Лаҵарамза 23 рзы Афон Ҿыц ауахәамаҟны (IX–X ашә.қәа), иара убас Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи ихьӡ зху аберҭыԥ (1875 ш.) аҿы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәеит Иаса Қьырса иҩызцәа, ишьҭрақәлаҩцәа ируаӡәкыз, Аԥсны аиашахаҵара алазырҵәоз, Анцәа иажәа ауаа рҟнынӡа иназгоз Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ (Апостол) Симон Кантәи.
Аныҳәа азгәаҭара мышкы шыбжьаз, ахаша, лаҵарамза 22, асааҭ 17:00 рзы Ацқьа Пантелемон ихьӡ зху Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Ахәылбыҽхатәи Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥысит.
Аԥшьаша, лаҵарамза 23 рзы:
Асааҭ 08:00 рзы – Имаҷу аӡы аԥшьара.
Асааҭ 09:00 рзы – Ацқьа Пантелемон ихьӡ зху аныхабаа аҿы Анцәа имҵаныҳәаратә Литургиа.
Асааҭ 11:00 рзы – Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи ихаҿсахьа зну аныхачаԥа кны аиасра. (Литаниа).
Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон аевангелистцәа Матфеи Марки рҟынтәи «Аҿыц Уасиаҭ» аҿы Симон Канттәи ҳәа дарбоуп, аевангелист Лукеи «Апостолцәа руснагӡатәқәеи» («Деяния апостолов») рыҟны уи – Симон Зилот ҳәа дарбоуп.
Ажәытә бырзен бызшәеи ажәытә арамиатә бызшәеи рҟынтәи «кананити» «зилоти» иаанаго акоуп: Анцәа иажәа хьаҳәхьачарада иназыгӡо. Егьи аверсиа ала, Кананит ҳәа Симон иарҳәо далагеит ақалақь Каны (Назарет азааигәара) имҩаԥысыз ичара ашьҭахь.
Иаса Қьырса иан Мариеи егьырҭ иҵаҩцәеи ицны Симон ичараҿы дыҟан. Ачра ашыкьаҳәымҭаз аҩы нҵәеит. Уи аҩыза ҟалашьа аманы иҟамызт. Ачара ззыруаз арԥыси аҭацеи рзы уи иаанхаз рыԥсҭазаара зегьы азы ирхымҵуаз хьымӡӷны иҟалар ауан. Анцәа иан Мариа Иаса Қьырса иахь иҟалҵаз аҳәарала ассир ҟалеит. Иаса Қьырса аӡы ҩхартә еиԥш иҟаиҵеит. Ари збаз Симон Иаса Қьырса Анцәа иҟынтәи имоу Амч азхаҵаны, иҭаацәа ааныжьны уи иҵаҩцәа дрыцлеит. Иаса Қьырса ибзахареи Аԥсыцқьа илбаареи рышьҭахь Симон Зилот имҩаԥгаз аҵәҭаԥсара ала Анцәа иажәа ауаажәлар рыларҵәаразы амҩа дықәлеит.
«Апостолцәа руснагӡатәқәеи» («Деяния апостолов») рыҟны ишарбоу ала, Симон Канттәи Анцәа иажәа ауаа ирызнеигон Иудеиа, Шьамтәыла, Ливиа, иара убас Кавказ Амшын Еиқәа аҿықә иахьаҵанакуаз.
Ажәытәжәабжь инақәыршәаны, I ашәышықәса азбжазы Симон Канттәи апостолцәа Матфеи Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи дрыцны уажәтәи Уаԥстәыла, анаҩс Аԥсны иахьаҵанакуа Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы Анцәа иажәа аладырҵәон. Араҟа, ҳаамҭазтәи Афон Ҿыц азааигәара, Ацқьа Симон Кантәи инықәырԥшны ҳера ҟалаанӡа 55 шықәсазы Афон Ҿыц аҳаԥаҿы аӡиас Ԥсырцха азааигәара анхара далагеит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы. Аха ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәарцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симан Канттәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит.
I ашәышықәсазы Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит. Иахьа уажәраанӡа аҭыԥԥшьаҩныҟәаҩцәа алшықәсак Ԥсырӡха Ацқьа ацҳаражәҳәҩ Симон Канттәи иҿыџь иаҭаауеит. Иршанхагоу аԥсабара иагәылган инеиуеит Симон Канттәи иҿыџьахь уназго амҩа. Симон Канттәи иҿыџьахь узланеиуа амҩан ақьырсианцәа агәра зларго ала, еиқәханы иҟоуп ацҳаражәҳәаҩ ишьапҭыԥ зынхалаз ахаҳә ду. Аҳаԥы ԥҽны Симон Канттәи иуадахь уназго ахаҳәтә мардуан ҟарҵеит Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз, аурыс берцәа 1884 шықәсазы. Аҿыџь аҩнуҵаҟа еиқәханы иҟоуп 1884 шықәсазы, Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз аурыс берцәа иҭырхыз Иаса Қьырсеи Симон Канатәи рныхачаԥақәа. Зықьҩыла аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи араҟа иааны иматанеиуеит.
IV ашәышықәсазы Симон Кантәи анышә дахьамадоу ааигәара ихьӡала ауахәама ргылан, IX ашәышықәсазы араҟа ахаҳә иалхыз аныхабаа дыргылеит.
Аха Аԥсны аҭырқәцәа анахаԥа, Симон Канттәи ихьӡ зху аныхабаа дырбгеит, уи XIX ашәышықәсазы аимператор Алеқсандр III Ацқьа Симон Канттәи иныхабаа ахыжәжәарақәа Ажәытә Афон аберуаа рыҭаразы иҟаиҵаз адҵа ашьҭахь ҿыц еиҭашьақәыгылан.
Уи анаҩс, иреиҳаӡоу адҵа ала, аберҭыԥ иазоужьхеит 327 десҭын адгьыл, агенуаа раамҭазтәи абаашқәа, иара убас Ԥсырӡха аӡиас аҿы аԥсыӡкра азы азин рыҭан.