
pressadmin-2
Аҳәынҭқарратә Миграциатә Маҵзура аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иҟоу аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа рҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рышәҟәҭагалара мҩаԥнагалоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәии аҵыхәтәантәи аԥхьарақәа рҿы азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа аларгалеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Аҳәынҭқарратә Миграциатә Маҵзура аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә отриад ала ирыҭахо амиграциатә хсаалагақәа ралагалара ҟалаанӡа аҳәаанырцәтәи атәылауаа рышәҟәҭагалара аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа рҿы амҩаԥгара азы азин аҭара аганахьала адгалара ҟаҵоуп.
Аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы Аԥсны иаагахо аҩыҟаҵаратә материалқәа рзы акцизқәа рҟынтәи ақәиҭтәра азԥхьагәазҭо азакәан ахь аиҭакра рыдыркылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Акцизқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҷыдалкаатә зинмчы змоу ихаҭарнак Баҭал Аиба.
«Акцизқәа рзы» азакәан Аԥсныҟа иаагахо аҩыҟаҵаратә материалқәа акцизқәа рыхшәаара аҟынтәи ақәиҭтәра азԥхьагәазҭо аиҭакра алагалара азы адгалара ҟаҵоуп.
Иарбоу аиҭакра аҩыҟаҵара аусхкы назыгӡо аҭыԥантәи анаплакқәа реикәыршаратә ԥаратә хархәагақәа даҽаџьара ахьарԥшра армаҷра алнаршоит.
Азакәан апроект адкылара ахымԥадатәра анаҩс експортла идәықәҵахо аалыҵ аҭыжьразы аӡа аҳасабала ахархәара зауа аҩыҟаҵаратә материалқәа Аԥсныҟа раагараан ишьақәыргылоу ашәахтәқәҵара иадҳәалоуп.
Убас ала, аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа рконкуреттә лшара адгылара аҭара азы абарҭ атауарқәа рзы акцизқәа ршәара азы иҟоу аԥҟара аиҭакрақәа ралагалара азы адгалара ҟаҵоуп:
I, II , III агәыԥ иаҵанакуа аибашьра аинвалидцәа аҳәынҭқарратә аԥтекақәа рҿы амедицинатә маҭәахәқәеи ахәшәқәеи хәыда-ԥсада иргар рылшалоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәлатәи еибашьреи Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥысуаз аибашьратә еиҿагыларақәеи рветеранцәа рзы» Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәии ареспубликатәии аусбарҭақәа рҿы агәабзиарахьчаратә еиҿкаарақәа рыла ирыҭоу арецептқәа рыҟазараан, I, II агәыԥқәа ирыҵанакуа аинвалидцәа Аԥсны аус зуа аҳәынҭқарратә аԥтекақәеи ахәышәтәра-профилактикатә усбарҭақәеи рҿы хәыда-ԥсада ахәшәқәа ргара, III агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа – ахәԥса 50-процент рҟынӡа иагырханы агара азин рымоуп.
Саида Амҷба Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә ӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аҳәынҭқарра Ахада зыдгалара мҩаԥигаз Ареспублика Аԥсны Гагра араион аӡбарҭеи Арратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рмаҵураҭыԥ аанкыларазы акандидатурақәа иахәаԥшит.
Аҳәынҭқарратә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Ҳагба Аилак аилатәара аҿы арҭ акандидатурақәа рылацәажәара мҩаԥган, урҭ ақәыршаҳаҭра роуит ҳәа иазгәеиҭеит.
Апарламент аҿы адепутат Инар Гыцба ҽҳәраанӡа изынмчы аанкылара ишақәшаҳаҭым азы рыбжьы рҭиит.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа адепутат Инар Гыцба ҽҳәараанӡа изинмчы аанкылара иақәшаҳаҭымхаӡеит.
Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба адепутат Инар Гыцба ас еиԥш аӡбамҭа адкылара дахыццакцәеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аԥсны Абанк иҭнажьит агәалашәаратә ԥараҿырпы «Аԥсҳа Леон».
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә Банк агәалашәаратә ԥараҿырпы «Аԥсҳа Леон» ҭнажьит.
Аԥараҿырпы атираж - 300 цыра рҟынӡа инаӡоит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа 25 ԥсар рҟынӡа инаӡоит, уи зыцқьара 999 ыҟоу ахьы иалхуп. Аԥараҿырпы агәҭаӡа - 30 мм, акапан - 15,72 грамм ыҟоуп.
Асахьаҭыхыҩ – Руслан Габлиа.
2024 шықәса I аԥшьбара азы аҳазалхратә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 732 млн. мааҭ рҟнӡа инаӡоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамзазы иҟаҵаз аҳазалхратә лагалақәа реицҵалыҵ 312,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Хәажәкырамзазы Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 300 млн. мааҭ рҟынӡа ашәахтә шәатәқәа.
Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамзазы ареспублика абиуџьет ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 300,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар, 103%. Убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 292,7 млн. мааҭ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
2024 шықәса хымз рыҩныҵҟа ашәатхтә шәатәқәа раҳасабала ареспубликатә биуџьет иалагалан 1 012,2 млн. мааҭ. Убри аан, планла иазԥхьагәаҭан 820,7 млн. мааҭ. Аплан анагӡара 123% рҟынӡа инаӡоит. 2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ашәахтә шәатәқәа ралагалара адинамика 117% рҟынӡа инаӡоит, уи иааизакны аицҵалыҵтә рбага ала 150,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» азааигәара иҟоу аҵакырақәа рҿы инхо ауааԥсыра реизара азԥхьагәаҭаӡам.
Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 2 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи зыргылара мҩаԥысуа аҳаирбаӷәаза ааигәара иҟоу аҵакырақәа рҿы инхо ауааԥсыра рхаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаатәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аргылара иазку аинвестициатә проект анагӡара иадҳәалоу хадара злоу аспектқәа ирылацәажәеит.
Бабышьра ақыҭа ахаҭарнакцәа Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ иарҳәеит акыр зҵазкуа аӡбамҭақәа аҭыԥантәи ауааԥсыра ринтересқәа ҳасаб амҭаӡакәа ирыдыркылар ҳәа ишшәо, уи ӷәӷәала агәҭынчымра шрызцәырнаго. Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ урҭ агәра диргеит ас еиԥш идуу, акыр зҵазкуа азеиԥшмилаҭтә проект анагӡара, адгьыл зымпыҵаку рзинқәа рыхьчареи араҟа инхо зегьы ринтересқәа рынагӡареи алзыршо амилаҭтә закәанԥҵара анормақәа инарықәыршәаны ишымҩаԥысло азы.
Мшаԥымза 2 рзы – адунеи аҟны Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы литература амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, мшаԥымза 2 рзы, еицырдыруа алакәқәа раԥҵаҩы Ганс Христиан Андерсен (1805 – 1875 шш.) иира Амш аҽны адунеи аҟны Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы литература амш азгәарҭоит. Ари амш ахықәкы хаданы иҟоуп – ахәыҷтәы литература азхьаԥшра, ахәыҷқәа ашәҟәыԥхьара ргәаԥхо аҟаҵара, ашәҟәытә литература адгылара аҭара. Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы литература амш аԥҵара аԥшьызгаз еицырдыруа анемец шәҟәыҩҩы Иелла Лепман лоуп. Ганс Христиан Андерсен ихьӡ зху Жәларбжьаратәи апремиа аԥҵара аԥшьгаҩыс иҟазгьы лара лоуп. Иелла Лепман ахәыҷқәа рзы алитература азы аҳамҭа «Анобельтә ҳамҭа хәыҷы» ҳәа ахьӡ алҭеит. Уи ранашьахоит адунеи зегьы аҿы иреиӷьу ахәыҷтәы шәҟәқәа равторцәа.
Ахәыҷтәы шәҟәқәа ахәыҷы иҩныҵҟатәи адунеи арбеиоит идунеихәаԥшышьа дырҭбаауеит, адырра ҿыцқәа раиура игәадырԥхоит. Ахәыҷқәа рзы иҩуан еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Д. Гәлиа, Б. Шьынқәба, Т. Аџьба, уҳәа убас аӡәырҩы. Аԥсуа прозаикцәеи апоетцәеи реиҳарак имаҷымкәа ахәыҷқәа ирзырхоу ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи аповестқәеи рымоуп.
Иарбан ахәыҷтәы шәҟәқәоу иахьа еиҳа изызҵаауа, иарбан шәҟәқәоу ахәыҷқәа еиҳа бзиа ирбо атәы Аԥсныпресс акорреспондент изеиҭарҳәеит аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа ашәҟәҭирҭақәеи рҿы.
Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы анапхгаҩы Гәында Кәыҵниа лажәақәа рыла, ахәыҷтәы литература аҭыжьра Аусбарҭа аусураҿы аԥыжәара змоу хырхарҭаны иҟоуп. Уаанӡагьы, лара аԥсуа бызшәа Аҳәынҭқарратә фонд анапхгаҩыс даныҟаз аамҭазгьы иԥшӡаны асахьақәа рыла еиқәыршәоу ахәыҷтәы шәҟәқәаеи алабҿабатә цхыраагӡақәеи рҭыжьра ахшыҩзышьҭра ду арҭон.
«Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы еиҭаргахьеит: Джанни Родари иҩымҭа «Чополинно» (Мушьни Аҳашба), Коллоди Карло иаԥҵамҭа «Пинокио ихҭысқәа» (Алықьса Гогәуа), Ганс Христиан Андерсен илакәқәа раԥхьатәи ахәҭа Сергеи Зыхәба, аҩбатәи ахәҭа Шамил Аҟәысба, аурыс лакәқәа «Колобок», «Курочка ряба» еиҭеигеит Валентин Коӷониа, Нелли Ҭарԥҳа еиҭалгеит «Апринц хәыҷы» уҳәа иҵегьы.
«Иахьа ахәыҷқәа еиуеиԥшым агаджетқәа – асмартфонқәеи апланшетқәеи еиҳа рхы иадырхәоит, ашәҟәқәа еиҳа имаҷны иркуа иалагеит. Аха ҳара ҳгәаанагарала, ашәҟәытә культура ажәытәра иамгаӡеит. Ашәҟәқәа ахәыҷқәа рзы ихымԥадатәиуп. Ахәыҷтәы шәҟәқәа ахәыҷқәа рааӡареи рдунеихәаԥшышьа арҭбаареи рҿы ихадоу ароль нарыгӡоит», – ҳәа илҳәеит лара.