Иахьа уи иԥсы ҭазҭгьы 79 – шықәса ихыҵуан. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны Аԥсны Раԥхьатәи Ахада иира Амш иазкны афотоцәыргақәҵа аатит.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анапхгара ахаҭарнакцәа Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аԥсны Раԥхьатәи Ахада ҳаҭырла дыргәаладыршәарц азы арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩцәа, Владислав Григори-иԥа Арӡынба иуацәеи иҭынхацәеи.
Лаҵарамза 14 рзы диит Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәии аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада, аҵарауаҩ ду, мрагылараҭҵааҩы – Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Иахьа уи иԥсы ҭазҭгьы 79 – шықәса ихыҵуан. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны Аԥсны Раԥхьатәи Ахада иира Амш иазкны афотоцәыргақәҵа аатит.