АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Цәыббра.2024

Ауаажәларратә Палата Д. Гобечиеи Л. Агрбеи рықәлара иадҳәаланы иҟалаз аинцидент излауа ала аобиективла аилыргара алыршара азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата ажурналист Девид Гобечиеи ауаажәларратә активистка Лииа Агрбеи рганахьала иҟалаз аинцидент азы агәҭынчымра аанарԥшуеит.

Ауаажәларратә Палата атәыла амчратә структурақәа рнапхгара ахь ари арезонанстә ҟазшьа змоу ацәгьоура излауа ала аамҭа кьаҿ иалагӡаны аобиективла аилыргара алдыршарц, насгьы уи алҵшәақәа рзы адыррақәа иаартны  алаҳәара аиурц азы ааԥхьара ҟанаҵоит. «Ҳара убасҵәҟьа  аполитикатә партиақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, иара убас амассатә информациа ахархәагақәа рахь амчратә структурақәа рыла аусеилыргара хырәшахаанӡа, изеиԥшразаалак ахара адҵара, мамзаргьы ишьақәырӷәӷәам алкаақәа рыҟаҵара мап ацәыркырц азы ааԥхьара ҟаҳҵоит. Ауаажәларра рыҩныҵҟа еиуеиԥшым аверсиақәа ирылацәажәоит, иарбоу ахҭыс аполитикатә ҵакыҵәах аарԥшрагьы уахь иналаҵаны.  Амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәеи егьырҭ агәаанагарақәа ирықәымшәо зхатә позициа аартны изҳәо атәылауааи рганахьала изеиԥшразаалак амчхара аарԥшра ҟалашьа аманы иаабом.  Ҳара ажәа ахақәиҭра азакәан ала ахьчара ахьыҟоу адемократиатә, азинтә ҳәынҭқарра аҿы ҳанхоит. Иаҳхамышҭып уи», - ҳәа иазгәаҭоуп Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба лнапы зҵалҩыз аҳәамҭа аҿы.

 


Read 99 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.