АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Цәыббра.2024

13 шықәса рыла Афонд «Ашана» 103 млн. мааҭ еизнагеит, 430-ҩык ахәыҷқәа рыхәышәтәра азы 624 курс ахәԥса ашәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублиа аҿы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу, Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа цәыббрамза 15 – 17 рзы Цхьынвал ақалақь аҿы имҩаԥысуа II Жәларбжьаратәи амедицинатә Конферециа «Агәабзиарахьчара аҿиара аԥышәатә аспектқәа» («Практические аспекты развития здравоохранения») лхы алалырхәуеит.

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу аконференциа аҿы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит. Лара Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана», иара убас Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчара азы инарыгӡо  аусура атәы еиҭалҳәеит.

«13 шықәса ирҭагӡаны инанагӡаз аусура иалҵшәаны Афонд «Ашана» ахәыҷқәа рыцхырааразы жәанызықьла ауаа реидкылара алнаршеит. Иарбоу аамҭа аҩныҵҟа Афонд «Ашана» 103 млн. мааҭ  еизнагеит, 430-ҩык ахәыҷқәа рыхәышәтәра азы  624 курс ахәԥса ашәеит, 260 инареиҳаны акциақәа рымҩаԥгара еиҿнакааит», – ҳәа адырра ҟалҵеит лара.

Мактина Џьынџьалԥҳа Урыстәылатәи Афедерациа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара Аминистррақәеи русеицура ҷыдала дазааҭгылеит.

«Мактина Џьынџьалԥҳа адискуссиақәа активла лхы алалырхәуеит, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчареи зегьы реиҳа иуашәшәыроу ркатегориа иаҵанакуа ауааԥсыра рзы амедицинатә маҵзурақәа реиӷьтәреи иадҳәалоу азҵаарақәа шьҭылхуеит.  Иарбоу аконференциа алахәхара аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәа аимадара рыбжьаҵара, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчареи агәабзиарахьчара аусхкы аҿы аԥшьгара ҿыцқәа рцәыргареи иацхраауеит», – ҳәа адырра ҟанаҵоит аомбудсмен ипресс-маҵзура.


Read 147 times - Аҩаша, 17 Цәыббра 2024 14:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.