АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 18:53

Роберт Кьиут: «…цәыббраза 15 рзы иҟалаз аинцидент азы аусеилыргара аобиективла имҩаԥысуеит».

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр аҿы дықәгыло цәыббрамза 15 рзы аблогер Девид Гобечиеи ауаажәларратә активистка Лииа Агрбеи рганахьала аҭыԥ зауз аинцидент инамаданы имҩаԥысуа аоператив-усеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа дрылацәажәеит.

Аминистр иажәақәа рыла, иарбоу ахырхарҭала аусура активла имҩаԥысуеит. Иахьа имҩаԥган изаамҭанытәиу аилатәара. Уаҟа ҩаԥхьа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳаби Аҟәа араион ала аусеилыргара аҟәша аиҳаби иҟарҵаз ажәахәқәа ирзыӡырҩит. Аха иарбоу апроцесс амҩаԥгара еиҵанархоит ааха зауз Гобечиа иҿахәы ахьаҳмоуц.

«Иацы ҳара ҳусзуҩцәа Гәдоуҭа ақалақь, ааха зауз иҭыӡҭыԥ аҿы инеит, аха иара иҭаацәа ишырҳәаз ала, рԥа абар мышқәак ҵуеит аҩны дыҟамиижьҭеи, – ҳәа иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр. – Анаҩстәи инҭырҳәцааны аусеилыргара амҩаԥгареи аусеилыргаратә материал аизгареи рзы ааха зауз дахьыҟоу аҭыԥ аилкаара хымԥадатәиуп»

Уажәазы азинхьчаратә усбарҭақәа Лииа Агрба лҿахәы ауп ирымоу. Аха, рыцҳарас иҟоу, уигьы изыхҟьазаалакгьы, инҭкааны ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ арбара лылымшаӡеит. Лара лхаҭа ишылҳәо ала, аҭыԥ аҿы аориентациа аҟаҵара лцәыуадаҩуп».

«Иарбоу ацәгьоура иалахәыз ахаҿқәа рышьақәыргылара азы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы ркомплекс нагӡахоит», – ҳәа иҳәеит аминистр.

Аинформациатә ҵакыреи асоциалтә ҳақәеи рҿы иарбоу азҵаара аполитикатә ҟазшьа аҭара дахцәажәо, Роберт Кьиут ауааԥсыра зегьы аусеилыргара алҵшәақәа ирзыԥшырц, уаанӡа акала ишьақәырӷәӷәам, уҳәан-сҳәанла ироуз адыррақәа рыларҵәара мап ацәыркырц, избан акәзар ихадоу ацәгьоура ҟазҵазҵәҟьа раарԥшреи рахьырхәреи ауп, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.  

«Сара хаҭала аҭакԥхықәра схахьы изгоит абри ацәгьоура обиективла аилыргара шымҩаԥгахо азы. Ҳара ари аус аилыргара азы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы наҳагӡоит», - ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.


Read 79 times - Ахаша, 18 Цәыббра 2024 15:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.