АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Лаҵара.2024

Аԥснытәи ажурналистцәа ХVIII Жәларбжьаратәи амедиа-форум «Диалог культур» рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Санкт-Петербург ақалақь, Ермитажтәи атеатр аҿы, лаҵарамза 22 рзы аусура иалагеит ажурналист ҿарацәа ХVIII Жәларбжьаратәи рмедиа-форум «Диалог культур». Афорум иалахәуп 29 тәылеи Урыстәыла 45 арегионқәеи рҟынтәи ажурналистцәа, арежиссиорцәа, афотоҭыхыҩцәа, аблогерцәа. Аԥсны аганахьала афорум рхы аладырхәуеит Аԥснымедиеи Аԥсуа Телехәаԥшреи ржурналистцәа.

Дара аҟаза-иклассқәеи, аиҿцәажәарақәеи, астол гьежьқәеи ирылахәоит, иара убас афотоцәыргақәҵақәа еиҿкаахоит.

 «Шәара, ауаа раԥхьаҟа рхәыцшьа, рдунеихәаԥшышьа зеиԥшрахо, ҳкультура, ҳдунеи, ҳкультуратә ҭынха ишазныҟәо зыдҳәалоу хра злоу мчны шәыҟоуп.  Акультуратә ҭынха —имаҭәартәу еиԥш имаҭәартәымгьы – ҳара зегьы ҳгәадура зду ахәдуқәа роуп», — ҳәа афорум алахәылацәа рахь ихы рханы иҳәеит Аҳәынҭқарратә Ермитаж адиректор Хада Михаил Пиотровски. 

Афорум аусура актәи амш азы имҩаԥысит ҩ-конференциак –  «Евразиа иҿыцу абиԥара. Акультурақәа рдиалоги адиалог акультуреи» ҳәа хыс измаз, Урыстәылеи Евразиеи инагоу амассатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәеи рхаҭарнакцәеи алархәны. Даҽа конференциак – «Аурыс культура Евразиа амедиаҵакыра аҿы. Адиалог ацҵара» амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны ажурналист ҿаацәа рыла иаԥҵоу аҳәаанырцәтәи апроектқәа рӡыргара мҩаԥысит.

Афорум апрограмма аҿы иазԥхьагәаҭоуп зметраж кьаҿу афильмқәа, аниамациатә фильмқәеи ателехәаԥшратә программақәеи, «Евразиа. Адиалог иҿыцу абиԥара» ҳәа хыс измоу  аблогқәеи  акреативтә индустриақәа рҟынтәи аҟаза-иклассқәеи егьырҭ аинтересс зҵоу аусмҩаԥгатәқәеи.  

Лаҵарамза 24 рзы афорум алахәылацәа иара убас амультимедиатә нҵамҭақәа рырхиаразы Урыстәыла ақалақьқәа ирҭаауеит.

Аҭыхрақәа рымҩаԥгаразы иалхуп Санкт-Петербург ақалақьи уи акәша-мыуәша иҟоу аҭыԥқәеи, иара убас Тверь, Велиуи Новгоод, Тула, Клин.

Иара убас иазԥхьагәаҭоуп Санкт-Петербург ақалақь, Моика амҩала иҟоу А.С.Пушкин Иуада-амузеи, Клин ақалақь аҿы иҟоу П.И. Чаиковски Иҩны-амузеи, Иаснаиа Полиана иҟоу л.Н.Толстои иҭыӡгәара аҭаара.

Амедиа-форум «Диалог культур» «Содружество журналистов» ҳәа изышьҭоу  Амедиаконгресси Аҳәынҭқарратә Ермитажи еиҿыркааит. Убри аан урҭ адгылара рырҭеит Санкт-Петербург ақалақь Анапхгара аҟны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада игрантқәа Рфонд, Афонд «Русский мир»,  иара убас Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла.  


Read 64 times - Амҽыша, 02 Рашәара 2024 17:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.