АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:06

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуижьҭеи 19 шықәса ҵит.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббра 19, 2024 шықәса рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра» анапы аҵаҩуижьҭеи 19 шықәса ҵит.

«Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа – ари  раԥхьа иргыланы ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзықәԥоз, ауадаҩрақәа зхызгаз, Қырҭтәыла ихнартыз аибашьра иалҵыз аиашьаратә жәларқәа реизыҟазаашьоуп. Ақырҭуа агрессор Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа дыриааирц иҽшазишәазгьы дара ирылшеит уи ииааира.

Аиқәшаҳаҭра ишьақәнарӷәӷәеит ҳажәларқәа рыбжьара аиашьареи аиҩызареи рыҟазаара, иаанартит аусеицураз амҩа ҿыцқәа. Иара убри аан иазгәанаҭеит еснагь аицхыраара иазыхиоу ҳтәылақәа рыҩба рыбжьара аҭоурых ду зманы иҟоу аизыҟазаашьақәа», – ҳәа иаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз аҳәаҭа аҿы.


Read 22 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.