АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Цәыббра.2024

Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа еицырзеиԥшу Аинформациа-координациатә Центр ахыбра афымцалашарала аиқәыршәара азы иҿыцу адашшрацәатә кабель ашьҭаҵара иаҿуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа еицырзеиԥшу Аинформациа-координациатә Центр ахыбра афымцалашарала аиқәыршәара азы асурақәа  Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Sputnik Аԥсны.

Аҟәатәи Афымцастанциа анџьныр хада Алеқсеи Строчан иажәақәа рыла, акабель ашьҭаҵара  аҳҭнықалақь ауааԥсыреи уи асасцәеи излауа ала имаҷны рыргәамҵра хықәкыс иҟаҵаны, акурорттә аамҭахәҭа ахыркәшамҭа иақәыршәаны иалагеит.

Аусурақәа мҩаԥысуеит Аиааира апроспекти Ажәанбеи Арӡынбеи рымҩақәа рҿы.

Зымчра 10 кВт. рҟынӡа инаӡо  иҿыцу адашшрацәатә кабель Аԥсни Урыстәылеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа еицырзеиԥшу Аинформациа-координациатә Центр ахыбра афымцалашарала аиқәыршәара азы имҩаԥысуеит.

«Иарбоу афымцацәаҳәатә магистраль ашьҭаҵара аан ҳара инамҩатәны иара убас егьырҭ ҳфымцацәаҳәақәагьы еиҭашьақәҳаргылоит», – ҳәа иҳәеит Алеқсеи Строчан.

Убас, 1947 шықәсазы Леон имҩадууи Арӡынба имҩеи реихысырҭаҿы ишьҭаҵаз  акабель хымԥада аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуп.

Аенергетикцәа ақалақь ауааԥсыра иарбоу аҭагылазаашьа еилкаарала иазнеирц азы аҳәара ҟарҵоит. 

«Ҳара ҳфымцамҩангагақәа ҳарӷәӷәалароуп, астанцеиҵақәа рыбжьара иҿыцу аимадаратә цәаҳәақәа аԥаҳҵароуп, усҟан ауп ҳтәылауааи ҳусбарҭақәеи еиԥҟьарада афымцамч ала реиқәыршәара анзалыршахо», – ҳәа иазгәеиҭеит Алеқсеи Строчан.

Мчыбжьык иалагӡаны зхыркәшара азԥхьагәаҭоу аусурақәа, урыстәылатәи аган, анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазоунажьит 19 миллион мааҭ инареиҳаны, ҳәа иазгәеиҭеит Аҟәатәи Афымцатә Станциа анџьныр хада Алеқсеи Строчан.

Аҩ-ҳәынҭқаррак рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа еицырзеиԥшу Аинформациа-координациатә Центр аиҿкаареи аусуреи рзы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит хәажәырамза 18, 2017 шықәса рзы.


Read 155 times - Аҩаша, 17 Цәыббра 2024 16:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.