АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Цәыббра.2024

Ашколқәранӡатәи абызшәа аҵара апрограмма апроект иалацәажәеит атәыла аԥыза-министр иҟны имҩаԥысыз аилатәара аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аилатәара мҩаԥигеит. Араҟа ашколқәранӡатәи абызшәа аҵара апрограмма апроект иалацәажәеит. Уи ҩышықәса раԥхьа Аԥсны аҵара Аминистрреи апедагогикатә Институти ашколқәранӡатәи аҵара асистемазы аус здырулаз апрограмма ауп. Апроект аиқәыршәаҩцәа ишазгәарҭаз ала,  иара абызшәа арҵара азы адунеизегьтәи аԥышәеи ҳаамҭа иақәшәо аинтерактивтә знеишьала ишьаҭаркуп.

Авторцәа ргәаанагарала, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны еиқәыршәоу ахатәы бызшәала аҵара апрограмма ахәыҷы ихаҭашьара ганрацәала аҿиара иацхраауеит. Апрограмма анагӡара азы раԥхьа иргыланы иаҭахуп анаҩс иарбоу апрограмма ала ашколқәра иаҵанамкуа  ахәыҷқәа аус рыдызулало ахәыҷбаҳчақәа рҿы ааӡаҩцәа разыҟаҵара.

Алҵшәа бзиақәа раарԥшра азы атәыла аҿы иҟоу ашколқәранӡатәи аҵаратә усбарҭақәа  рҿы аус зуа аспециалистцәа зегьы  еидкылатәуп, иадыԥхьалатәуп аҵарауаа», – ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр.

Апрограмма гәдоуҭатәи ахәыҷбаҳчақәа руак аҿы аԥышәахысра аҳасабала ахархәара аҭан. Апедагогика Аинститут аспециалист, Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аспециалист Римма Гагәылиа-Џьениа ишазгәалҭаз ала, уи хра злоу алҵшәақәа аанарԥшит.

«Ари хра злоу усуп. Уи аԥсҭазаара аларҵәара аҭахуп. Апрограмма марианы, аилкаара   маншәаланы, анагӡара алшо, убри аан аеффективра злоу алҵшәақәа аанарԥшуа иҟалароуп», –  ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахада Абесалом Кәарҷиа, аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, Н. Аӡынба лыхьӡ зху апедагогика Аинститут адиректор Ирина Кәакәасқьыр, абызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниа.

Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа аусуратә гәыԥ апрограмма аус адулара иацнаҵоит, уи хыркәшахоит ԥхынҷкәынмза, 2024 шықәса рзы ҳәа адырра ҟалҵеит.


Read 157 times - Аҩаша, 17 Цәыббра 2024 16:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.