин ныҟәызго Ԥсырӡха аԥсҭа  игылоу Симон Канттәи ихьӡ зху ари аныхабаа ахь инеиуеит. Уи макьана аус ауӡом, араҟа ареставрациатә усурақәа мҩаԥысуеит. Ақьырсианцәа араҟа ацәашьқәа дыркуеит, иара убас Симон Канттәи дахьынхоз аҳаԥы аҿгьы ацәашьқәа адыркуеит, Анцәа иашьапкуеит. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы,  Симон Канттәи иҳаԥы аҿы Афонҿыцтәи аберҭыԥ аберуаа ацаҟьа иалԥҟааны иҟарҵеит аҳаԥы аҭаларҭа, ахаҳә иалху амардуан, амозаикала иқәҵоу Иаса Қьырса, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа, иара Симон Канттәи ихаҭа рхаҿсахьақәа зну аныхачаԥақәа. Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи (Зилота) Имш – Афонҿыцтәи аберҭыԥ аныҳәа ауп, уи Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама ихадоу аныҳәақәа иреиуоуп. 

Лаҵарамза 23 рзы Афон Ҿыц ауахәамаҟны (IX–X ашә.қәа), иара убас Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи ихьӡ зху аберҭыԥ (1875 ш.) аҿы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәеит Иаса Қьырса иҩызцәа, ишьҭрақәлаҩцәа ируаӡәкыз, Аԥсны аиашахаҵара алазырҵәоз, Анцәа иажәа ауаа рҟнынӡа  иназгоз Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ (Апостол) Симон Кантәи.

Аныҳәа азгәаҭара мышкы шыбжьаз, ахаша, лаҵарамза 22, асааҭ 17:00 рзы Ацқьа Пантелемон ихьӡ зху Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Ахәылбыҽхатәи Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥысит.   

Аԥшьаша, лаҵарамза 23 рзы:

Асааҭ 08:00 рзы – Имаҷу аӡы аԥшьара.

Асааҭ 09:00 рзы  – Ацқьа Пантелемон ихьӡ зху аныхабаа аҿы Анцәа имҵаныҳәаратә Литургиа.

Асааҭ 11:00 рзы – Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи ихаҿсахьа зну аныхачаԥа кны аиасра. (Литаниа).

Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон аевангелистцәа  Матфеи Марки рҟынтәи «Аҿыц Уасиаҭ» аҿы  Симон Канттәи ҳәа дарбоуп, аевангелист Лукеи «Апостолцәа руснагӡатәқәеи» («Деяния  апостолов»)  рыҟны уи  – Симон Зилот ҳәа дарбоуп.

Ажәытә бырзен бызшәеи ажәытә арамиатә бызшәеи рҟынтәи «кананити» «зилоти» иаанаго акоуп: Анцәа иажәа хьаҳәхьачарада иназыгӡо. Егьи аверсиа ала, Кананит ҳәа Симон иарҳәо далагеит ақалақь Каны (Назарет азааигәара) имҩаԥысыз ичара ашьҭахь.

Иаса Қьырса иан Мариеи егьырҭ иҵаҩцәеи ицны Симон ичараҿы дыҟан.  Ачра ашыкьаҳәымҭаз аҩы нҵәеит. Уи аҩыза ҟалашьа аманы иҟамызт. Ачара ззыруаз арԥыси аҭацеи рзы уи иаанхаз рыԥсҭазаара зегьы азы ирхымҵуаз хьымӡӷны иҟалар ауан.  Анцәа иан Мариа Иаса Қьырса иахь иҟалҵаз аҳәарала ассир ҟалеит. Иаса Қьырса аӡы ҩхартә еиԥш иҟаиҵеит. Ари збаз Симон Иаса Қьырса Анцәа иҟынтәи имоу Амч азхаҵаны, иҭаацәа ааныжьны уи иҵаҩцәа дрыцлеит.  Иаса Қьырса ибзахареи Аԥсыцқьа илбаареи рышьҭахь Симон Зилот имҩаԥгаз аҵәҭаԥсара ала Анцәа иажәа ауаажәлар рыларҵәаразы амҩа дықәлеит.  

«Апостолцәа руснагӡатәқәеи» («Деяния  апостолов»)  рыҟны ишарбоу ала, Симон Канттәи Анцәа иажәа ауаа ирызнеигон Иудеиа, Шьамтәыла, Ливиа, иара убас Кавказ Амшын Еиқәа аҿықә иахьаҵанакуаз.

Ажәытәжәабжь инақәыршәаны, I ашәышықәса азбжазы Симон Канттәи апостолцәа Матфеи Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи дрыцны  уажәтәи Уаԥстәыла, анаҩс Аԥсны иахьаҵанакуа Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы Анцәа иажәа аладырҵәон. Араҟа, ҳаамҭазтәи Афон Ҿыц азааигәара, Ацқьа Симон Кантәи инықәырԥшны ҳера ҟалаанӡа 55 шықәсазы Афон Ҿыц аҳаԥаҿы аӡиас Ԥсырцха азааигәара анхара далагеит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы. Аха ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәарцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симан Канттәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит.

I ашәышықәсазы Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит. Иахьа уажәраанӡа аҭыԥԥшьаҩныҟәаҩцәа алшықәсак Ԥсырӡха Ацқьа ацҳаражәҳәҩ Симон Канттәи иҿыџь иаҭаауеит. Иршанхагоу аԥсабара иагәылган инеиуеит Симон Канттәи иҿыџьахь уназго амҩа.   Симон Канттәи иҿыџьахь узланеиуа амҩан ақьырсианцәа агәра зларго ала, еиқәханы иҟоуп ацҳаражәҳәаҩ ишьапҭыԥ зынхалаз ахаҳә ду. Аҳаԥы ԥҽны Симон Канттәи иуадахь уназго ахаҳәтә мардуан ҟарҵеит Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз, аурыс берцәа 1884 шықәсазы. Аҿыџь аҩнуҵаҟа еиқәханы иҟоуп 1884 шықәсазы, Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз аурыс берцәа иҭырхыз Иаса Қьырсеи Симон Канатәи рныхачаԥақәа. Зықьҩыла аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи араҟа иааны иматанеиуеит.

IV ашәышықәсазы Симон Кантәи анышә дахьамадоу ааигәара ихьӡала ауахәама ргылан, IX ашәышықәсазы араҟа ахаҳә иалхыз аныхабаа дыргылеит.

Аха Аԥсны аҭырқәцәа анахаԥа, Симон Канттәи ихьӡ зху аныхабаа дырбгеит, уи XIX ашәышықәсазы аимператор Алеқсандр III Ацқьа Симон Канттәи иныхабаа ахыжәжәарақәа Ажәытә Афон аберуаа рыҭаразы  иҟаиҵаз адҵа ашьҭахь ҿыц еиҭашьақәыгылан.  

Уи анаҩс, иреиҳаӡоу адҵа ала, аберҭыԥ иазоужьхеит 327 десҭын адгьыл, агенуаа раамҭазтәи абаашқәа, иара убас Ԥсырӡха аӡиас аҿы аԥсыӡкра азы азин рыҭан.  

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 33 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.