
pressadmin-2
Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы амаининг аппаратқәа хәба ааныркылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатә аан мшаԥымза 3 рзы аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа иаанкыланы игәарҭеит Урыстәлантәи Аԥсныҟа ицоз автомашьына Toyota Mark X.
Амашьны аҩныҵҟа ирыԥшааит Whatsminer M30S + ҳәа амарка змоу акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа хәба. Урҭ амашьына асалони аидараҭыԥи рыбжьара иҭаҵәахын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.
Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азҵаара аартны ишыҟац иаанхеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 4-5, 2024 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәеи ЕАР, ЕЕАЕ, ЕЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа алархәны.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба напхгара зиҭоз аделегациа аилазаараҿы иҟан АдәАР Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, Мрагылара ааигәеи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагулиа, адепутат Баҭал Џьопуа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аформат аиқәырхара аинтерес шрымоу азгәарҭеит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы адиалог амҩаԥгаразы.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала иира Амш инамаданы адныҳәаларақәа аауеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала иира Амш инамаданы адныҳәаларақәа аауеит.
Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра шәанахагыл инаркны, Шәара аҭакԥхықәра дууи ахықәкынагӡареи аарԥшны ҳтәыла аҿиара иазку иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбара шәнапы ашәыркит. Шәара шәнапхгарала, Аслан Гьаргь-иԥа, Аԥсны анхара аҩаӡара ашьҭыхреи ҳтәылауаа реизҳазыӷьареи иазырхоу акыр зҵазкуа апрограммақәеи апроектқәеи рынагӡара мҩаԥысуеит.
Агәра ганы сыҟоуп, Шәара аринахысгьы Аԥсны хра злоу аҿиара азы инашәыгӡало аусура иабзоураны атәыла арӷәӷәара адагьы аҳәаанырцәтәи атәылақәа аус рыцура аҳәаақәа рырҭбаареи шалыршахо».
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски.
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, азин сышәҭозар, гәык -ԥсыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп Шәира Амш!
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҿы шықәсырацәа зҵазкуа, аиашьаратә ажәларқәа ринтересқәа ирықәшәо Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аусеицуреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи акыр ҳаҭыр ақәырҵоит. Агәра ганы сыҟоуп Шәара шәԥышәеи шәдыррақәеи ирыбзоураны иҳабжьоу аҩганктәи апартниортә еизыҟазаашьақәа анаҩсгьы аҿиара шаиуо.
Ари амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит раԥхьа иргыланы агәабзиара, агәамч, аҭынчреи аизҳазыӷьареи, шәнапы злаку аҭакԥхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә усура аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи!»
Лаша Ашәба Аслан Бжьаниа иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала шәира Амш шәыдысныҳәалоит!
Иахьа Шәара аԥсҭазааратә ԥышәа ду рҳаны аҳәынҭқарра напхгара ашәҭоит, атәыла аекономикатә лшарамч, уи акультуратәи адоуҳатәи ҭынха рыҿиара гәацԥыҳәарала шәалахәуп. Шәара шәыпрофессионализм, ауаажәларра-политикатә, анапхгаратә усураҟны ишәымоу аԥышәа ду ҳтәыла аԥхьаҟагьы асоциалтә-економикатә ҿиара, ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара, Аԥсны жәларбжьаратәи апозициа арӷәӷәаразы ицхыраагӡа дуны иҟоуп. Иахьа Аконституциа ахьчара знапы иану иаҳасабала Ахада имаҵзураҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет, ахьыԥшымра, аҳәынҭқарратә акра аиқәырхаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыжәгоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаара, атәылақәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аус аҟны шәлагаламҭа. Шәара ишәыбзоураны акрызҵазкуа аполитикатә ӡбамҭақәа алыршоуп, аԥсҭазаара иаларҵәоуп аинвестициатә проектқәа жәпакы, аҳәынҭқарратә еилазаарақәа рыҟны имҩаԥысуеит аиҭакрақәа, ацәгьоура иаҿагыланы ақәԥара. Аԥхьаҟа иҟаҵатәу рацәоуп, аха ҳара агәра ҳгоит Аԥсны жәлар реизҳазыӷьара иазкны шәгәы иҭашәкыз аус бзиақәа рынагӡара шәылшап ҳәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иира Амш идылныҳәалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иира Амш идылныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш!
Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауаз ахәыҷқәа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауаеиҭныԥсахлара аппарат иаҿаркит.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥмза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауаз, шәачатәи ахәышәтәырҭахь ииагаз ахәыҷқәа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауаеиҭныԥсахлара аппарат иаҿаркит.
Ахәыҷқәа ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа ишьақәыргылоуп. Абри азы ҭелла реиҿцәажәараан Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба адырра ииҭеит Шәача ақалақь Анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр аҳақьым хада Андреи Аргунов.
Абылра аҿы ааха зауз ҩыџьа ахәыҷқәа Шәача ақалақь, Анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр ахь инаргеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауз ҩы-шықәсеи хы-шықәсеи зхыҵуа ахәыҷқәа Шәача ақалақь, Анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр ахь инаргеит. Ахәыҷқәа ӷәӷәала аблырхәрақәа роуит.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Шәача ақалақь ахада Алеқсеи Копаигородскии ҭелла еиҿцәажәаны ахәыҷқәа урыстәылатәи ахәышәтәырҭахь рыиагара азы еиқәшаҳаҭхеит.
Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ԥшьҩык ауаа ааха роуит.
Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ԥшьҩык ауаа – хаҵеи ԥҳәыси урҭ ҩыџьа рхәыҷқәеи ааха роуит. Абылра ҟалеит В.Арӡынба имҩала игылоу аҩны аҿы.
«Амца акит ҩ-еихагылак змоу аҩны. Иҷыдру аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амцарцәаратә гәыԥ амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь ицеит 19 сааҭи 24 минуҭи рзы. Амца арцәара иалахәын амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба», ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура аҟны.
Иҟалаз амцакра иахҟьаны иблит ҩ-уадаки аҩны ахыбреи.
Ааха зауз ауаа ахәышәтәырҭахь инаргеит.
Абылра аҿы аблырахәрақәа зауз ҩы-шықәсеи хы-шықәсеи зхыҵуа ахәыҷқәа ареспублика анҭыҵ ргара хымԥадоуп, ҳәа адырра ҟарҵеит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура аҟны.
Владимир Путин Аслан Бжьаниа иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа. Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш. Урыстәыла Шәара шәырдыруеит ҳтәылақәа рыбжьара аидгыларатәи астратегиатәи усеицура арӷәӷәара иадгылоу иаҳасабала, инашәыгӡо аусгьы ахә ҳаракны иршьоит. Сгәы иаанагоит Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала лыҵшәа змоу ҳусеицура аԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа, ахирра».
Ҭамаз Ҭарба мшаԥымза 20 рзы атурнир ММА Асериа-79 аҳәаақәа ирҭагӡаны аиндаҭлара далахәхоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭамаз Ҭарба мшаԥымза 20 рзы Москва ақалақь аҿы, атурнир ММА Асериа-79 аҳәаақәа ирҭагӡаны аиндаҭлара далахәхоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура. Уи диацлабуеит Никита Бархатов.