АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 18:57

Лев Кәыҵниа: 2024 шықәсазы Аԥсны иахьаҵанакуа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рхыԥхьаӡара иагхеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  2024 шықәса рзы иҟалаз амашәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара  2022 – 2023шш. ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, маҷк иагхеит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Абри азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра апресс-центр аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Лев Кәыҵниа.

«Астатистика ишаҳнарбо ала, хра злоу аиҭакрақәа ыҟоуп. Ашықәс алагара инаркны иахьатәи амш аҟынӡа иԥшаан ԥшьҩык аӡы иагаз ауаа рыԥсыбаҩ. Астатистика ахь уазхьаԥшуазар, уаанӡа аӡы иагаз ауаа рхыԥхьаӡара акыр ишеиҳаз убар ауеит. Ашьхараҿы аҭагылазаашьагьы иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аасҭа еиҳа еиӷьхеит. Уи зыдҳәалоу ҳәа агәаанагара иҳамоу ала, уаанӡа атуристцәа ргәыԥқәеи агидқәеи рышәҟәҭагалара ахьыҟаҳамҵоз иахҟьаны иҷыдоу ахҭысқәак  аныҟалалак аҭагылазаашьа акыр иуадаҩхон.  Уажәы уи  ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа иреиуоуп иарбоу аусхы знапы алаку зегьы рзы, иахәҭоу ахылаԥшрагьы амоуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Лев Кәыҵниа, анегативтә роль нарыгӡоит изакәанымкәа аексурсиатә усура назыгӡо агидцәа. Урҭ Аминистрра адырра рымҭаӡакәа атуристцәа рыманы ишахәҭоу ала иҭҵаам амаршрутқәа рыла идәықәлоит. Аминистр ас еиԥш иҟоу азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәара иазку аусура мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа аилыркааратә цәажәарақәа мҩаԥаагоит: цқьа еилаҳкаауеит амаршрутқәа, иара убас аныҟәаҩцәа амҩахь иргаша азы адырра ҟаҳҵоит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра – ашәарыцаҩцәа ракәзар, урҭ рганахьала иҟоу аҭагылазаашьа мариаӡам: ҳара ашәарыцаҩ аԥаҩ даҿҟьеит, мамзаргьы хабарда дыбжьаӡит ҳәа агәҭынчымра аазырԥшуа уи иуацәеи иҭынхацәеи рҟынтәи адырра ҳауеит. Рыцҳарас иҟалаз, ари апроцесс ахылаԥшра аҭара зырманшәало азакәан ҳамаӡам. Ашәарыцаҩцәа шәарыцара ианцо џьаргьы ашәҟәы рыҽҭаргалаӡом, уи аҩыза ҳара ҳҿы иҟаӡам. Аха сара сгәаанагарала, ҳара уи аҟынӡагьы ҳнаӡароуп. Уи зегьы амашәыртә хҭысқәа рыԥхьырҟәҟәаара азы ихымԥадатәиуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Лев Кәыҵниа аԥсабаратә ҟазшьа змоу еиԥш абзазаратә ҟазшьа змоугьы абылрақәа рыҟалареи урҭ мзысқәас ирымоуи атема дазааҭгылеит:

«Ԥхьан ишысҳәахьоу еиԥш, астатистика ҳазхьаԥшуазар, иубар алшоит иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аасҭа уажәы абылрақәа еиҳа ишмаҷхаз. 30–40 градус рҟынӡа ашоура аныҟоугьы, ахала амцацралара  иадҳәалоу ахҭысқәа даара имаҷуп. Аиҳарак амцакра зыхҟьо ауаҩы ихаҭа иуоуп, уи ихымҩаԥгашьа  ауп. Ҳара атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи ҳаицхырааны ауаа ҳрыҿцәажәоит, идеилҳаркаауеит ашәарҭара зхылҿиаар алшо ахымҩаԥгашьа атәы, аха убри аан, урҭ аҭакԥхықәра рақәыршәара азы закәанла ишьақәырӷәӷәоу алшара ҳамаӡам макьаназы. Ауаа рхала ахдырра аарԥшны рхыи рхымҩаԥгашьеи иацклаԥшлароуп. Ахатәы ҩынқәа ахьгылоу асектор аҿы аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьуп. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы  иҟалоз абылрақәа еиҳа изыхҟьоз афымцацәаҳәақәа реиқәылара, мамзаргьы ахалаҟаҵаратә рԥхагақәа раҿакра ауп. Уажәы ауаа иарбоу азҵаара аганахьала еиҳа аҭакԥхықәра аадырԥшуа иалагеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Лев Кәыҵниа иара убас Донбассҟа агуманитартә акциақәа рымҩаԥгара атәы далацәажәеит. 2014 шықәса рахыс Аԥсны Донецки Лугански агуманитартә цхыраара анаҭоит.

«Ҳара уахь раԥхьаӡа ицаз ҳреиуан. Жәаҳәарада, ҳлшарақәа митәык идуумзаргьы, ҳара иҳалшоз ала зегьы ҟаҳҵон. Убри нахыс иарбоу арегионқәа рнапхгаҩцәеи ҳареи аимадара ӷәӷәа ҳабжьоуп», - ҳәа иҳәеит аминистр.

2022 шықәса рзы Аԥсны Донбасҟа идәықәнаҵеит  200 тонна инарзынаԥшуа агуманитартә еидара – аӡрыжәтә, афатә аалыҵқәа, ашәыр, ацитрустә шәырқәа. 2023 шықәсазы идәықәҵахеит 80 тонн, сынтәа  –  10 тоннак инареиҳаны.

«Уажәы ҳара ҩаԥхьа агуманитартә партиа аиқәыршәара ҳаҿуп. Ҳара ҳминистрра иҷыдоу ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡара амоуп. Уахь уи азы агәазыҳәареи алшареи змоу зегьы аԥара ахыиԥхьаӡалараалшоит. Иарбоу аԥаратә хархәагақәа рыла ҳара ҳаибашьцәа рзы агуманитартә цхыраара ааҳхәоит. Ихыԥхьаӡалахо аԥаратә хархәагақәа реикәыршара зегьы афинансқәа Рминистрра ала ахылаԥшра аҭахоит. Иҷыдоу ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡара аномер ҳара ҳсаит аҿы ианаҳҵоит», – ҳәа иҳәеит Лев Кәыҵниа.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иара убас Иҷыдоу Арратә Операциа аҿы иҭахаз Аԥснынтәи ҳаибашьцәа рыԥсыбаҩ аагара еиҿнакаауеит.

«Донбас имҩаԥысуа Иҷыдоу Арратә Операциа аҿы 47-ҩык ҳаруаа ҭахахьеит. Ҳара урҭ рыԥсыбахь аԥсадгьыл ахь раагара  ҳхахьы иаҳгеит, иҳалшо ала оперативла ари аус анагӡара ҳҽазаҳшәоит. Иарбоу аамҭахәҭа азы ҳара Аԥсныҟа иааҳгеит иҭахаз 27-ҩык ҳаибашьцәа рыԥсыбаҩ.  Уи аинтернационалтә бригада «Пятнашка» аибашьцәа мацара ракәӡам, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны иалҵыз, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи аибашьрахь ааԥхьара заузгьы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр. уточнил министр.   

 

 

 

 


Read 71 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.