АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Лаҵара.2024

Лаҵарамза 14 рзы диит Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба.

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 14 рзы диит иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәии аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥснытәи аҳәынҭқарра ашьаҭакҩы Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада, аҵарауаҩ ду, мрагылараҭҵааҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба.  Иахьа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, аорден «Ахьӡ-аԥша» I аҩаӡара занашьоу аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуазаарын 79 шықәса.

Ашьыжь инаркны Владислав Григори-иԥа Арӡынба иқыҭа гәакьа Алада Ешыра иҟоу Имемориал ахь иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭарҵарц азы ауаа анеира иаҿуп.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба  диит лаҵара 14 1945 шықәса рзы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан аҭоурых арҵаҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Григори Арӡынбеи ашкол аусмҩаԥгаҩ Надежда Иазычԥҳаи рҭаацәараҿы.

Владислав Арӡынба ашкол даналга ашьҭахь 1962 шықәсазы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогиатә институт аҭоурыхтә факультет. Владислав Арӡынба иҵара даналга ашьҭахь дҭалоит аспирантура мрагыларатәи Академиа. Владислав Арӡынба Ари аҵараиурҭаҿ аус иуан 1969 инаркны 1988. В. Арӡынба хықәкыла иҭиҵааун имаҷу Азиа иадҳәалоу аҭоурыхи, акультуреи, урҭ ажәларқәа ирыдҳәалоу арелигиатә нцәахаҵарақәуеи, еиҳарак хаттааи хеттааи ирыдҳәалаз.

1971 шықәсазы В. Арӡынба ихьчоит икандидаттә дисерациа, 1985 шықәсазы идоктортә дисертациа.

1987 шықәсазы уи напхгара азиуан Ажәытә Мрагыларатәи аинститут акультуреи аидеиалогиеи сектор аҟәшаҿы, аха рацәак дынгылуом, дхынҳәуеит иԥсадгьыл ахь. Ара дахьааиз Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҭҵааратә институт хадара азиуеит 1999 шықәсанӡа.

Аԥсны раԥхьатәи аԥыза Москва аус иуанаҵы иԥсадгьыл хылаԥшрада инижьуамызт, уи иара дшадҳәалаз дадҳәалан. Аԥсныҟа данаалак акабинет дыҩнатәаны мацара акәымкәа, Аԥсны аҵарауааи иусуцәеи дрыҿцәажәон, уи еиликаауан урҭ ирыгыз ирыбзаз.

Иусқәа инарымаданы ирацәаны имҩаԥигон археологиатә ҭҵааратә експедициақәа Аԥсны атерриториаҿы. Аԥсны усҟантәи аамҭаз хадара шазиимуазгьы ижәлар ирацәаны дрыцхраауан. Дрыцхраауан аԥсуа ҵарауаа рыстатиақәеи ржурналқәеи акьыԥхь рарбараҿы. Акы рдицхрааит аԥсуа ҵарауаҩ Ш.Д. Инал-иԥа иҭыҵыз ишәҟәы «Вопросы этнокультурной истории абхазов» ҳәа хыс измаз иахҟьаны иӷәӷәаз авба ахьирҭаз аҟнытә. Иара убас иџьабаа дуқәа ируакуп Аԥсны ахәынҭқарра даныпрезидентха ижәлар рыԥсҭазаараҿ ихадара дуны иҟалеит Аԥсны анаука Академиа аԥҵара.

Уи иџьабаа кыр ишарацәазгьы ижәлар рҿаԥхьа, имаҷым иџьабаа аҭҵааратә усурақәа рыҿгьы.

Владислав  Арӡынба 1989 ш. инаркны 1991 ш. дыҟан Асовет Еидгыла жәлар депутатны, иара убас Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Амилаҭтә хеилак алахәылас. Уаҟа диабдруеит академик А. Сахоров. Уи иабадырра Владислав  Арӡынба иԥсҭазаараҿ даара анырра ду ҟанаҵеит.

Актәи иқәгылараҿ жәлар депутатцәа Реизара Ду аҿы Владислав  Арӡынба иқәиргылеит азҵаара имаҿу амилаҭқәа реиқәырхара ититултәу амилаҭқәа Асовет Еидгыла иалоу 15 ҳәынҭқарра рҿаԥхьа. Уи ицәажәараҿ ирылеиҳәоит рыбжьара иҟаз аиқәшаҳаҭра иахәаԥшны автономтә республикақәа аҳәынҭқарра дуқәа ирылҵны рхала иҟаларац азы. Иара убас уи иҿцәажәараҿ иааган ҿырԥштәыс Аԥсны ССР Қырҭтәыла ССР 1921-1936 шш. ирибжьаз аиқәшаҳаҭра.

1990 шықәсазы В. Арӡынба далхын Аԥсны Асср иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс. Убри аамҭазы Қырҭтәыла иреиҳаӡоу Асовет иҟанаҵеит алаҳәара автономтә Милаҭәқәа раԥыхра аҳәынҭқарра аҩныҵҟа. 1992 шықәсазы Аԥсны иҟанаҵеит аҭак 1972 шықәсазтәи аконституциа амчра шацәыӡуа, 1925 шықәсазы ирыдкылаз аконституциа аҽазнык амчра шаиоуа, уа ишазгәаҭаз ала Аԥсны иашьаратә республикан Асовет Еидгыла иахьалаз.

Асовет Еидгыла аилаҳамҭаз Владислав  Арӡынба дықәгыланы ирылаиҳәоит зхы иақәиҭу ҳәынҭқарран иҟаларц азы, иара убас уи иҟаиҵеит раԥхьатәи ашьаҿақәа Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиҟарара рымазарц.

Владислав Арӡынба 1992-1993 шықәсқәа рзы дҟаҵан Аҳәынҭқарра акомитет амилаҭ - хақәиҭтәра азықәԥара ахантәаҩыс. Ақырҭуеи-аԥсуеи реибашьра алагамҭаз В. Арӡынба ижәлар рахь иҟаиҵоит ааԥхьара: «Мы должны выстоять в этот трудный час, и мы выстоим, мы нанесем поражение тем, кто сеет смерть и разрушение в Абхазии».

 

Арҭ иажәақәа рнаҩс В. Арӡынба ижәлар ириҭоит адҵа инаскьарц аӡиас Гәмысҭа аладахьы ақалақь Аҟәа ааха ӷәӷәа амоурц азы. Аха усҟантәи аамҭаз Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара иҟаз аиҿцәажәара лыҵшәадахеит, ақалақь иаиоуит ааха ӷәӷәа.

Аибашьра анеилга ашьҭахь Владислав Арӡынба ишьаҿақәа еихигоит Урыстәылеи Аԥсни реизааигәахара, иара убас урҭ аиқәшаҳаҭра рыбжьаларц Урыстәыла ар аганахь ала.

1994 шықәсазы абҵарамза 26 рзы 12 тәи асесиаҿы ирылаҳәан зхы иакәиҭу ҳәынҭқарранны аҟалара иагьԥҵан иҿыцу аконституциа. Уи иақәшәо Аԥсны иҟалеит ипризидентә ҳәынҭқарран. Иаразнак асовет аӡбарала, усҟантәи аамҭаз хантәаҩыс иҟаз, В. Арӡынба Аԥсны аҳәынҭқарра президентыс далхын. Уи ашықсан 1997 ш. ԥхәынчкәынмза 6 идикилеит аиноугурациа.

 

Урыстәыла Афедерациа ашәарҭара амаӡаныҟәагаҩ ихаҭыԥуаҩ Борис Березовски изныкымкәа иҽазышәахьан иазаагара, аха зегьы лыҵшәадахеит. Иара хаҭала, мамзаргьы усҟантәи аамҭаз имаз хантәаҩс Анри Џьергьениеи иареи иалахәын ақырҭуеи-аԥсвеи реидыслара аҭышәантәалара иазкыз аиҿцәажәарақәа ООН абжьа ҟазареи Урыстәылеи рыбжьара.

1999 шықәсазы жьҭаарамза 3 рзы раԥхьатәи жәларзегьтәи абжьыҭираан В. Арӡынба аҽазнык далхын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас.

Аха иоуз ачымазара иахҟьаны, уи дзазымиааикәа 65-шықәса дшырҭагылаз 2010 шықәса хәажәкырамза 4 рзы иԥсҭазаара далҵуеит. Уи даара итрагедиа духеит аԥсуа жәлар рзы. Уи анышә дамадоуп дахьиз дахьааӡаз Ешыра ақыҭа, иԥсадгьыл аҵеицәа рааигәара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада ихьӡ ахыуп Аҟәа ақалақь амҩадуқәа руаки Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаз «Аҟәатәи».  

*** Геннади Аламиа Владислав Арӡынба изы игәалашәарақәа рҟынтәи «Владислав Арӡынба: «Ҳара аԥсра ҳазцон аԥсҭазаара азыҳәан!»

Шаҟантә аамҭа ԥсымҭә аажьышар ржьы ҭыхны инаҭо, иааӡышар ршьа наҿырхәхәо аԥсҭазаара азыхынҳәра рықәшәахьоузеи ԥсра зқәым сара сыжәлар!

Аҩбатәи азқьышықәса анҵәамҭазы еиҭа аԥсреи абзареи рҳәааҿ иааины иаагылеит. Аԥсынтәыла ҵәымаӷны згәы иззалымхәаз ус ҭынч ҳашындмырхоз еилкаан, аха ԥсы зхоу аԥсыуак днымхарц ҳгәылацәа рыжәлар ишырмеигӡоз агәрагара цәгьан. Уи еилкааны, еибашьрала зыгәҭакы еиқәаҵәақәа ирхьызмыгӡашаз амҩақәа рыԥшаара даҿын аҵарауаҩ ду, ажәытәӡатәии ҳаамҭазтәии аҳәынҭқаррақәа рҭоурых рдипломатиеи бзиӡаны иҭҵааны измаз Владислав Арӡынба. Аполитикатә цәгьахәыцрақәа зыцәтәымыз, уи идыруан уаа «ҟәӷақәак» идыргалоз ахьаҵрақәа еибашьрадагь аҵахара ишазҳәаз. Ҳажәлар рхыԥхьаӡара амаҷра зхы иазырхәарц зҭахыз ҳаӷацәа агәра дыргатәын, ианцәгьараха мшыннырцәи, нхыҵ-аахыҵи ҳашьцәа Аԥсны иҟоу аԥсуаа ирыдгыланы ишықәгыло. Абасала, рхы зыдԥырҽыло амчқәа шыҟоу агәра диргарц, аибашьра аламҭалазы Ҭырқәтәылаҟа ацара аԥшьигеит Владислав Арӡынба. Еилкаан, ҳазлазшәа ҳаҟаз, арахь ҳаӡбахә зымҳәаӡоз аконституциахь ииасыз аҳәынҭқарра ахы ахьхаз. Хазы иҟаны, Асовет едгыла еиҿызкааз ируаӡәкыз аҳәынҭқарра иара ахатәы конституциахь ҳаиасит, иҳадаҳкылеит Абираҟ, Аҳәынҭқаррратә дырга (Агерб). Ари еибашьран. Уи атәы аартны иҳәомызт, аибашьраз ацхыраара даҳәомызт В. Арӡынба, агәыӷра иман иҭынчымҩа аҵыхәтәанынӡа инеигап ҳәа. Аҳәынҭқарратә ҵакы змаз адкыларақәа, хыԥхьаӡара рацәала ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаиԥыларақәа хашҭра зқәым ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит. Дхынҳәит Владислав ԥхьаҟа изыԥшу аԥышәара хьанҭақәа дрыҵамхарц дызҭааз иуаажәлар рымч иманы, адунеи зегьы иаирбеит имаҷуп ҳәа аԥсуаа иаҳзырҳәо ҵаҵӷәы шамам. Аԥсуаа ирыман аӷацәа рхыԥхьаӡара иаҿадыргылашаз гәк-ԥсык ала ирзыҟаз адгылаҩцәа. Урҭ рыԥхьаӡара аҭахӡамызт.

Ҳажәлар зқьышықәсала иларҵоз абзеира аҭагалара аамҭа хьанҭа ааит. Убасҟан ауп, «Аԥсны заҵәушәа зыԥхьаӡо рыцҳауп. Схаҿы исзаагомызт адунеи ахьынӡанаӡааӡо арсҟатәи аҩызцәа ҳамоуп ҳәа!-аниҳәаз Владислав Арӡынба. Уи адунеи ыҵазырбгаша арыцҳарақәа ируакыуп ҳәа иԥхьаӡон џьоукы рымч шаҟа еиҳау аҟара рхы иааҭашәалак ҟаҵо ауаатәыҩса зегьы рлахьынҵа аӡбра иақәиҭушәа ахьырбо. Аибашьрамҩа анудыргала уи аҵыхәтәанынӡа хаҵарала ианыстәын, уаҵаханы уи амҩа ҟәараҟәантәны ухәда иахамшәарц. Аибашьра ахлымӡаах иалубаар акәын ужәлар рԥеиԥш зхылҿиаараны иҟаз Арыц. «Ҳара аԥсра ҳазцон аԥсҭазаара азыҳәан!- ҳәа Владислав иажәақәагь убри акән ҵакыс ирымаз.

Зықьҩыла Аԥсны ахьчацәа рыԥсҭазаара аԥҽыхақәа рыла ихҟьахеит нанҳәамза 15 инаркны цәыббрамза З0- нӡа аибашьра аҟынтә Аиааира аҟынӡа инагаз Амҩа. Уи амҩа ижәлар драԥхьагылан данысит Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Владислав Арӡынба. …Ахәы ҳаракқәа мцабызшәала агәырӷьаҽҳәашеи ашәаџьҳәареи Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа ишахьырыгӡоз еиԥш, ииасхьоу абиԥарақәа зегьы ирылыҳәҳәо иаарылагылоз жәлар Рҵеицәа Хьыӡкамшәақәа инеимда-ааимдо иааргоз ахақәиҭрахь Ааԥхьара даҽа зқьышықәсак ахәы ҳарак иаақәҩит. Аҵыхәтәан уи абжьы заҳаны, жәлар ргәаҵанӡа анагара зԥеиԥшхаз ԥсра зқәым Владислав Арӡынба иакәхеит…

 

«Саашәыкәхшоуп!» – Измаҳаз ддагәан,

Длашәын уи илыԥха зымбаз,

Насыԥ зқәшәҭуа ҟәаракаҿ ҳазнаган

Иҳахьша ихьырцаз ишаз

«Саашәыкәхшоуп!» – Аԥсны дазӡатәны,

Илаԥш ажәҩанахь ирхон,

Аамҭа зыбжьанҵәаз жәытәи ҿатәи

Еиԥгалан ижәлар еиқәирхон.

«Саашәыкәхшоуп!» – ибылра акәицқәа

Ирхылҵыз амца ҿымцәа еиқәуп,

«Саашәыкәхшоуп!» – изҭакыз ахыцқәа

Ԥыххаан ахақәиҭра мҩа иануп

Ижәлар, зԥеиԥш адунеи иаԥеиԥшу

Харантә иаауа – цоит хара,

Ирхыҩуа Ибжьы ҽа бжьык еиԥшым;

«Наунагӡа суыкәхшоуп Аԥсынра!»

 

 

 


Read 200 times - Аҩаша, 14 Лаҵара 2024 17:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.